Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҕба шкәакәа»

01 Цәыббра 2023
Август 23 рзы Аҧснытәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын еицырдыруа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи иаҭааит аҧсуа ҵарауаа, аинтеллегенциа, аҟазара абзиабаҩцәа, аҿар.
Абар мышқәак роуп инхаз, иалагоит аҵарашықәс ҿыц. Раҧхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшуп раҧхьатәи аҵәҵәабжьы. Сынтәатәи ашықәс азы 2452-ҩык ахәыҷқәа ршьаҿа еихыргоит адыррақәа рдунеи ашҟа. Аҧснытәи ашколқәа зегьы азхиоуп аҵаҩцәа рыдкылара.
1990 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ргәыҧ даланы раҧхьаӡа акәны Аҟәа иаҭааз гәыҧҩык ҳџьынџьуаа дрылан Ҭырқәтәылан, Есқьишьеҳир иаҵанакуа Мусаҩзу ақыҭа еиуаз Ерсын Чқәа.
Август 30 рзы иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш. Иахьа адунеи зегь аҿы хабарда ибжьаӡыз мамзар ҳаамҭазгьы еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны ибжьаӡуа рхыҧхьаӡара нагӡаны еилкаам. Ҵабыргны уи хьаа дууп, харҭәаашьа змам ацәыӡ зауз аҭынхацәеи ақәлацәеи рзы.
Ауаҩы иҧсы ҭанаҵы абзиара дақәгәыҕуеит. Аҧсны ахы иақәиҭханы иҟалоит ҳәа азхәыцраҵәҟьа шымариамызгьы 30 шықәса ниасны ицеит.
Аԥсны аделегациа рылахәын Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьарақәа. Аԥсны аделегациа иалан Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ерик Рштуни, Баҭал Џьопуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

В.А. Ешба

01 Цәыббра 2023
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥ­шымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ҳауаажәлар рзы иԥшьоу Аиааира амшныҳәа азгәаҭареи мышқәак нацны мызкы шагыз, 75 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит урҭ раагара зџьабаа маҷымкәа иадыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи Арбџьар Мчқәеи рветеран, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-маиор ԥхьатәа Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа Ешба.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me