Мышқәак рышьҭахь ҳазҭоу Ажьа ашықәс – 2023-тәи ашықәс наскьаго, «Бзиала уаабеит» – ҳәа ҳаҧылоит ҳашәхымс илагылоу амҿтәы гәылшьап иаҵәа ашықәс.
Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭа иахьа иҭәуп хәыҷыла. Есышықәса еиԥш сынтәагьы гәацԥыҳәарала идырхиеит ақалақь Аԥсаӡ хада. Уи инаҷыдангьы ашҭа ҭбаа дырԥшӡоит еилыԥхаауа аԥсаӡ маҷқәа, алашара згәылыԥхаауа еиуеиԥшым ахәмарга блахкыгақәа. Абар иааигәахоит 2024-тәи Ашықәс ҿыц. Ииасуа ашықәс иацыз агәеиҵахарақәа наҟ инаскьаго, ҳаԥылоит Ашықәс ҿыц.
Ԥхынҷкәынмза 15-16 рзы Михаил Чачба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы имҩаԥысуан жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион, «Ахьӡ-Аԥша» аорденқәа II, III аҩаӡарақәа занашьоу Рашь Ҳабыгә-иԥа Хәытаба иаԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me