Аԥсны аԥсҿыхҩы

«Ахақәиҭра абжьы» ацыԥҵәаха

Аибашьра зыхҭысуа ажәлар, зыԥсадгьыл аиқәырхаразы иқәԥо ажәларқәа еидызкыло, еиԥшызтәуа акырқәа ыҟазаап. Убри азы акәхап, Баирон дуӡӡагьы, аибашьра дақәӡбо изырҳәазгьы абас:

«Война священна только за свободу» ҳәа. Ус анакәха, иԥшьоу, иаҭаху аибашьрагьы ыҟазаап, уи акәын, ҳара аԥсуаагьы усҟан ҳазҿыз, ҳхы-ҳаԥсы ҳхашҭны, ҳаблақәа рылашара агәырҩа ишагнархозгьы, аиашарахь иҳамаз агәыӷра ашәымҭак иадамхаргьы изаҳцәымӡуаз. Убри азыҳәан акәын зԥацәеи, зыԥҳацәеи, змаҭацәеи Аԥсадгьыл ахақәиҭразы ԥсаҭатәҵас иазҭоз анацәа, андуцәа, адунеи акапан аҟара агәырҩа еиқәаҵәа хьанҭа иаҵаз, «шәнеибац, нанраа» ҳәа зыԥсы ҭаны, ирзынханы иҟаз рыҷкәынцәеи рмаҭацәеи, абџьар мца иацәымҵәахыкәа, хацәнымырха иахьеиҿагылоз ажәылара ашҟа изрыԥхьоз.

Ааи, ари лакәын, ари – ила­ԥшҿабоу, иаша хаҭоуп. Убри азоуп, иԥшьоу ҳара ҳиааира адунеи зегьы заршанхаз. Шә-нызқьҩык иреиҳамыз амилаҭ ԥшь-миллио­нҩык зхыԥхьаӡара ыҟаз ириааит ҳәа иџьашьо иахьанӡагьы изалацәажәо адунеи ахьынӡанаӡааӡо. Аха араҟа иазгәаҭатәуп даҽакгьы: ҳара иҳабашьуаз Қырҭтәыла мацара акәмызт, ҳара иҳабашьуан, адунеи аҿы иазхаҵоу аҳәынҭқаррақәа зегьы. Урҭ зегьы еидызкыло ООН ауп. Убри ООН акәзар, Амаӡаныҟәгаҩ Хада Бутрос Гали аԥхьа днадкыланы, еицҿакны Қырҭтәыла иадгыланы, Аԥсны хәыҷы иаҿагылан, мамзар Михаил Лермонтов XIX ашәышықәсазы «Робкие грузины» ҳәа ззиҳәаз амилаҭ (ҳабацәа урҭ адаӷь-шьа злоу ҳәа акәын ишырзырҳәоз), акыр рылшараны иауҟахыз. Убас, адунеи зегьы дара ишрыдгылазгьы, Владислав Арӡынба ифеномени ҳажәлар рфырхаҵареи ирыбзоураны Аиааира ҳгеит. Абарҭқәа зегьы уанрызхәыцлак, агәра умгарц залшом, ҳԥыза Владислав Арӡынба, Кавказ ажәларқәа ргенералиссимус ҳәа «де-факто» абри ахьыӡ ҳаракы иҽшаԥсеитәыз. Агәра згоит, ҳаԥхьаҟа уи «де-иуре» ҳәа ишыҟало. Абас схәыцрақәа сыртәыртәын, сызрылымҵуа сышгылаз аҭҳарцәҳәа сыккаӡа схәыцрақәа саарылнахит Аҟәа ахақәиҭтәра апозициа еиҳа-­еиҳа иацәыхарахо, ҳара ҳашҟа иааигәахоз ашәаҳәабжь. Акаҩҳәа рыбжьы ҵарыхәҵәаӡа ашәа иалыҩуан ҩыџьа аҭыԥҳацәа рыбжьы, урҭ аиҳәшьцәа-аибашьцәа Медеиеи Илонеи Кәакәасқьырԥҳацәа рыбжьы акәын.

Ҳаит, амарџьа, шәнеибац уара,
Ампыҵахалаҩ дҭархәаша!

Ҳнеилап Аԥсҳа ишьҭа ҳхыла,
Иҳаԥхьоит Арӡынба ибжьы.

Угәашьамх ырҵаруа, улшарақәа ҩбатәуа, угәы ырџьбаро ишгац игон ашәабжь, игон… Жәытәгьы-ҿатәгьы аԥсуа еснагь ицын ашәа. Уи ԥсҿыхган, гәырӷәӷәаган, ԥсҭазааран иара изыҳәа. Абри ашәа даназыӡырҩ ҳбаталион аибашьцәа руаӡәк даасыдгылан иазгәеиҭеит: «Заур, ашәа бзиоуп, исгәаԥхоит, ҳҭагылазаашьа зегьрыла иақәҿнаҭуеит, аха еиҳа еиӷьӡамыз «иҳаԥхьоит Арӡынба ибжьы» аҭыԥан «иҳаԥхьоит ҳ-Аԥсадгьыл абжьы» ҳәа иҟауҵазҭгьы ҳәа. Уигьы ганкахьала диашазар ҟалап, аха егьа ус акәзаргьы, усҟанҵәҟьаз, Мрагыларатәи Аԥсны ахәҭаҿы, Аԥсны аԥсҿыхҩы ԥааимбарк иаҳасабала ихәаԥшуан Владислав Арӡынба. Насгьы иҳәатәуп ажәытә ҵаула аамҭақәа инадыркны иахьанӡагьы, жәлар раԥхьаҟатәи рԥеиԥш лашазы, хамеигӡарала ираԥызаны зҿыназхаз ауаҩы, жәлар рыхдырраҿы Абрасакьыли Нарҭ Сасрыҟәеи дрываргыланы ишихәаԥшуа, убасҵәҟьа дшаанхо наунагӡа рыхдырраҿы. Саҭарымҵааит, аха усҟан Аԥсны аиҳабыра реилазаараҿы иҟаз дарбанзаалакгьы, иара идам здам аҽаӡәы изыгәаӷьуамызт уи иигәаӷьыз жәларык рразҟы аҭакԥхықәра ихахьы игеит. Уажәы, иахьа, аибашьра анеилга ашьҭахь зегьы «ҳфырхацәахеит», зегьы «ҳпатриотцәахеит». Мшәан, иҳамдыруеи, аибашьра ҟалаанӡагьы шьоукы-шьоу­кы рхы­мҩаԥгашьа, ианыҟалагьы ицәыҵагыланы «ирҟәындҟәындқәоз». Иҟами иаахтны аӷа ишҟа ииасызгьы. Иаҳхашҭма?.. Ус анакәха, аиаша ҳәалатәуп, са сгәанала, аҳәара мацарагьы азхом, иҩлатәуп. Ҳара ҳабиԥара еиуоу есқьынгьы рыԥсы ҭаны изыҟазаауам. Аԥсабара иара ахатә ԥҟарақәа амоуп, иара атәы ҟанаҵоит. «Аиашаҳәара аԥсы даргылоит», – рҳәоит аԥсуаа. Ажәлар бзиа дырбеит рҵеи иаша, рҵеи хьӡырҳәага, бзиа дырбеит ан лԥа бзиа дшылбо еиԥш. Ажәлар уи ишҟа ирымаз абзиабара шрымаз иахьанӡагьы иаанхоит. Агәрагангьы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟагьы уи иахь ирымоу абзиабара хьшәашәара шамыхьуа. Избанзар, «ажәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом, иалнахыз далнахит, иаԥсам дабаӡом» (Б.Шьынқәба).
Сара, ҳарҭ аԥсуаа, аҵыхәтәантәи ашықәсазы иаҳхаагаз агәа­ҟрақәа санрызхәыцуа, есқьынгьы сыхдырраҿы иааиуеит Алеқсандр Герцен ԥсра зқәым иажәа хшыҩрҵагақәа. Уи иазгәеиҭон: «Чтобы сложится в княжество, России были нужны варяги». Чтобы сделаться государством– монголы». Аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы, Аԥсынгьы ихьыԥшым ҳәынҭқарраны аҟаларазы иаҭаххеит ақырҭцәеи, аԥсуаа ҳ-Христос ҳәа сара еизгәдурала зыӡбахә сҳәало, Кавказ зегьы аԥа-хьыӡкамшәа Владислав Арӡынбеи.

Апоет, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Владимир Занҭариа изикыз иа­жәеинраала аҿы ишазгәеиҭаз еиԥш иара «даԥшәмахеит аԥс­уаа рыԥсы».
Сҩыза гәакьа, зыҷкәынзаҵә ­аи­­­б­а­­шьраҿы дҭахаз, зха­ҭагьы аи­ба­шь­ра иалахәыз, уаанӡагьы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активистцәа иреиуаз, апатриот иаша Рауль (Витали) Қацәба иажәақәа: «Владислав аԥсуаа ҳамацара ҳакәӡам зыԥсы даԥшәмахаз, уи рыԥсы даԥшәмахеит, дагьаԥшәмоуп адунеи ажәлар маҷқәа зегьы. Избанзар, ҳара аԥсуаа, иара инапхгарала, ахақәиҭраз ҳақәԥара адунеи зегьы иаирбеит, иаирдырит Анцәа ду иҿаԥхьа, амилаҭ рацәа, амилаҭ маҷ ҳәа еилымхкәа зинла зегьы шеиҟароу атәы…» Ари ҳзықәшаҳаҭымхаша амуа факт лаԥшҿабоуп. Ааи, аҭоурых ҟазҵо ажәлар роуп, аха Ахаҭарагьы ыҟамкәа… Ԥыза дызмам ажәлар ԥеиԥш рымаӡам… Ҳәарас иаҭахузеи, Аԥыза ҟәыӷа… Иагьфактуп, Владислав иакәзар, Лакобеи Ешбеи злагаз рус наигӡеит. Уи алагьы иршанхеит ҳаамҭазтәи адунеи…
Ажәакала, исҳәарц исҭаху, Арӡынба идукылаша хаҭара нагак, макьаназы Аԥсҳа Леон иаамышьҭахь Аԥсны уаҩы дмиӡацт. Аԥсны акәым иара Кавказ зегьы ахьынӡанаӡааӡогьы. Иҟалап, иара Леон иаасҭагьы ддузар… Даҽаӡәы игәы иаанаго сара исыздыруам, аха сара сгәанала, уи Леонгьы диеиҳауп. Избанзар, адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьы еидызкыло «рыҩнаҭа» ООН ауп, иара уи ООН акәзар, Қырҭтәыла иадгыланы, ҳара аԥсуаа иаҳҿагылан. Ус анакәха, Владислав Арӡынба ижәлар драԥхьагыланы, адунеи зегьы аҳәынҭқаррақәа дырҿагыланы деибашьит ҳәа ҿыӷәӷәала аҳәара азин ҳамоуп. Ари аҩыза ахҭыс, адунеи ауаатәыҩса рҭоурых ианымлац фактуп. Ааи, ус шакәугьы, абри аибашьра хлымӡаах ҳара ҳиааирала ихыркәшан.

Асовет ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы В.И. Ленин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Германиатәи буржуазиатә газеҭк аҿы икьыԥхьын Ленин иԥсра иазкны статиак агазеҭ («Prager Tageblatt»), уаҟа иаҳәон абас: «Велик, недоступен и страшен кажется Ленин даже в смерти». Абарҭ ацәаҳәақәа Владислав Арӡынба изкны ирҳәазшәаҵәҟьа иара инаалоит. Уи иҳаракреи идуреи рҟынӡа макьана аӡәгьы аҩаӡара шрылымшо зегьрыла еилкаауп. Уи, Владислав, цә́ала-жьыла иԥсҭазаара дшалҵхьоугьы, иара идоуҳамч ахыԥша иарӡыӡоит иахьагьы, агәыҭҟьа иарго, адәныҟатәи ҳаӷацәа.
Владислав Арӡынба ифеномен ҳаԥхьаҟа адунеиаҿтәи аҭҵааҩцәа дуқәа аӡәырҩы азхьаԥшлашт. Хшыҩрҵагас, мҩақәҵагас аԥсҭазаара мҩа ҭырҵаалоит. Ааи… Сара агәра ганы сыҟоуп, адунеи аҭоурых ыҟанаҵ уи ԥсра-ӡра иқәымкәа дшыҟало. Ҳара аԥсуаа насыԥ змаз жәларын, избанзар ҳажәлар дрылҵит адунеи зегьы аполитикатә хырхарҭа анырра азҭаз, иахьагьы иазҭо Ауаҩы – Владислав Арӡынба.

З. Гындиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me