Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арратә ҵараиурҭа 23 шықәса

Аҟәатәи иреиҳау арратә дҵаҟаҵаратә́ ҵараиурҭа аартуижьҭеи 23 ш. ахыҵра иазкынап атәылахьчара  Аминистрра  аҟны имҩаԥысит  агәырӷьаратә еилатәара.

Уи рхы аладырхәит аминистрра анапхгареи, аҵараиурҭа арҵаҩцәеи, зхыԥхьаӡара маҷҩым аушьҭымҭацәеи.

Арратә ҵараиурҭа аԥҵан  октиабр 31, 2000 ш. рзы Аԥсны атәылахьчара ами-нистр идҵаҟаҵарала.  Уи аахыс ззанааҭтә зыҟаҵара ҳараку жәаҩыла афицарцәа  еиҵазааӡахьоу иреиҳаӡоу арратә рҵаратә ҭыԥ хаданы ишьақәыргылахеит.

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа  аусмҩаԥгатә иалахәыз дрыдныҳ́әало: «Аҵараиурҭа аԥҵареи аҿиареи аҭоурых иузаҟәымҭхо  иадҳәалоуп Аԥсны Арбџьар мчқәа рҭоурых. Уи аԥҵоуижьҭеи атәылахьчара аминистрра анапхгара хәы змоу аҳамҭақәа рыла иалыркаахьоу афицарцәа акыр  рабиԥарақәа еиҵанааӡахьеит. Аушьҭымҭацәа аӡәырҩы ҳтәыла Арбџьар мчқәа рҟны аҭакԥхықәра ҳаракы зцу амаҵурақәа ныҟәыргахьеит. Иахьа аҵара зҵо гәеизҳаразароуп асеиԥш заҳаҭыр ҳараку аҵараиурҭаҟны шәдырра аизырҳара ахьшәразҟхаз.

Зԥышәа ҳараку арҵаҩратә еилазаара еснагь рдырра еиздырҳауеит Урыстәылатәи зыхьӡ-зыԥша  хара инаҩхьоу арратә ҵараиурҭақәа рҟны.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ажәҩан лаша Аԥсадгьыл ахьчаразы ихырҳагоу аусура» – ҳәа азгәеиҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me