Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

IT-акласс аартра

Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ аҟны иаадыртит IT-акласс. Уи аусура иаларгахеит, ари ашкол аушьҭымҭа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ицхыраарала. IT-акласс ахьыҟоу ауада иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәыршәоуп, уи 20 ҭыҧ амоуп. Аҵаҩцәа апрограммаҟаҵара, адизаин, акомпиутертә графика зларҵаша аноутбукқәа рзықәгылоуп.

«Ашколхәыҷқәа рзы акомпиутертә программаҟаҵара, адизаин аҵаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы рзаҧҵоуп. Араҟа иуҭаху зегьы уҵар ахьулшо ҭыҧуп. Иара убасгьы, имҩаҧугар ҟалоит инеиҵыху аҽазыҟаҵарақәа» – иҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа акомпиутертә техника азы аспециалист Левон Махласиан.

Ашкол адиректор Аида Кәарҷелиаҧҳа Инал Арӡынба ҭабуп ҳәа иалҳәеит иҟаиҵаз ацхырааразы, иазгәалҭеит аҵаҩцәа рзы акыр шаҵанакуа.

«IT-акласс аартуп Аҟәатәи 1-тәи, Тамшьтәи ашколқәа рҟны. Ҳара ҳхала аартра ҳалшо ҳаҟамызт азы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацхыраара ҳаиҭеит. Ари иара иаҧшьгамҭоуп. Ҳашкол дахьоушьҭымҭоу азы еснагь дазҿлымҳауп. Уаанӡагьы иаҳзааихәахьан акомпиутерқәа, аинтерактивтә классҕәқәа, алингафонтә класс» – лҳәеит лара. Лажәақәа рыла, иааизакны иҟаиҵаз ацхыраара миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Дарбанызаалакгьы ашкол аҿоуп адыррақәа рахь ишьаҿа ахьеихиго, аҵарадырра ауасхыр ахьышьҭаиҵо. Убри аҟнытә досу ишкол даналгалак, уи излаилшо ала адгылара аҭара, ҳаиҵбацәа иҵоураны реизҳараҿы ихәарҭоу шьаҿазар акәхап.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me