Аҧсны Жәлар Реизара аҟны

 

Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз жәаа зҵаара рҟынтәи руак ахәаҧшра аанкылан.


Раҧхьатәи азҵаара азкын «2024 шықәсазтәи Аҧсны Ареспубликатә биуџьет». Уи атәы инарҭбааны дазааҭгылеит Аҧсны афинансқәа рминистр Владимир Делба. Иҳәеит ари апроект ишеиднакыло абарҭ ахырхарҭақәа: ашәахтәқәа арбоуп 14 361 093,4 мааҭ рыла, ахарџьқәа – 15 789 411,2 мааҭ, адефицит иартәоит 1 428 317,8 мааҭ.

2024 шықәсазы Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет ҳазҭоу ашықәс аасҭа еизҳауеит 745 159,5 мааҭ рыла. Ас еиҧш иҟоу аизҳара абзоуроуп ахатәы шәахтәқәа иахьрыцлаз. Ахашәалхәы аҧсахра алагаларала абри ахыҧхьаӡара 1 145 185,6 мааҭ рыла. Инықәырҧшны иуҳәозар, 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәалас иаиоуеит 10 931 384,9 мааҭ.

Иара убас иазааҭгылеит « 2024 шықәсазтәи Аҧсны арепатриациатә фонд абиуџьет». Абиуџьет ашьақәырҕәҕәаразы иарбан афонд ахашәала 263 069,0 мааҭ. Иара убас ишьақәырҕәҕәан иарбан хырхарҭақәоу иахьныххо уи ахашәала. Уи еихшан: арепатриант аматериалтә цхыраара иҭаразы, аҭаацәара рҟны ан, ма аб данимам, астудентцәа. Иреиҳау аҵара аҭаларазы есымза рыхә ахшәаара, амедикаментқәа, арепатриантцәа рхәыҷқәа еиуеиҧшым аспорттә еицлабрақәа рыҽрылархәра, ашколтә формақәа раахәаразы, аҭаацәара аҧызҵо ацхыраара рыҭаразы, Ашықәс Ҿыц аҧыларазы, ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа рыцхрааразы уҳәа убас иҵегьы. Уахь иахыҧхьаӡалоуп Сириатәи Арабтәи Ареспублика аҟынтә иааз арепатриантцәа рахьтә ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа, зхатәы нхарҭа змам 10 - нызқь мааҭ аҧара рыхшәара.

Ишьақәырҕәҕәан иара убас « 2024 шықәсазтәи Аҧсны асоциалтә ҧгаҧсаҟаҵареи аџьа ахьчареи рфонд абиуџьет». Уи иартәоит 197 812,5 мааҭ. Иазыӡбан 2024 шықәсазы ацхыраара рыҭаразы абарҭ акатегориақәа рыла еиҳамхарц: аамҭала аус зымуа рзы – 15 110 мааҭ, ахшара дзауеи зцәа зтәыми рзы –20 192 мааҭ. «Акультуреи, аҟазареи, амассатә информациа ахархәагақәеи» рхырхарҭа ала ареспубликатә биуџьет аҟны иарбоуп 454 765,5 мааҭ.«Акультуреи, аспорти, аҿар рполитикеи рзы» иарбоуп 137 543,7 мааҭ рыла.
Ишьақәырҕәҕәан иара убас « 2024 шықәсазтәи амҩатә фонд абиуџьет». Абиуџьет ахашәала иартәоит 2024 шықәсазы 130 000,0 нызқь мааҭ. Уи ныххоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: амашьына иҭарҭәо абылтәқәа рзы ашәахтәқәа – 80 нызқь мааҭ ,атранспорт мҩангага машьынақәа ршәахтәқәа рзы – 50 000,0 нызқь мааҭ.

Ишьақәырҕәҕәан « 2024 шықәсазтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аинвалидцәа иҳәынҭқарратәым афонд абиуџьет». Афонд ахашәала иартәоит 224 696,9 нызқь мааҭ.

Иара убас ишьақәырәҕәан « 2024 шықәсазтәи Амедицинатә страхҟаҵара афонд абиуџьет». Афонд ахашәала иартәоит 71 425,9 мааҭ. Ари ахашәала аауеит еиуеиҧшым иҳәынҭқарратәым афондқәеи, еиуеиҧшым аилазаарақәеи рҟынтәи, ашәахтә шәара асистема аҟынтә убас иҵегьы.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа рыҩнуҵҟа иҟан « 2024 шықәсазтәи атәынчаҩратә фонд абиуџьет». Уи абиуџьет иартәоит 71 425,9 нызқь мааҭ. Ахәҭак иазоужьхоит ахатәы программақәа 68 230,0 нызқь мааҭ. Уахь иалоуп еиуеиҧшым амедикаментқәа, ахшара дзауа, зцәа зтәым аҳәса рзы, еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә медицинатә хәышәтәырҭақәа рзы ацхыраара аҟаҵара. Уахь иахыҧхьаӡалоуп – 11 530,0 нызқь мааҭ.

Ишьақәырҕәҕәан амиграциатә ҟазшьа измоу ашәҟәқәа, аха шықәсы рацәала Аҧсны инхо, атәылауаҩра змам, ишаҧсуаау атәы зҳәо ашәҟәы рыҭаразы азакәан.
Аилатәараҿы ирыдкылан егьырҭ азҵаарақәагьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me