Ирхамышҭуа амш

03 Ԥхынгәы 2023 14:12
Ашколтә ҧсҭазаара ааныжьны, 11-шықәса аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәаны аҧсҭазаара амҩа ҭбаа ианыло ашкол аушьҭымҭацәа рзы абжьаратә ҵара ахыркәшара иазкыз агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аныҳәа мҩаҧысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны.

Ҳгәыӷреи ҳԥеиԥши…

03 Ԥхынгәы 2023 14:11
Шьала еиқәырхоу ҳтәыла аполитикатә хьыԥшымра аҽҳәаақәнаҵеижьҭеи абар, сынтәа х-жәашықәсак ҵуеит, ҩымз рнаҩс. Зынӡа ирацәамзаргьы, имаҷцәоуп ҳазҳәарым ари аамҭа. Убри аҟнытә, есымшааирагьы ҳауаажәларратә бзазараҿы иҵарны иқәгылоит ҳҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа азҵаара.
Рашәарамза 29 азы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азун. Абри азы адырра ҟанаҵоит Интерфакс.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me