Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зегь рыла агәахәара узҭо

Абаҩхатәра бзиа злоу аестрадатә шәаҳәаҩы Рамина Заде дыззымдыруа дыҟам шамахамзар ҳтәылаҿы, еиҳарак, аҿар уи лашәақәа бзиа еицырбоит, лынагӡашьагьы даара гәахәарыла ирыдыркылоит.

«Ажәа ахы умҳәакәан, аҵыхәа узҳәом», хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равторгьы шәаҳәаҩык лаҳасабала  Рамина дыздыруеижьҭеи акыр ҵуеит, уи лҟазара сазҿлымҳан, лассы-лассы асценақәа рҿы дызбон, аҧсҭазаараҿгьы слыниақәахьан, аха иааигәаны дыздырыртә аҭагылазаашьа смоуцызт, ааигәа, хаҭала, лареи сареи ҳаиҿцәажәара аҧшьызгаанӡа.

Аиҿцәажәаразы аҭел ҳанылзас нахыс, мҩашьарада еилаҳкааит Рамина Заде лыбжьы хаа еиҧшҵәҟьа лҿабызшәагьы шыбзиоу. Уи аҧсуаҵас ааӡара бзиеи ахымҩаҧгашьа ҿырҧшыгеи рылагьы дхәыдам.

Агәахәара ҳнамҭарц залымшеит, ҩ-сааҭк иназынаҧшуа ицоз ҳаиҿцәажәараан иахьылнаҳамбаалаз, иахьа збаҩхатәра наӡам шәаҳәаҩцәақәак «уаҩ дырмыхәо», иҵырго аҟазшьа бааҧс, «аеҵәақәа рчымазара» ҳәа изышьҭоу.

Абаҩхатәра иаша иацәтәыму аҟазшьақәа: ахышьҭыхра, ахӡыргара, аҧагьара, Раминагьы илыцәтәымуп.

Рамина Заде аҩбатәи акласс аҟны аҵара анылҵоз инаркны ашәа лҳәоит.  Бжьышықәса лхыҵуан раҧхьатәи асценахь лцәырҵраан, ахәыҷтәы конкурс «Аҟармаҵыс» аҟны актәи аҭыҧ анланаршьоз.

Аестрадатә шәаҳәаҩы есааира лбаҩхатәра еизҳауан, лырҿиара иацылҵон. Иахьа, 20 шықәса инарзынаҧшуа иҵуеит ашәаҳәара абаҩхатәра аганахьала аҧышәа змоу рҿиаҩны, естрадатә шәаҳәаҩны дыҟоуижьҭеи. Уи мацарагьы акәымкәан, зҧышәа зеиҵбацәа ирымаздо, абиҧара ҿа еиҵазааӡо Рамина Заде гәык-ҧсыкала дазааҧсоит абаҩхатәра ҿыцқәеи, ҷыдала, аҧсуа жәлар рашәақәа аҧсуа цәа шрыҟәну иныжьны, аха ҳаамҭа иақәшәо еиҿыбааны, аестрадатә нагӡарахь ииаганы, аҧсуа жәлар рашәақәа ибзианы издызкылахьоу, урҭ ирылааӡоу аиҳабыратә абиҧарақәа инарҷыдангьы, абжьаратәи аиҵбыратәи абиҧарақәагьы ргәы иақәшәо рыларҵәара, рӡыргара.

Рамина Заде дыруаӡәкуп ҳтәылаҿы раҧхьаӡа акәны хаҭала, ашәаҳәара аганахьала, 2011 шықәсазы «STRAZA» ҳәа хьӡыс измоу авокалтә хореографиатә хәыҷтәы студиа аартра хацзыркыз. Астудиа ахьӡгьы ашәаҳәаҩ лыхьӡ иахыршалоуп, аҵыхәтәантәи анбанқәа ҩба-ҩба лыхьӡи лыжәлеи излалаго анбанқәа роуп.

Уи аартра аидеа шцәырҵызи хықәкыс иамази  дазааҭгыло, «STRAZA» аиҳабы иазгәалҭеит: «Ашәаҳәара – сара исыҧсҭазаароуп, сара истәу, схы бзианы иахьызбо ари азанааҭ аҟны ауп, англыз бызшәа азанааҭ ала адиплом шсымоугьы. «Аҧсны стар» аамҭа азы, шьҭа ашәаҳәара аҧышәа сыманы, схы агәра зго саныҟала исыӡбеит, исызцәырҵит аидеа асцена аҟны ашәаҳәара мацара акәымкәан сҧышәа сеиҵбацәа ирымаздарц, уи инамаданы иаасыртит авокалтә хореографиатә хәыҷтәы студиа. Ари астудиа аҟны абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа разыҟаҵаразы, адыррақәа рыҭаразы исыдгылаз, сус сымаздаз сколлегацәа, сҩызцәа маҷҩым. Урҭ рахьтә, иахьа шамахамзар, зегьы зхатә хәыҷтәы студиақәа змоу, аха рҵаҩык иаҳасабала «STRAZA» аҟны иаҧҵоу аҟәшақәа хҧа: авокал, ахореографиа, актиортә ҟазара рҟныгьы зусура гәыгәҭазмыжьуа, ззанааҭ ҭакҧхықәрала иазнеиуа, аҧышәа змоу ашәаҳәаҩцәа, арҿиаратә усзуҩцәа роуп. Сзызгәыдуны зыхьӡ сҳәар сылшо, авокал арҵаҩцәа: Ильда Қәычбериа, Мадина Кәарацхелиа, ахореографиа арҵаҩыс астудиа анааҳарт аус зуаз Ольга Денисова, иахьа ахәыҷқәа ахореографиа рызназго Мадина Қәҭелиа ирыбзоуроу рацәоуп ахәыҷқәа аус рыдулараҿы, рбаҩхатәра аӡыргараҿы» ҳәа.

Ҳаиҿцәажәараан Рамина иазгәалҭеит, актиортә ҟазара ахәыҷқәа лара ишрызналго. Уи лцәажәараҿы илҳәеит астудиа анаадырт ашықәсан инаркны уахь иныҟәо ахәыҷқәа шырацәоу. Ашәаҳәаҩ лажәақәа рыла, раҧхьа 70 ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ыҟан. Усҟан «STRAZA» аҟәшақәа еиҿкаан Аҟәа инаҷыданы, Гагреи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿгьы, ахәыҷқәа ныҟәоит мчыбжьык хынтә. Аха Гагра ахьыхароу иахҟьаны, аилагӡара аныуадаҩха, аҟәша адыркит, иахьа «STRAZA» Гәдоуҭатәи аҟәшахьы иныҟәоит 30-ҩык ахәыҷқәа, Аҟәа – 24 ҩык.

«Ҳастудиахь имҩахыҵуа ахәыҷқәа зегьы гәцаракрыла ҳарзыҟоуп, еилых дҳамаӡам, досу хаҭа-хаҭала рымаршәа гәаҭаны, рызнеишьа ҳҽақәҳаршәоит. Ҳара хықәкы хадас иҳамоу, урҭ ирылоу абаҩхатәра арҿыхара, аарҧшра, ацҵара,арҿиара, аӡыргара ауп. Ҳәарада, ҳара ҳахь имҩахыҵуа зегь ашәаҳәара абаҩхатәра рыламзар, ишәаҳәаҩцәамхар алшоит, аха х-ҟәшак ахьыҟоу, ахәыҷы ихы иҧшаар илшоит аҽаџьара, акәашара ма актиортә ҟазара аҟны. Еиҳа иахьиқәҿио ахырхарҭа дазаҳкуеит, дгәаҳҭоит, аус идааулоит. Ажәакала, аӡәгьы мап ицәаҳкӡом, излаҳалшо ала ацхыраара иаҳҭоит» – дҳацәажәон Рамина «STRAZA» ахь иныҟәо ахәыҷқәа зегьы неилымхрада, лхатәы хшара реиҧш ишылбо, дагьшрыхӡыӡаауа азгәаҭо. «Ҳхәыҷқәа роуп зегьы» – лҳәон, уи лассы-лассы ҳаиҿцәажәараан лажәа иалаҵаны.

Рамина лцәажәараҿы имӡакәан илҳәеит, ахәыҷтәы студиа анаалырт, раҧхьатәи ашықәсқәа раан аҳәаанырцәтәи ашәақәа шынарыгӡоз, урҭ рыла ишалагазгьы. Аха ашәаҳәаҩ лҟазара еизҳацыҧхьаӡа, дҭышәынтәало дшалагаз, лхатәы  бызшәахь илымоу агәыбылрагьы абзиабарагьы ҕәҕәахо ишалагаз.

«Ҳбызшәа даара иҧшӡоуп, ибеиоуп, ҳмузыка ссируп Аҧсуа ашәа еиҕьоу, иацназго ыҟаӡам. Хаҭала, сара сзы игәахәара дууп аҧсышәала ашәа анагӡара. Ҳәарада, аҧсышәала, ажәа, амузыка аҧҵара, аҧсуа ашәа аҭаҩра аџьабааи ахарџь рацәеи ацуп. Аха уи иахылҵуа ашьҭыбжь, игәазырҳагоу ажәеи  ашәеи анузгәакьоу аҟара агәахәара узҭо арбану?! Аҧсуа ашәа ашьҭыхра, аӡыргара, рыларҵәара хықәкысгьы изышьҭысхыз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы хырҩаагьы засҭаз убри азоуп», – дҳацәажәон Рамина аҧсуа жәлар рашәақәа аестрадахь ииаганы, ҳаамҭа иақәшәо, уи аамҭазы, аҧсуа цәа аҟәынҵаны, аҵакы ацәмырӡӡакәан анагӡара дшазхьаҧшыз азгәаҭо.

Уи лажәақәа рыла, иахьа 10 шәак инареиҳаны, 5 шықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа ирыҵаркуа «STRAZA» ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа инарыгӡоит.

Рамина Заде аимадара бзиа лымоуп, дрыҿцаауеит, рабжьгарақәа дырзыӡырҩуеит,дрыдҵаалоит аҧсуа композиторцәа аӡәырҩы.  «Артур Лакрба, Нодар Кәарҷиа, Руслан Агәмаа, иара убас, хаҭала атекст аус адулараҿы  хаҭала,сколлегацәеи сареи дҳацхраауеит Аҧсны жәлар рартист Роза Чамагәуа-ҧҳа. Аҧышәа змоу сеиҳабацәа ргәаанагареи ражәеи сара сзы ихадароуп»-азгәалҭеит уи.

Ахәыҷтәы студиа «STRAZA» лассы-лассы асценахь ицәырҵуеит, урҭ ахәаҧшцәа ирдыруеит, иагьрызҿлымҳауп. Ҳтәылаҿы «STRAZA» адагьы ахәыҷтәы вокалтә хореографиатә студиақәа рылымкаа еиуеиҧшым аныҳәатә хҭысқәа раан ианықәгылалогьы ыҟоуп, уи ҟазшьас иамоузеи ҳәа «STRAZA» анапхгаҩы азҵаара анлаҳҭа дааччан, «Сара напхгаҩык иаҳасабала, сыҧшӡом ааҧхьара ансырҭо ҳәа. Ҳтәылаҿы ныҳәатә хҭыск аныҟоу, заа аҽалархәразы срыдҵаалоит, схы ргәаласыршәоит.  Сколлегацәа рыбзоурала, ахәыҷқәа иршәырҵо ацәа маҭәа инаркны, заа инарыгӡараны иҟоу аномер еиқәыршәаны, зегь рыла ирхианы ирыдызгалоит аконцерт аиҿкааҩцәа, амҩаҧгаҩцәа. Ас еиҧш ахымҩаҧгашьа сара исусуратә ҟазшьоуп. Хықәкыс исымоу ахәыҷқәа рӡыргара заҵәык ауп, аха уи аганахь аусура иазыҧҵәоу аҧҟара, аҟазшьа инахыҳәҳәаны акгьы схы иасырхәом, иагьаҭәасшьом», – лҳәеит уи.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы шәаҳәаҩык иаҳасабала асценахь шәцәырҵра уарла-шәарлахо иалагеит, шәҭаацәаратә ҧсҭазаара мзызс иамоума, хаҭала, шәхатә ҩыза дышҧазыҟоу шәзанааҭ? ҳәа азҵаара анлаҳҭа, ашәаҳәаҩ лхы-лҿы ааихаччан, «Схатә ҩызагьы арҿиара дацәыхарам, аамҭала дкәашон Москва ақалақь аҿы еиҿкаау, Лаша Марыхәба напхгара зиҭо ансамбль «Амцабз» аҟны. Убри аҟнытә рҿиаҩык иаҳасабала сеиликаауеит, абжьгарақәакгьы ансиҭало ыҟоуп. Хаҭала, ашәаҳәара аганахьала,  схатә принцип сымоуп. Сара сзы ихадароуп, ашәа ҿыцла асценахь ацәырҵра. Ауаа ираҳахьоу, ирдыруа, ргәы ҧызҵәахьоу ашәала асценахь ацәырҵра сҭахӡам», – лҳәеит.

Рамина Заде лхатә ҩыза, Аҧсны аиустициа аминистр Анри Барцыци лареи ирааӡоит ҩыџьа ахшара, жәышықәса зхыҵуа Сабинеи бжьышықәса зхыҵуа Александри. Рамина излаҳалҳәаз ала, рыхшара макьана ишхәыҷқәоугьы, ахақәиҭра рымоуп ирҭахәу ахырхарҭа алырхыртә еиҧш, аҭаацәа мчыла рхатәык рыдырцалаӡом.

«Сабина акәашара даара бзиа илбоит, иагьлыцааиуеит. Дкәашоит ахәыҷтәы ансамбль «Иааирума» аҿы. Александр иакәзар, аспорт даара дазҿлымҳауп, дныҟәоит абокс ахь, иара убас, зхы иақәиҭу ақәҧареи ашьапылампыли рахь» – дҳацәажәон, ашәаҳәаҩ, ҩыџьа ахшара ран.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Рамина Заде иазгәалҭеит, Ашықәс  Ҿыц иазку аныҳәатә концерт алахәхаразы Аҧсны жәлар рартис Борис Амҷба иажәақәа ирылху «Ааҧын» захьӡу ашәала ақәгылара шдырхиахьоу, ишазыҟаҵоу. Уи амузыка аҧҵаҩыс дамоуп Хьыбла Амҷба.

Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, лассы ихыркәшахоит «STRAZA» астудиа ҿыц. Мышьҭабзиала, еиҳау ақәҿиарақәеи арҿиаратә гәацҧыҳәареи рыла астудиа ҿыц ахь абаҩхатәра ҿыц хәыҷқәа. 


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me