Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәларбжьаратәи азҵаарақәа ирылацәажәеит

Шьамтәыла усуратә ныҟәарала иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Феисал Миқдади рылацәажәеит жәларбжьаратәи ҩганктәи амш аусхәаԥштә азҵаарақәа, – иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедиа центр.

Аха уаанӡа, ԥхынҷкәынмза 12 рзы  Инал Арӡынба  Дамаск ақалақь аҿы иҟоу Идырым асолдаҭ ибаҟа даҭааит, уаҟа уи атәыла ахақәаиҭреи ахьыԥшымреи зхы рықәызҵаз Шьамтәыла Афырхацәа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иара убас Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи даҭааит. Иара агәалашәара Ашәҟәаҿы анҵамҭа аанижьит.

Атәылақәа рыҩбагьы адәныҟатәи русқәа Рминистррақәа рхадацәа рықәыӡбеит Шьамтәыла аобиектқәа рганахьала Израиль иҟанаҵо ҳаирпланла аахақәа.

Иазгәарҭеит Газа ахымца аанкылара шаҭаху. Адәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа рхадацәа жәларбжьаратәи ауаажәлар ирыԥхьеит арегион аҟны агуманитартә хлымӡаахра рыхшыҩ азырышьҭырц. Иазгәаҭан Шьамтәыла аганахьала Мраҭашәара асанкциатә режим шҵакыдоу.

Феисал Миқдад иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩбагьы рдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рыбжьара Амеморандум инақәыршәаны, аимадарақәа рырҭбааразы аусура шымҩаԥигауа.

Иаарласны Шьамтәыла аусура иалагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконсулра. Аԥснытәи аспециалистцәеи адипломатцәеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы иҟоу Адипломатиатә институт аҟны аҵарадырра ашьҭыхра акурсқәа ирхысуеит.

Шьамтәыла официалла Аԥсны нанаԥхьеит Дамасктәи жәларбжьаратәи аџьармыкьа ду ахалархәрахь. Уи мҩаԥысуеит иааиуа ашықәс август-сентиабр рзы.

Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Аԥсни Шьамтәылеи иреиҳау рҵараиурҭақәа рыбжьара аимадарақәа иҵегьы рырӷәӷәара дадгыланы дцәажәеит.

«Аԥсни Шьамтәылеи иаҳа ииашоу адунеиеиҿкаашьа иазықәԥоит. Ҳара зегь рыла ҳаиҳауп – Адгьыл иқәынхо ауааԥсыра 85% ҳаҟоуп. Арҭ ауаа ирҭахӡам Мраҭашәара аҳәатәала анхара-анҵыра», – иҳәеит Инал Арӡынба амассатә информациа Шьамтәылатәи ахархәагақәа данрацәажәоз.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me