Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәлымҵәахқәа рҿаԥхьа имчыдоуп аԥсра

Абри аҩыза алкаа ҟасҵоит адипломат қәыԥш, аҵарауаҩ, ганрацәала здырра ҳаракыз Адгәыр Чегиа изкыз апоезиа ахәылԥаз сахьалахәыз.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны апрофессор, еицырдыруа ажурналист Екатерина Бебиа лнапхгарала ажурналистика астудентцәа еиҿыркааит Адгәыр Виктор-иԥа Чегиа ипоезиа ахәылԥаз.

Ахәылԥаз ашҟа иааԥхьан автор иҭаацәа, аус ицызуаз иҩызцәа, аҵара зирҵоз астудентцәа.

Насыԥ духарын ари ахәылԥаз далахәызҭгьы ашәҟәқәа ҩба «Поле контрастов», «Монолог» аԥызҵаз Адгәыр Чегиа. Иара идунеи иԥсахит шықәсыбжак аԥхьа. Дазцеит изаацәан даҽа дунеик, игәыблыра ду, игәалашәара лаша дыздыруаз ирызныжьны.

Иџьоушьаша зҵакы ҵаулоу ажәеинраала ссирқәа аԥызҵаз, занааҭла идипломатыз Адгәыр апоезиаҿгьы ихатәы дунеи ҭбаа шимаз, абаҩхатәра ҷыда шилаз зегьы ирыздыруамызт. Уи азын акәхап ахәылԥаз аиҿкааҩ Екатерина Бебиа «Ҳааигәа иҟан иҳазгәамҭаз», ҳәа аыхьӡылҵазгьы. Ицәыримгоз  ипоезиа ҵаула агәылаԥшра иазкын ари аиԥылара.

Ауниверситет ажурналистика астудентцәа Аделина Царгуш, Лана Коф-оглы, Софиа Жьиба, Лолита Ӡаԥшьба, Милана Кәыҵниа, Ека Цуциниӡе, уҳәа исахьаркны, аԥсы ахаҵаны иаԥхьон Адгәыр Чегиа иажәеинраалақәа. Автор дыҩуан урысшәала, астудентка Мадина Амҷԥҳа аԥсышәала илырцәажәаз ажәеинраала даԥхьеит.

Амцабз ҳабылуеит, иҳалҟьоит ахҿа

Аԥшӡара иашаз адауаԥшьқәа

Аимгаеимцара иаҳнарҵоит

Ҳхатә лахьынҵа аԥҵара…

14-шықәса зхыҵуа Адгәыр Чегиа иԥҳа Наала Чегиа даԥхьеит лаб иажәеинраала, уи дырбан авидеонҵамҭала. Автор иаҳәшьа Асҭанда Чегиа-ԥҳа лықәгылара угәаҵанӡа уеилнашьаауан, уцәа уҭанарӡыӡон аиаҳәшьа лылабжыш зхьыӡсоз ажәеинраалақәа.

Аиԥылараҿ дықәгылеит Адгәыр Чегиа Адәныҟатәи Аминистрраҿ аус зциуаз: иахьа ауниверситет апроректорс иҟоу Максим Ӷәынџьиа. Иара дазааҭгылеит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет афакультет аҿы иусура атәы. «Даара иҵаулаз ҩызан, даҳзаамыртызар ҟалап ианаамҭаз. Сгәанала иажәеинраалақәа рымацара ракәым иаҳзаанижьыз, иаҳзынижьит аҳәамҭа еиԥшу аилкаа: бзиа шәеибабала, шәааигәа иҟоу деилышәкаала ибзианы, иҟалап уи акы дацәыԥхашьозар, ихы изеиҭамҳәозар, дӡыргатәызар, шәеицхыраала, абасшәа иҟоуп ҳҩыза ҵаула  иааԥхьара», – иҳәеит иара.

Гьаргь Думаа иқәгылараҿы игәалаиршәеит Адгәыр Чегиа дипломатк иаҳасабала иусура атәы. «Адгәыр Чегиа Аԥсны деицырдыруеит дипломат дуны. Имаҷымкәа аџьабаа ибеит.  Ҳара ҳазхазҵаз атәым ҳәынҭқаррақәа зегьы рахь дцаны, дахьыҟаз зегьы реиҳа ихадаз адокументқәа иара инапы иҵижьит, идырра ааирԥшит. Дышпоетыз сара ианеилыскааз ааигәаӡоуп, ишәҟәқәа санрыԥхьа абри инагӡаны дысзымдырӡозаарын ҳәа агәаанагара соуит. Иҭабуп иаԥсоу ҳҵеи изы абри аҩыза еиҿызкааз», ҳәа ихиркәшеит уи иқәгылара.

Агәалашәара ажәа лҳәеит аҵыхәтәаны иара аус ахьиуаз, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ркафедра аиҳабы Есма Гәыргәылиа, лылаӷырӡ дарцәажәомызт лҩыза дахьихцәажәоз, «иҟәыӷаз, иразыз, мҽхакы ҭбаала здыррақәа ҳаракыз, иарбан зҵааразаалак узиазҵаауаз узиӡбон, астудентцәа драрӷьажәҩан. Ҳара даҳцәыӡит аҩыза лаша». Агәалашәаратә ажәа рҳәеит убасгьы астудентцәа Сариа Аргәын-ԥҳа, Ҭемыр Ԥлиа.

Аиԥылара хыркәшо уи аиҿкааҩ Екатерина Бебиа-ԥҳа иҭабуп ҳәа лаҳәо ашәҭ шьыҵәрақәа ллыркит, аҵеи лаша Аԥсны дазызааӡаз иан Медеиа Чегьиа-ԥҳа. Шықәсы рацәала ҳҵараиурҭа хада аҿы аҿар еиҵазааӡо лааӡамҭа даҽакалагьы ҟалашьа имамызт.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me