Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амаланыҟәа иақәтәоу «ргәаҕ» шьҭызхыз

Аҟәа Аҳабла Ҿыц аҟны даараӡа рхыҧхьаӡара рацәоуп алаҟьалақәа. Урҭ еиҳараӡакгьы тәарҭасгыларҭас ирымоуп аҳабла ауааҧсыра ршьапы неиҵырхырц, иаалеиҩеирц иахьындәылҵуа апарк аҟны.

Хаҭала сара алақәа бзиа избо среиуоуп, аха хылаҧшрада амҩа иану алақәа рҭыҧ иқәҳамҵар ада ҧсыхәа шамам еилыскаауеит.

Ауаҩы апроблема хаҭала икьымскәа, хырҩа азиуеит. Аха хаҭала апроблема данақәшәалак, уи аӡбара иадҳәалоу азҵаарақәа дрызҿлымҳахоит. Зыӡбахә цәырызгарц исҭаху азҵаара хаҭала саргьы искьысит. Уи уажәы акәӡам, хәбаҟа шықәса раҧхьа, сыҷкәын хәыҷы ицҳаит ала, усҟан агәырқәа, ахәшәқәа зҳәаз реиҧш иахәҭаз зегьы ҟаҳҵеит, даара ашәара ҕәҕәа ҳхаҳгеит. Убри ашьҭахь, ахәыҷы алақәа бзиа ишибогьы, хара-хара дрывсуеит.

Уи азмырхакәа, мышқәак раҧхьа, Аҳабла Ҿыц апарк аҟны амаланыҟәа дшақәтәаз, ала ихьӡаны ицҳаит. Ахәыҷы ала шицҳаз збаз ҳадеизалеит. Зықәра инҭысхьоу абырг «абри ала хымш раҧхьа саргьы исыцҳаит» иҳәеит. Анаҩсан, даҽа ҷкәына хәыҷык «ари ала саргьы исыцҳаит уажәааигәа» иҳәеит. Абасала, иҳацҳаз ала «иаҿыҵахәхахьоу» рацәаҩызаап. Ахәыҷы даашьҭыхны даҳгеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭахь. Ҳахьнеиз иҳазҵаит ҳахьынхо аҭыҧ, иарбану ахәыҷы ицҳаз уҳәа ашәҟәы анҵара иалагеит. Иаҳҳәоз иазыӡырҩуаз амедеиҳәшьа «иҟалеи, ари амчыбжь иалагӡаны шәара ажәеизатәи шәоуп ари ала зыцҳаз, иқәызго аӡәгьы дҟамлаӡеи?», –лҳәеит…

Ахәыҷы агәырқәа изыҟаҵаны ҳхынҳәит. Уи нахыс, есыҽны ала ҳахылаҧшлар акәхеит. Есхәылбыҽха апарк ашҟа сцон, ала ахьыҟоу, иахымҩаҧгашьоу збарц азы. Зыӡбахә сымоу ала амаланыҟәа иақәтәоу роуп еиҳарак ихҭакны иамоу. Сыблала избеит ашьшьыҳәа амаланыҟәа иақәтәаны инеиуаз ахәыҷқәа ирыхьӡаны ишрыцҳаз. Иџьаушьаша, иара даара алеишәа машьцоушәа аҽыҟаҵаны, аҽырҭынчны ашьшьыҳәа иштәоу, инаҵҟьаны ицҳауеит.

Адырҩаҽны сҿаҧхьа инхо ахәыҷы амаланыҟәа дақәтәаны дышнеиуаз, ихьӡаны ицҳаит. Уажәшьҭа еилкаауп, арсҟатәи ауаа ахьылеиҩеиуа, рыҧсы ахьыршьо аҭыҧ аҿы ари ала проблеманы ишыҟалаз. Уи анаҩсангьы, ари аҭыҧ аҟны ҵҩа змам алақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп даҽа лакгьы, амашьына иақәтәоу хҭазкуа. Иаашар хәлаанӡа амҩа иангылоуп, иҧаны амашьынақәа ирыҵаҧалоит, иреишуеит, аҧсҟы зку амашьына данҭыҵуа ицҳарц иалагоит. Агәаанагара сымоуп урҭ алақәа зны ма амаланыҟәа иақәтәаз, мамзаргьы амашьына аҧсҟы зкыз иакәымла ирызныҟәахьеит ҳәа.

Аибашьра ашьҭахь хылаҧшрада ақалақь иалаз алақәа, арахә, аҽқәа уҳәа акыр ирацәан. Иахьа маҷк аҭагылазаашьа аҽаҧсахит. Арахә раанкылара алыршахеит, зны-зынла анаара ишуҧылоугьы. Ӡбашьа змам акакәны иҟоуп зыӡбахә ҳамоу алаҟьалақәа рызҵаара. Иҟан аамҭақәа, алақәа инаргәыдҵаны ианыршьуазгьы, уаҳа ҧсыхәа анамоу. Уи хаҭала сара садгылаҩым. Насгьы Жәлар Реизараҿы аҧстәқәа рыхьчаразы азакәан актәи аҧхьарала ирыдыркылахьеит. Убри ҳасаб азуны шықәсқәак раҧхьа Ӡыгәҭа аҳаблаҟны иаартын хылаҧшрада иҟоу алақәа аамҭалатәи раанкыларҭа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, хлаҧшрада ақалақь иалоу алаҟьалақәа зегьы уи аҩны иазкуам. 

Абас ауаа ҧырхага рызҭо, ахәыҷқәа ргәабзиара ашәарҭара иҭазыргыло алақәа апарк аҟынтә рықәгара залыршахо-изалмыршахо еилаҳкаарц азы ҭелла ҳаҽлымаҳдеит ҧшәымада иҟоу алақәа аамҭалатәи раанкыларҭа иахылаҧшуа Виола Берзениа. Уи иазгәалҭеит, иахьатәи аамҭазы аҭыҧ шрымам алақәа рыдкыларазы. Лара лажәақәа рыла, иахьа хылаҧшра рзыруеит 50 ла инарзынаҧшуа. Акрырҿарҵоит, ирхәышәтәуеит, иахьынӡауала аҧшәмацәа рзырҧшаауеит, Аҧсны еиҧш уи анҭыҵгьы. Аамҭалатәи алақәа раанкыларҭазы ацхыраара ҟанаҵоит аҳәынҭқарра.

Виола Берзениа иҳаҧшьылгеит ҳадҵааларц Аҳабла Ҿыц аҟны иҟоу аҩнқәа русбарҭа ашҟа. Уаҟа иҳарҳәеит ари азҵара аӡбара дара ишрылымшо. Уи аус шадыруло Аҟәа ақалақь ахадара аҟны иҟоу аиҿкаара-хылаҧшратә усбарҭа. Урҭ ҭелла ҳаҽрымаҳдеит. Ҳақәдыргәыҕит амаланыҟәа иақәтәоу ахәыҷқәа «ргәаҕ» змоу ала аҭыҧ ишықәырҵо ала.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me