Славики Сеуеи Ҳаџьымаа, ҩыџьа аишьцәа, аиҳаби аиҵби. Уанырбалак рхаҿы рхаччо ада аҧсшәа зымҳәоз ауаа разқәа. Аха рыҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, аӡәы ишьҭахь агылара акәым, зегьы раҧхьаӡа аҕа иҿагылаз ируаӡәкхаз.

Сгәы зыздуу сҩыза…

11 Нанҳәа 2023 08:44
Аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи 30 шықәса ҵуеит сынтәа. Аҧсны иахьа зхы иақәиҭу ҳәынҭқарроуп. Уи амш еиқәаҵәақәа ҳхысижьҭеи еиҵагылеит аҿар, иҟоуп аибашьра ашьҭахь ииз, зызхара забацәа рхаҿсахьа агәынкылаха иахьымӡаз, забацәа зыҧхаз.

Аби аҧеи

11 Нанҳәа 2023 08:42
Ишдыру еиҧш, сынтәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Лассы-лассы ҳҩымҭақәа акьыҧхь ианаҳҵоит Аҧсны ахақәиҭра азаазгаз афырхацәа ирызкны. Урҭ наунагӡа хашҭра рықәым Аҧсни аҧсуа жәлари ыҟанаҵ.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me