Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ақьиара ҳаиднакылоит

«Абзиабара ҳарқьиоит, ақьиара ҳарҕәҕәоит»  еицырдыруа арҭ ажәақәа иҳәахьан ашәҟәыҩҩы Лев Толстои.

Ииашаҵәҟьаны, ақьиара ауаҩы ициуа ҟазшьоуп, уи аҧсҭазаара иахәҭакуп. Дыҟаӡам зынӡа рыцҳашьарак, қьиарак злам , аха даара имаҷҩуп ауаҩы ицхрааразы агәаҳәара аазырҧшуа. Мышкы иадымхаргьы ақьиа усқәа аҽрызкра хықәкыс  иҟаҵаны иаҧҵан Ақьиара амш. Иара адунеи аҿы иазгәарҭоит ноиабр 13 рзы. Аҧсны раҧхьаӡа акәны ари амш азгәарҭеит аашықәса раҧхьа, уи  аҧшьнагеит  агәыҳалалратә  фонд  «Ашана». Уи аахыижьҭеи иааиҧмырҟьаӡакәан есышықәса,  ҳтәыла ашколқәа жәпакы алархәны ари амш аҽны агәыҳалалреи ақьиареи ирызку акциақәа  еиҿыркаауеит.  

Ноиабр 13 рыҽны абжьаратә ҵараиурҭақәа рҟны имҩаҧган ақьиара иазку аурокқәа. Урҭ рхықәкы-ахәыҷқәа ақьиара закәу деилыркаара, ауаҩ қьиа иус бзиақәа рыла ахыҧша ширҳауа, ақьиара аҧсҭазаара ишахәҭаку рзеиҭаҳәареи, аҿырҧштәқәа рыла реилыркаареи роуп. Ашколхәыҷқәа ракәзар, еиҭарҳәон дара рқьиара аазырҧшуа ажәабжьқәа. Аӡәырҩы иазгәарҭон иҵегь ианеиҵаз инаркны агәыҳалалра закәу шырдыруаз, избан акәзар уи аҩны ирбахьеит, улшарақәа изларуа ала ацхыраара  аҟаҵара рҭаацәа ирҿырҵаахьеит. Асеиҧш аусмҩаҧгатәқәа ахьеиҿкааз ашколқәа рацәоуп иаҳҳәап:                     

  Иури Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи ахҧатәи абжьаратәи ашкол аҿы имҩаҧысыз ақьиара аурок аҿы ицәажәоз аҵаҩцәа еиҭарҳәоз ажәабжьқәа еиуеиҧшмызт, аха зегьы иаадырҧшуан ахәыҷқәа ганрацәала ишазнеиуа  ақьиара аилкаара. Агәыҳалалреи ақьиареи ҳаҧсҭазаараҿы иааныркыло аҭыҧ дууп. «Асеиҧш иҟоу акциақәа аҳамҭа аиурада, хатә гәаҳәарала ақьиара аазырҧшуа аусқәа рынагӡара», –  аҿар ааӡоит лҳәеит, акыр шықәса раҧхьа ари акциа раҧхьа акәны иаҧшьызгаз иреиуоу,  агәыҳалалратә фонд «Ашана» аиҳабы Мактина Џьынџьалҧҳа.

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵаҩцәа рзы имҩаҧган ҷыдала ақьиара иазку аурокқәа, иара убасгьы аҩналарҭаҿы ишьақәыргылан доусы илшо аҧара зҭаиҧсо акәалап. Ахәыҷқәа ирзеиҭаҳәан акциа аҩныҵҟа еизгахо зегьы ахәышәтәра зҭаху, афонд «Ашана» ахәыҷқәа ишырзышьҭхо атәы.

Есышықәса акциа иалахәу ашколқәа иреиуоуп Ефрем Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратәи ашколгьы. Ашколи агәыҳалалратә гәыҧ «Вместе» аус еицыруеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Уи аусеицура  аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколхәыҷқәа рҭаацәа ирылшо ала «Вместе» хылаҧшра знаҭо аҭаацәарақәа ирыцхраауеит. 


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me