Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҩыза изы ажәа

Д.С. Бжьаниа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны.

Зажәеи зуси еснагь еицыз, еицырдыруа аҵарауаҩ-археолог Демур Семион-иҧа Бжьаниа иҟамзаара иагьа аамҭа рацәа царгьы иуадаҩуп адкылара.  Д. Бжьаниа ҧсабаралеи доуҳалеи иӷәӷәаз, ибеиаз, аҟыбаҩ ҷыда злаз уаҩын. Аҧсуареи аламыси дырзышәаҳәаҩын, аҩыза изы дгәыбылҩын, дыгәраган. Ҳәарада, аҭҵаарадырраҿгьы убас дыҟан. Археологиа имариам азанааҭқәа ирхыҧхьаӡалоуп. Адәныҟатәи аҧшаарақәа ауаҩы дыҧнашәоит, еиуеиҧшым иҟазшьатә ҷыдарақәа цәырнагоит. Д.Бжьаниа дахьыҟазаалакгьы иаамсҭашәареи иуаҩреи аҳра руан, ус иҟан иара иҟазшьа, идунеи.

Д. Бжьаниа диит 1953 шықәса абҵарамза 3 рзы   Аҟәа ақалақь.  1971 шықәсазы  Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи аԥсуа школ далгоит. Уи ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи арҵаҩратә институт. Арратә уалԥшьа анихига ашьҭахь  Д. Бжьаниа иҵара ииаигоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет ашҟа. Уаҟа иҵара аныхиркәша аусура далагоит Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҟны. Иара убраҟа аус иуан иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа.

Жәаҳәарада, Д. Бжьаниа археолог – аҭҵааҩы иаҳасабала ишьақәгылара зыдҳәалоу еицырдыруа  аԥсуа археолог В.Бжьаниа иоуп. Уи усҟан, 1968–1988 шш. раан, СССР Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәыз Москватәи археологиатә институт аусзуҩыс дыҟан. Хаҭала  инапхгарала Тамшьтәи Бамборатәи аиланхарҭақәа рҿы имҩаԥысуаз археологиатә ԥшаарақәа раан ауп иқәыԥшыз Демур аԥышәа ду ахьиоуз. Уаҟа иҵеит иара ажышьатә методикеи, археологиатә материал аҭҵаашьеи, аус рыдулашьеи. Д. Бжьаниа аџьабаа рацәеи амч дуи рықәирӡит ихьшәоу аџьази заатәи аихеи раамҭа иатәыз Тамшьтәи аиланхарҭа аҭҵаара. Рыцҳарас иҟоу, ари аҩыза илыԥшаалыху абаҟа иазку аматериалқәа аҭҵаарадыррала ахархәара инҭкааны рыҭара дахьымӡеит.

Иԥсҭазаараҿы иус хаданы иҟан ҳәа азуҳәар алшоит 1979–1980, 1984 шш. раан Гагратәи аԥсыжырҭаҿы иаарԥшыз аԥшаахқәа. Урҭ аԥшаарақәа  ирыцҵан 2000 шықәсазы. Иахьазы уи аԥсыжырҭа инагӡаны иҭҵаам. 2009 шықәсазы 126 нышәынҭра ҭҵаан. Урҭ аматериалқәа инарықәыршәаны В. Бжьаниеи иареи иркьыԥхьит амонографиа «Гагратәи ижәытәӡатәиу аԥсыжырҭа» захьӡу. Аусумҭа кьыԥхьын аԥсыжырҭақәа рпланқәа арбаны, комплексла еихшаны. Ари аԥсыжырҭа аамҭала иаҵанакуан XIl–VIII, ма X–VIII ашә. Ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа (ҳара ҳгәаанагарала аҵыхәтәантәи аамҭа еиҳа аҵабырг иазааигәоуп). Ари абаҟа иунарбоит колхидатәи акультура алокалтә вариант. Иара убри аамҭазы араҟа иалан протомкоттәи абаҟақәа ргәыԥи Аҩадатәи Кавказ кобантәи ажәытәратәи аелементқәа.

Археолог ақәҿиара зцыз иусура ааннакылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992–1993 шш.). Демур Бжьаниа аибашьра далагылан. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан ауп ианырыблыз Аҧсуа институт. Наӡаӡа амца иалаблит археологиатә материалқәеи, архиви, абиблиотекеи. Иҟалап, иҭаацәаратә трагедиеи, аибашьра ашьҭахьтәи аблокадеи, аинститут аҿы ишьҭаз аматериалқәа ахьицәыӡызи рзы акәзар икандидаттә диссертациа ихьчаанӡа Д. Бжьаниа иԥсҭазаара зыркьаҿыз. Уи аиҳарак ҩны ихиркәшахьан 1980 шықәса анҵәамҭазы.

Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы аҧсҭазаара ҭышәынтәало ианалага археологиатә усурақәагьы хацыркын. Иара дызлахәыз археологиатә усурақәа ирылаган Ҩыҧсы ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥаҿи, заатәи абжьаратәии ашәышықәса иаҵанакуа Гагра араион аԥсыжырҭаҿи. Ихадароу хҭысны иҟалеит иара изы 2001–2006 шш. раан раԥхьатәи аԥсуа-аурыстә експедициа иалахәхара. Урыстәыла аганахьала хадара азыруан апроект И.В. Горлови И.М. Безрученкои. Усҟан Аҟәатәи абаагәараҟны иҭҵаан V–VI ашә. аҩбатәи азбжа иаҵанакуа аныхабаа, 2005 шықәсазы Д.Бжьаниа аҭҵаара далагеит иааҟәымҵӡакәа арҳәцәа иҵадырбгоз, ианаамҭаз даара ибеиаз Аҽымардатәи аԥсыжырҭа. Аҽымарда аԥшаарақәа анымҩаҧыргоз иԥшааит Цандрыҧшь аҳапы. Уаҟа аҭыҧ рыман заатәи аџьазтә шәышықәсеи адольментә гәыҧқәеи. Иара убас иҭҵаан Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан заатәи аихатә шәышықәса иаҵанакуаз аиланхарҭа. Аҵыхәтәан, 2008 ш. инаркны Д. Бжьаниеи И. Ҵнариеи еицҭырҵаауан даара аинтерес ду змоу, макьанагьы цқьа аҵыхәтәанӡа иҭҵаам, аенеолит аамҭа иаҵанакуа Оҭҳаратәи аԥсыжырҭақәа.

1998 шықәсазы Д. Бжьаниа аусура далагеит В. Бжьаниа инапхгараҟны иҟаз Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхтә баҟатә ҭынхара аусбарҭаҿы. Ашьҭахь, 2010 ш. ихаҭа ари аусбарҭа деиҳабхеит. Ари аусура иаҭахын аԥшыхәратә усурақәа, аекспедициақәа реиҿкаара, иахьатәи аҳҭнықалақь аҩнуҵҟа еиқәханы иҟаз абаҟақәа рыхьчара. Ари аусқәа зыжәҩа иқәлаз иакәын Д. Бжьаниа.

Иазгәоумҭарц залшом Д.Бжьаниа ироль археологиатә конференциақәа реиҿкаараҿы. Урҭ рызкын археологцәа хатәрақәа И.Воронови, М. Ҭраԥшьи, Гь.Шамбеи. Аԥсны анаукатә блокада аԥыхразы раԥхьатәи шьаҿаны иҟалеит Д.Бжьаниа активла дызлахәыз, «Кавказ аҭоурых, акультура, аҵасқәа, абызшәа» зыхьӡыз аконференциа. Раԥхьаӡа акәны ари аконференциа иалахәын Урыстәылатәи археологцәа. Урҭ рахьтә аӡәырҩык ашьҭахьгьы иара Д.Бжьаниа ицны имҩаԥыргон археологиатә усурақәа, еицыркьыԥхьуан астатиақәа, ирзааҭгылон Аҧсны ажәытәӡатәи аҭоурых аганахь ала ицәырҵуаз аимак зцыз азҵаарақәа.

Аҧсуа ҭҵаарадырра, хаҭала археологиа ахырхарҭаҿы Д.Бжьаниа илагала акырӡа идууп. Аҵарауаҩ иусумҭақәа хәы змаӡам ҭоурыхтә баҟоуп. Аҩыза, аҵарауаҩ Демур Семион-иԥа Бжьаниа игәалашәра ҳацзаауеит наунагӡа.


А.ЏЬОПУА,

Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me