Аԥшӡара – асахьаҭыхҩы иблала

Аԥсабара зны-зынла рыцҳашьарада агәнаҳа ҟанаҵоит.

Шьоукы қәра дук аҟынӡа инамышьҭкәа, ари адунеи иаԥырганы, рыԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Леуарса Быҭәба сахьаҭыхҩык иаҳасабала ицәырҵшьа, иусумҭақәа рҵакы, рышьақәыргылашьа ала ҳҟазараҿы агәыӷра дуқәа здырҳәалоз дреиуан. Иаҳзынижьыз арҿиамҭақәа уи дырҵабыргуеит. Ҳазну амза анҵәамҭазы, иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан. Иқәра дуум.

Леуарса Быҭәба даниз амш – феварль 21 аҽны Абанк Амузеи аҟны иаартын асахьаҭыхҩы ииубилеи иазкыз аҟаза иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа иқәгылараҿы иҳәеит асахьаҭыхҩы имшира аҽны Амузеи аҟны иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара акырӡа зҵазкуа хҭысны ишыҟоу.

«Иахьа алшара бзиаӡа ҳамоуп Леуарса Быҭәба даҳгәалаҳаршәарц, еицакра зқәым уи ирҿиамҭақәа ҿыц ҳабла иҵҳажьырц азы. Раԥхьаӡа иргыланы, абри ауп ҳаидызкылауа», – иазгәеиҭеит амузеи аиҳабы.

Адунеи аҿы аԥшӡара ацәа зхам ҳәа егьыҟам, аха уи абара зегьы ирқәашьым, баҩхатәрала иҩычоу иакәымзар. Леуарса Быҭәба ҳара иаҳамбоз, ҳазвысуаз аԥшӡара иара илаԥш иҵашәон, нас шәыга хкыла еиламыртатакәа, дара-дара ааирбны, еинрааланы, иаҳагьы ирԥшӡаны аҭыхымҭа шьахәқәа рылихуан.

Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵа зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа илҳәеит асахьаҭыхҩы ирҿиара иаҷыда ҟазшьаны ишыҟаз иахьабалак аԥшӡара абара.

Иара убас, арҿиаҩы дыргәаладыршәеит, иусумҭақәа ирыхцәажәеит асахьаҭыхҩы Леонид Еныкь, Аԥсны Афырхаҵа Баҭал Кобахьиа.

Апоет, академик Владимир Занҭариа, Леуарса Быҭәба изку игәалашәарақәа ра­хьтә: "Уи абаҩхатәра Анцәа изанеишьаз дреиуан. Ицәгьамкәа ҳаибадыруан. Акырынтә снеиҧхьахьан Нарҭаа рсиужетқәа аус ахьрыдиулоз, Аҧсуа театр аҟны имаз ихатә ҟазарҭахь. Игәы шыбзиамызгьы, Леуарса уахи-ҽни еилымхкәа, аус иуан. Сара исызҳәом, уи иусумҭақәа авангард цқьа ҳәа изышьҭоу рныҧшуан ҳәа. Ирҿиараҿы иуҧылоит ҳаҧсуа мифологиа мацара акәымкәа, иҵегьы ирацәаны амифологиақәа. Урҭ философиа ҵаулала еиҧшьуп, убри ауп азҿлымҳара зрымоугьы. Иусумҭақәа рҿы иубоит даҽаӡәы инумбаало аҷыдарақәа. Дышқәыҧшыз хыҧхьаӡара рацәала зхатә хаҿра зныҧшуа ирҿиамҭақәа аҧиҵеит. Иара убас аибашьра ашьҭахьҵәҟьа Аурыс театр афоие аҟны акафе "Антракт" аҿы ацәыргақәҵа еиҿикааит. Ауаа аҟазара, арҿиара иазгәышьуан, ақалақь ҧыххаа ишьҭан, аибашьра иагәылсыз Леуарса иӡбеит ауаа иргәырҕьарц, рхьаа-ргәырҩа рхаиршҭырц. Леуарса Быҭәба – иналукааша сахьаҭыхҩуп, ари ҳацәымшәакәа иаҳҳәалароуп. Уи иусумҭақәа цәыругар алшоит Парижгьы, Мадридгьы".

Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иалоу Руслан Габлиа  абасдигәалаиршәоит: «Леуарса Быҭәбеи сареи аҵара еицаҳҵон Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы, нас – асахьаҭыхра Қарҭтәи  академиаҿы хышықәса уадак ҳаицыҩнан, ҳаинтересқәеи ҳдунеихәаҧшышьақәеи еиқәшәон. Дшыхәыҷыз Шеқспир иҧхьара бзиа ибон, аҟазара мыцхәы дазҿлымҳан. Иахьа абра ицәыргоу иусумҭақәа рыла иубоит уи аус ду дшаҿыз. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзынӡа, акаруаҭ дықәтәаны асахьаҭыхра даҿын, дахьымӡар ҳәа дшәон».

Асахьаҭыхҩы, аҿыханҵа еилызкаауа, гәыла-ҧсыла уи иазыҟоу ргәалашәараҿы наунагӡа даанхоит Аҟәа, Нарҭаа репос, аҧсабара  уҳәа егьырҭ атемақәа ирылхны аҧсы зхеиҵаз иҭыхымҭақәа рыла. Зегьы ҳзеиқәымҧхьаӡаргьы, акык-ҩбак ҳгәалаҳаршәап: "Ашьыжь", "Аҵыс", "Ахәылҧаз", "Европа амҵарсра", "Афродита лира" уҳәа Аҧсны мацара акәымкәа, адунеи аҿы ахьтәы коллекциа ҳәа изышьҭоу хазырҭәаахьоу, иргәылыҷҷауа. Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа цәыргақәырҵахьеит Америка, Франциа, Германиа, Италиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа.

Быҭәба Леуарса Алықьса-иҧа (21.11.1960–17.09.2007)  сахьаҭыхҩын, ҿыханҵаҩ-монументалистын, Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла далан. 1967-1975 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи абжьаратә школ №10  аҟны. Ашкол даналга иҵара иациҵеит Аҟәатәи  асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. Уи қәҿиарала даналга, 1979 ш. азы дҭалоит асахьаҭыхра Қарҭтәи аҳәынҭқарратә академиа аграфика афакультет. Активла ихы рылаирхәуан Аҧсны имҩаҧысуаз астудентцәа русумҭақәа рцәыргақәҵақәа. 1985 ш. азы Қарҭ иҵара хиркәшеит,идипломтә усумҭа ихьчеит ибзиаӡаны. Убри ашьҭахь Аҧсныҟа дхынҳәит, ихы-иҧсы, иҟазара, идырра зегьы асахьаҭыхра иазикит. 1986  ш. азы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит.

1989  ш. азы далахәын Ленинград ақалақь аҟны имҩаҧысуаз асоветтә авангард ацәыргақәҵа "Ленекспо". 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгыла далалеит. 1990 шықәсазы, аҧсуа сахьаҭыхҩцәеи иареи Германиа русумҭақәа рцәыргақәҵа  ыҟан. 1992 ш. азы Италиа (ақ. Генуиа), Колумб Америка дыӡхыҵижьҭеи 500 шықәса аҵра иазкыз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы иусумҭақәа цәырган.

Л.Быҭәба 1992-1993  шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Аибашьра анеилга, ҩаҧхьа ирҿиарахь диасит. 1994-1996 ш. рзы Аҟәа имҩаҧысит Быҭәба хаҭалатәи ицәыргақәҵақәа хҧа, убас 1997  ш. азы - Москва. 1998 шықәсазы Леуарса Быҭәба хадара азиуит арҿиаратә еиҿкаара ҿыц - "Аҧсны зхы иақәиҭу асахьаҭыхҩцәа Рассоциациа". 2000  ш. азы Москва агалереиа "Сара сколлекциа" аҟны еиҿкаан Л.Быҭәба хаҭалатәи даҽа ицәыргақәҵак. Леуарса Быҭәба егьырҭ аҧсуа сахьаҭыхҩцәа гәыԥҩык реиԥш Аҧсны асахьаҭыхҩцәа  Реидгылаеиҿнакаауаз аҳәаанырцәтәи ацәыргақәҵақәа ирылахәын – Шәача, Краснодар, Дон иӡыхгылоу Ростов, Нальчик, Маиҟәаҧ, Москва, Санкт-Петербург уҳәа.

1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 2000-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Леуарса Быҭәба ихы ҧишәо далагеит амонументалтә ҿыханҵаҿы. 2002 ш. азы имҩаҧысит "Нарҭаа репос", "Аҧсуаа рмифқәеи рлегендақәеи" ртемала имонументалтә рҿиамҭақәа рцәыргақәҵа.

Хыхь иаҳҳәахьеит, асахьаҭыхҩы "Ахьӡ-Аҧша" аорден аескизқәа дышравтору. Иара ихаҭагьы убри аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьан.

Борис ҚАЏЬИА

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me