Гал ахаҿра еиҕьхоит

30 Рашәара 2023 11:23
Гал ақалақь апарк хада аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Абар уажәшьҭа 30 шықәса иреиҳауп ари апарк аҟны акапиталтә ремонт ҟарымҵеижьҭеи. Хымҧада, апарк напы адкыланы ирыман, идыргылон атәарҭа ҿыцқәа, иблыз алашарақәа рыҧсахуан, аха уи азхомызт. Иахьазы апарк шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Зегьы раҧхьа иргыланы иҧсахын аӡцарҭақәа. Уи Асовет Еидгыла ахаан иҟарҵаз акәын.
Абасеиԥш рзуҳәар алшоит Аԥсны аибашьра ианалагылаз (1992-1993 шш.) иҩыз асалам шәҟәқәа. Урҭ аԥырҵон, аибашьра иалагылаз ҳфырхацәа рхәыҷқәа, рҩызцәа, рҭаацәа, мрагылареи, мраҭашәареи ҳажәлар еиҟәыгаз, изеиҭанамиааиуаз асалам шәҟәқәа цҳас ирыбжьан, гә́ырӷәӷәагас ирыман. Абарҭ асалам шәҟәқәа рышьҭра дхыланы, ҿыц аԥсы ахалҵеит еицырдыруа ажурналсит, аибашьра зегьы зкамера кны ҳфырхацәа ирыцалсыз, ааԥсара ззымдыруа Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа.
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр ҟазарала иқәдыргылеит асерб драматург Б.Нушич икомедиа «Лхаҵкы аминистр иԥҳәыс» Арежиссиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Есма Џьениа. Асценографиа Анри Дочиа, акостиумқәа – Ольга Загорскаиа.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me