Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәижьҭеи 30 шықәса ҵит. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.
Аԥсны Ахадеи ажәлари рахь Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира Амш идиныҳәалеит. Уаҟа иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Абар мышқәак роуп иагу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) шықәса Аиааира 30 шықәса ахыҵра Аҧсны жәлар иазгәарҭарц. Егьа аамҭа царгьы аибашьра ахьаа Аҧсны жәлар ҩнаҭацыҧхьаӡа ирзаанагаз хашҭшьа амам.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me