Аҧсны Аџьынџьтәылатә еиба­шьра аҟны Аиааира сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ахыҵуеит. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк иеиҧш игылеит Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа.
Жәытә-натә ахшара рацәа зааӡоз аҭаацәарақәа ҳаҭыр рықәын. Ахәыҷы рацәа ахьыҟаз ашҭақәа рҿы еснагь агәырҕьабжь ҭыҩуан.
Ҳәарада, 30 шықәса раҧхьа ҳажәлар зҭагылаз, ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирхыргаз, рхы-рыҧсы ақәҵаны рџьынџь шырхьчоз атәы еиҭаҳәашьа амам. Аха есааирагьы иуадаҩхо иалагеит аибашьра аӡбахә алацәажәара…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me