Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Астудентцәа Рымш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәа зегьы Жәларбжьаратәи рымш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп: 

 «Акыр иаԥсоу Аԥсны астудентцәа! 

 Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит астудентцәа Жәларбжьаратәи рымш.

1941 шықәса абҵарамза 17 рзы афашизм иаҿагыланы иқәԥоз атәылақәа рахьтә астудентцәа жәларбжьаратәи реиқәшәараҿы ишьақәырӷәӷәан астудентцәа Жәларбжьаратәи рымш, аидгылареи акзаареи ирсимволны.

 Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа иаҳдырбоит 82 шықәса раԥхьа еиԥш, иахьагьы ҳарҭ зегьы абзиареи ацәгьареи рыгәҭа ҳашгылоу. Агәра згоит, Аԥсны астудентцәа, адунеи аҟны астуденттә еилазаарақәа реиԥш, акы иаламҩашьо аҵакы змоу абзиеи, аиашареи, аҿиареи адгылара шарҭо. Астудентра аамҭа, аԥхьаҟатәи аԥсҭазаараҿы аихьӡарақәа ауасхыр анырзышьҭаҵахо аамҭоуп. Аԥсны астудентцәа ирзеиӷьасшьар сҭахуп рзанааҭтә зыҟаҵара иахьынӡалшо аизырҳара.  Шәара иахьатәи шәеихьӡарақәа зеиԥшроу еиԥш ауп Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥшгьы шыҟало. Аҵареи аҭҵаарадырреи рус аҟны ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, агәабзиара, агәамч!"

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me