Сынтәа 45 шықәса ҵуеит аҭыԥҳацәа рансамбль «Гәында» аԥҵоижьҭеи. Ари ансамбль аԥхьа еиҿкаан Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны Роза Чамагәуа-ԥҳа лнапхгарала. Раԥхьаӡа, уи аҭыԥҳацәа рыдагьы иалахәын аҷкәынцәа: Оҭар Хәынҵариа, Оҭар Ферызба, Анри Ферызба, Нодар Кәарҷиа. Инарыгӡон аԥсуа жәлар рашәақәа.

Ацентр «Смена» аҟны

27 Ԥхынкәын 2023 08:40
Ԥхынҷќәынмза 10 инаркны 23-нӡа Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Смена» аҟны имҩаԥысит 2023 шықәса аҵыхәтәантәи арҵарақәа, уаҟа рхы аладырхәит Аԥснынтәи иара убас Урыстәыла арегионқәа 33 рыҟнытә 500-ҩык инарзынаԥшуа аҿар.

Идырны аԥсра иаԥылоз

27 Ԥхынкәын 2023 08:39
Наҳар Раџьаб-иԥа Қәҭелиа диит 1904 ш. рзы Уатаԥ ақыҭан, Қәҭелиаа Рыԥсҭа аҳабла ҳәа иахьашьҭоу, Очамчыра араион аҿы. Ари аамҭаз, ақыҭаҿ ашкол ҳәа акагьы ыҟамызт, Наҳар дахаанхеит, ақыҭаҿ иаадыртыз усҟан аликбез ҳәа изышьҭаз. Ақьаадҵәҟьа ҽеишәа иҳамамызт, аҩыга карандашьқәагь рацәамызт! Абас ԥхьаӡашьаки, ҩышьақәаки ҳдырҵон ҳәа ҳзеиҭеиҳәалон анхаҩы Наҳар.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me