Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Езаабеи Қапба: «Аҵыхәтәанынӡа иҟоуп агәыӷра»

Аԥсныпресс. Есышықәса, абҵарамза 13 рзы иазгәарҭоит зыла иамбо Жәларбжьаратәи  Рымш.  Ари арыцхә аламҭалазы 2009 шықәса раахыс Аԥсны зыла иамбо Рхеидкыла  ахантәаҩы  Езаабеи Қаԥба  аиҿкаара аусура атәы еиҭеиҳәеит.

Аицәажәара мариамхаӡеит. Ахеидкыла имаҷымкәа апроблемақәа амоуп, урҭ жәашықәсала иӡбамкәа иаанхоит, арахь иҟоу аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аԥсахразы авариантқәа зынӡа ирацәаӡам. Традициала ишышьақәгылахьоу ала, урҭ зегьы ԥарала аиқәыршәара ирыдҳәалоуп.  

Аха иџьоушьаша зынӡа даҽакуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа амина ахьиҵаԥжәаз иахҟьаны зынӡа дышлашәхазгьы,  Ахеилак ахантәаҩы аоптимизми агәамчи ирӡӡом, излауала зыла иамбо ацхыраара рыҭара иҽазишәоит. Уи злаиллиршо, насгьы аҵыхәтәантәи 14 шықәса рыла иарбан еиҿкаарақәоу ацхырааразы дзыдҵаалахьоу, уи лҵшәақәас иаиуз  уҳәа азҵаарақәа жәпакы дырзааҭгылоит.

  – Езаабеи Қаласа-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәондаз Ахеилак анаԥҵаз атәы?

 – Ари ҟалеит 1957 шықәсазы. Аҟәа ақалақь Чачхалиа имҩаҿы аҳәынҭқарра адгьыл азылнахит, ԥыҭрак ашьҭахь Қырҭтәыла зыла иамбо рхеидкыла ахарџь ала араҟа иргылан Аԥснытәи аҵара-аарыхратә наплаки уи  иаҵанакуаз ахыбрақәеи.

80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭаз, Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә ҭагылазаашьа ҩаԥхьа аибарххара иалагеит.  Анаҩс,  1991 шықәса цәыббрамза 27  азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала иарбоу адгьыл ахәҭеи араҟа иргылаз ахыбрақәеи имилаҭыртәит.   1992 шықәса хәажәкырамза 6 азы анапхгара аусбарҭа даҽа қәҵарак ҭнажьит, уи инақәыршәаны иарбоу аобиект Аԥсны ахатәтәрахьы ииасит.

   – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аиҿкаара аусура ишԥаныԥши? 

–Даара ианыԥшит. Аибашьра ашьҭахь уаҟа акгьы аанымхаӡеит, зегьы еимырҵәеит, ирҟәыбеит. 1994 шықәса жьҭаарамзазы Аҟәа ақалақь Ахадара адҵа инақәыршәаны, ҳара даҽа хыбрак ҳарҭеит, араҟа иахьа уажәраанӡагьы аус аауеит.   Уаанӡа араҟа иҟаз акондитертә фабрика иатәу ахәыҷбаҳча «Лакомка» акәын.

– Шәеиҿкаараҿы шаҟаҩы ашәҟәы иҭагалоузеи?

 – 2009 шықәсазы  Ахеидкыла ахантәаҩыс сҟалеит, усҟан зегьы раԥхьаӡа сусура сызлалагаз, аблабаразы аинвалидра змоу ауаа рсиа сазҵааит. Урҭ рхыԥхьаӡара 518-ҩык рҟынӡа инаӡозаарын. Ԥыҭрак ашьҭахь, ҳара ателехәаԥшреи акьыԥхьи рҿгьы аблабаразы аинвалидцәа ааины ҳаилазаараҿы ашәҟәы рыҽҭаргаларц азы аҳәамҭақәа ҟаҳҵеит. Дара иаҳзасуан, иарбан цхыраароу ираҳҭо иазҵаауан. Митәык идуум ҳалшарақәа ртәы анырзеиҭасҳәоз, аӡәырҩы ашәҟәы аҽҭагалара ҵакы амаӡам ҳәа ирыԥхьаӡеит. Иахьатәи аамҭазы ҳхеидкылаҿы ашәҟәы иҭагалоуп 45-ҩык, урҭ рахьынтә ԥшьҩык Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа роуп.

 – Шәара напхгара зышәҭо Аилазаараҿы ашәҟәы иҭагалоу ауаа рыбламбара аиҳарак мзызқәак иамоузеи?

  – Аиҳарак аибашьра иахҟьеит, аглоукома ҳәа иҟоу абла чымазарақәа ирыхҟьазгьы рацәоуп, иҟоуп ирыциизгьы. Убас  дыҟоуп, иаагозар, Аилазаара алахәылацәа зегьы реиҳа иқәыԥшу, уажәы 17 шықәса заҵәык зхыҵуа алахәыла Алеқсандр Агрба.  Иара Аилазаараҿы ашәҟәы дҭагалоуп хәышықәса анихыҵуаз инаркны, иҭаацәа изныкымкәа ахәышәтәразы Урыстәылаҟа дыргахьеит, аха, рыцҳарас иҟалаз, уи акала имыхәаӡеит.  Аиаша убас иҟоуп.

 – Аблабаразы аинвалидра змоу ауаа Аилазаара алахәылара ирнаҭозеи?

 – Ҳара иахьынӡаҳалшо ала, аматериалтә цхыраара рыҭара ҳҽазаҳшәоит. Аԥаратә цхыраагӡатәқәа реицҵалыҵ митәык идумзаргьы, уеизгьы хра злоу ҿиарак шыҟоу умбар залшаӡом. Иаагозар, 2009 шықәсазы зыбла иамбо ираҳҭаз  ацхыраара зеиԥшла жә-нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡозҭгьы, иҳаҩсыз ашықәс азы уи  332 400 мааҭ рҟынӡа иазҳаит.  

 – Шәара иарбоу аԥаратә малқәа рҳашьас иашәҭозеи?

 – Ҳара хыбрақәак қьырала ираҳҭоит, Аилазаараҿы иҟоуп амҿыуасҭаратә цех.  Уи аусура аҟынтәи иҳауа ахашәалахәы акыр имаҷуп, иаагозар, иҳаҩсыз ашықәс азы ацех аусура аҟынтәи бжьаратәла мызктәи ахашәалахәы цқьа 7 500 мааҭ рҟынӡа инаӡон.

  –  Ари ацех аҿы зыла иамбо роума аус зуа?  

– Рыцҳарас иҟалаз, ҳара аблабаразы аинвалидцәа ишәарҭамкәа аус аларуртә еиԥш иҟоу  ауасҭагақәа ҳамаӡам. Уаҟа аус иуеит аштат аҿы иҟоу  ауасҭа.

– Асовет аамҭазы ирацәан аблабара аганахьала апроблема змоу ауаа  русура иазкыз аарыхратә комбинатқәа. Иахьа Аԥсны аиԥш-зеиԥшу ҳәа акыр ыҟоума?

 – Ус еиԥш иҟоу анаплакқәа ыҟаӡам. Аилазаара алахәыла быргцәа ражәақәа рыла, аибашьра ҟалаанӡа Гәдоуҭа ақалақьи, иара Аҟәа ақалақьи рҿы иҟан ус еиԥш анаплақәа, араҟа иҭрыжьуан аԥараҭрақәа, ақьаадтә  еилаҳәарақәа, аимаақәа рзы ақьаад иалху аҭрақәа уҳәа.  Аха иахьатәи аамҭазы урҭ ыҟаӡам.

 – Иарбоу анаплақәа рыҟазааразы аҭахра ыҟоума иахьа?

 – Аусура зҭаху маҷҩуп, избан акәзар, ҳаилазаара алахәылацәа реиҳараҩык рықәрахь инеихьеит, урҭ лассы-лассы ичмазаҩхоит.  Иҟоуп зынӡа аиарҭа иамоугьы, урҭ аусура акәым, баша аибабаразы арахьынӡагьы изааӡом.

– Аилазаареи ақалақьтә окулистцәеи хазхаҭалатәи аблатә клиникақәеи аусеицуратә еимадара рыбжьоума?

 – Мап, ҳара ҳганахьала уи азы аҽазышәарақәа шыҟазгьы. Уимоу, сара С.Н.Фиодоров ихьӡ зху аклиника ашҟагь садҵаалахьеит. Урҭ ирымоуп аблачымазарақәа рышьақәыргылареи рыхәышәтәреи рзы ҷыдала еиқәыршәоу аӷба. Уи ҳамшынбаӷазахь иааны анҭыҵ ацара злымшо ауаа афтольмологиатә медицинатә цхыраара рыҭара еиҿнакаар ауан.  Аха, акгьы залмыршахеит. Иҟалар ҟалап, аҭыԥантәи ҳнапхгара аусбарҭақәа акала уи иацхраазҭгьы, џьара акы алҵызҭгьы. Сара ари азҵаарала асоциалтә еиқәыршәара Аминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи рахь садҵаалахьан, аха уи зегьы лҵшәадахеит.

– Шәара шәеиҿкаареи  Урыстәыла аиԥш-зеиԥшу аилазаарақәеи аусеицура рыбжьоума? 

– Мап. Сара изныкымкәа урҭ аҽрымадара сҽазысшәахьеит, аха лабҿаба акәым, ҭеллагьы уи сзалмыршеит.

  – Насыԥны, Аԥсны иҟоуп иҭышәынтәаланы аус зуа, ибзиоу ахашәалахәы змоу анаплакқәа. Урҭ рҟынтәи ишәыцхраауа ыҟоума?

  – 2009 шықәсазы сара ацхырааразы ашәҟәқәа  сышьҭит аилазаарақәа «А-Мобаил», «Аҟәафон», «Аԥснытәи амшынӷбарныҟәара», Аҟәатәи ауарашршырҭа азауад, «Сухумприбор», атакси амаҵзурақәа, «Аԥсныбылтәы», Аҟәеи Гагреи рхадарақәа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, иара убас Аҟәатәи аџьармыкьа хада ахь. Убас ала, Аҟәатәи ауараршырҭа азауад иҳанаҭеит х-нызқь мааҭ, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата – быжьнзқь мааҭ, Аҟәа ақалақь ахадара – 20 нызқь мааҭ, Гагра ақалақь ахадара –  50 нызқь мааҭ, «Сухумприбор» – жәанызқь мааҭ. Иааизакны иҟалеит 90 нызқь мааҭ. Убри ала ацхыраара аанкылеит, абар шьҭа  14  шықәса раахыс ацхыраара аҭара акәым, ҳашәҟәқәаҵәҟьа аӡәгьы рықәҿиҭуам.

– Уи мзыс иамоу ҳәа акыр шәызҳәома?

 –  Сара исзеилкаауам, абизнес ду иаҿу ҳара ҳзы абри еиԥш иҟоу азнеишьа ахьрымоу. Аиаша уҳәар ами, аӡәгьы ҳацхраара уалс идым. Ҳара иҳалшо ала ҳхала анхареи аӡәи-аӡәи аицхыраареи роуп. Маҷ-маҷ аҭагылазаашьа аҽарҽеиуа иалагеит, аха ҳара ҳхаҭа иҳамоу алшарақәа акыр имаҷуп. 

– Ҳара есымша Аилазаара хазхаҭалатәи ашьаҿақәеи агәыҳалалреи ҳрылацәажәоит. Аҳәынҭқарра аҟынтәи цхыраарас иҟои?

  – Ҳара аҳәынҭқарра аганахьала зынӡа капеик иадамзаргьы ацхыраара ҳмоуӡацт.  Акызаҵәык иҟаҵаз, 2009 шықәсазы Алеқсандр Анқәаб ицхыраарала ҳобиектқәа рхыбрақәа  еиҭашьақәыргылан. Аиашазы, аҵыхәтәанынӡа агәыӷра ыҟоуп ҳәа уҳәар алшоит.

– Шәара уаҩы дахьшәыхәаԥшуа, згәы каҳаз ауаҩы исахьа шәымаӡам. Иҳашәҳәондаз, иҟоу аҭагылазаашьа алҵшьаз ижәбозеи? 

– Сара сааҟәымҵӡакәа уи сазхәыцуеит, схаҿы еиуеиԥшым авариантқәа еилысхуеит. Иаагозар, ҳара атауарқәа рҭыжьра ҳалагоит, аха урҭ анаҩс џьара аҭира аҭахуп, арахь аџьармыкьаҿы аҭиразы аҭыԥқәа зегьы аанкылоуп. Иҳамоу ахыбрақәа зегьы еиҭашьақәыргыланы қьырала рыҭара ҳалагар, уи хра злоу ахырҳара аиур ҟалон. Ақьыраԥсала ҳара ҳлахәылацәа аныҳәақәеи аԥсрақәеи раан ада, абжьааԥынгьы адгылара раҳҭалар алшон. Аха ари авариантгьы апроблема ацуп. Ҳхатәы харџь ала арҭ ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара шықәсыла, жәашықәсала ҳаҿызаауеит. Иҟалоит, жәаҳәарада, аиҭашьақәыргыларазы ақьырагаҩцәа аадыԥхьалазаргьы, аха араҟагьы апроблема цәырҵуеит – иарбоу ахыбрақәа ҳара ҳмазараҿы иҟаӡам. Аӡәгьы иҭаххаӡом изтәу еилкаам, збаланс аҿы иҟоу рзымдыруа аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы рхатә ԥаратә малқәа рныхра. Сара хыхь амҿыуасҭаратә цех салацәажәахьан.  Ари авариант хра аланы иҟалар алшоит, аха уаҟа иахьа ишьақәыргылоу амаругақәа 60 шықәса иреиҳаны ирхыҵуеит, аҿыц акәзар, рыхәԥса шәнызқьқәа иреиҳауп.   Аха ҳара уеизгьы ҳгәы каҳажьуам. Зыла иамбо ржьара ҟалаӡом.

– 2009 шықәса раахыс иааиԥмырҟьаӡакәа Аилазаара анапхгара ашәҭоит, есыҽны апроблемақәа, аиҳарак ӡбашьа змам азҵаарақәа шәаԥхьа иаақәгылоит, ауаа џьара акала ацхыраара рыҭаразы иҟашәҵо рацәоуп. Излашәылшои ас шәлахҿыхӡа аанхара, шәгәы камыжькәа агәалаҟазаара бзиа аарԥшра?

 – Зынӡа исҭахӡамкәа Аилазаара ахантәаҩыс салырхит, усҟан ари Аилазаара алахәыласгьы сыҟамызт. Аха ҳара ҳуааԥсыра џьоукы ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рҿы аҽадцалара аарԥшра рылшоит, иҟасҵарыз, аиҳараҩык  ргәазыҳәара сақәшаҳаҭхар акәхеит. Иуадаҩыз анхамҩа соуит. Аха иаразнак еилыскааит, зегьы ирыцку ауаа шраку.  Зегьы сырзыӡырҩит, иҭысҵаауан, урҭ заку, рхы-иҭоу ргәы иҭоу, ражәеи руси еимадоу-еимадаму уҳәа. Агәаҭарақәак мҩаԥган, афинанстәқәагьы уахь иналаҵаны. Иаарԥшхеит аилагарақәа рацәаны, амцхәынҵақәа рбеит, иҟам-ианым ауаа ауалафахәы рзоужьра, аргыларатә маҭәахәқәа рыла амахинациақәа рымҩаԥгара уҳәа убас иҵегьы. Усзуҩцәақәак амхтәхеит. Убас, маҷ-маҷ аусурагьы еиҳа иҭышәынтәалахеит, еиҳа иаартхеит. Уи иабзоураны  ауаа еиҳа ацхыраара рыҭара алыршахеит.

Ииашоуп, ацхыраагӡатәқәа маҷуп, аӡәы изы ҩба-хәба нызқь иреиҳаӡам, аха уи зегьы ииашаны, ламысцқьала имҩаԥысуеит. Саргьы уахынла ҭынч сыцәоит. Даҽа ихадоу азҵаарагьы сазааҭгылар сҭахуп. Сара аинвалидразы Урыстәылатәи атәанчхәы соуеит, аха аԥсуа тәанчахәы ада уаҳа акагьы змауа ауаа маҷымкәа иҟоуп. Урҭ рыцҳасшьоит, ахәыҷы ԥшқақәа реиԥш ацхыраара рҭахуп. Сара макьаназы сзыԥсахуа, ииашаны аусура зылшо ауаҩы дызбом. Изулакгьы, исылшо ала ламысцқьала Аилазаара анапхгара аҭареи аҽырӷәӷәареи сҽазысшәоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me