Август 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра ианалагаз инаркны 15 шықәса ҵит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымштәи аибашьра». 2008 шықәса август 8 ауха икахха ацәа иалаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын: ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара. Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа…