Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ацентр «Смена» аҟны

Ԥхынҷќәынмза 10 инаркны 23-нӡа Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы  центр «Смена» аҟны имҩаԥысит 2023 шықәса аҵыхәтәантәи арҵарақәа, уаҟа рхы аладырхәит Аԥснынтәи иара убас Урыстәыла  арегионқәа 33 рыҟнытә 500-ҩык инарзынаԥшуа аҿар.

Аԥснытәи ахәыҷқәа ари алагер рхы аладырхәуеит Аԥсны аҵара Аминистрреи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Сменеи» ирыбжьоу  аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Смена» ари ацентр еиднакылоит ахәыҷтәы арҵаратә лагерқәа  хәба. Аамҭакала араҟа иҟазарц рылшоит 1200-ҩык ахәыҷқәа, ашықәс аҩнуҵҟа – 16 нызқьҩык  инарзынаԥшуа.

2017 ш. инаркны Урыстәыла аҳәынҭқарра ахада  инапынҵала  ара заҵәык атәыла зегьы аҩнуҵҟа аус ауеит  апрофессионалтә зыҟаҵаратә Урыстәылазегьтәи арҵаратә ҽазыҟаҵаратә центри  аусуратә занааҭқәа рыларҵәара иазку аусмҩаԥгатәқәа . Уаҟа аҿар ирҵоит зегь реиҳа иҿатәу, насгьы еиҳа адҵаалара змоу аусқәа: акосмостә еилазаара анџьныр, аформациа, амультимедиатә журналистика  ааглыхратә усуратә техника, САО адизаин анџьныр уҳәа убас иҵегь жәпакы.

Ари ахәыҷтәы центр иаҭаауеит Урыстәылатәи ааглыхратә еилазаарақәа иреиӷьу аҭҵааҩцәа, акосмонавтцәа, аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аволонтиорцәа, аолимпиатә чемпионцәа, еицырдыруа  актиорцәа.

  Агәыҳалалра афестиваль еиднакылеит  аволонтиортә еилазаарақәа рактивистцәеи Урыстәылазегьтәи аицлабра «Доброволец России» аҟны аиааира  згази Жәларбжьаратәи апремиа «Мы вместе» рыҟны аԥхьахәқәа згахьоу ахәыҷтә аҿартә еилазаарақәа раԥхьагылаҩцәеи. Аҿар  еилыркаауеит еиуеиԥшым хатәгәаԥхаралатәи  ахырхарҭақәа – аекологиатә, асоциалтә, апатриоттә, ахҭыстә, аспорттә уҳәа. Ироуз рдыррақәа апрактикаҿы рхы иадырхәарц  рылшоит афестиваль «Россиа страна добрых дел»  аҟны  аҵыхәтәантәи хҭысхоит иара.  Гәыԥцыԥхьаӡа иқәдыргылоит рхатәы ҭыԥ, хырхарҭак ала, ирыдыргалоит  еиуеиԥшым  аҳасабтәқәа, ахәмаррақәа, иара убас асоциалтә акциа рхы аладырхәырц.

«Ҳара ҳадгылоит ашколхәыҷқәа рыҽԥыршәар ахьырҭаху агәыҳалалра. Афестиваль аҟны еизеит аԥсҭазаара абзиарахь еиҭазкырц зҭаху, еиуеиԥшым  аԥшьгарақәа знапы рылаку, иара убас илахҿыху ахҭысқәа реиҿкааҩцәа. Агәра згоит, ари  афестиваль аҟны идырҳаз аԥышәа шрыхәо раԥхьатәи ршьаҿақәа  аҟаҵараан», – иазгәеиҭеит Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр «Смена» аиҳабы Игор  Журавлиов. Аҿар ироуз аԥышәа еиздырҳалоит анаҩстәи еиуеиԥшым азыҟаҵарақәа рҟны.

«Даара сгәы иаахәоит  ари еиԥш агәыҳалалратә фестиваль сахьалахәхаз. Схаҭа  сдоноруп, активла ацхыраара рысҭоит ахәышәтәырҭақәа, еиҿыскаауеит агәыҳалалратә еизгарақәа арратә маҵзурақәа зхызго рзы. Сгәыӷуеит, ацентр «Смена» сыхәоит  аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаараҿи,  аволонтиор  қәыԥшцәа  ирымоу алшарақәа  реилкаареи  рҟны, –иҳәеит  Буриатиа  ахаҭарнак  Лев Залуцки.

«Ҳара ҽышәала ацхыраара аҳҭоит аволонтиорра ҳашкол аҿи ақалақь Аҟәеи рыҟны. Еиҿаҳкаауеит  еиуеиԥшым  аусмҩаԥгатәқәа, аусеицура  ҳабжьоуп Аԥснытәи  агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» ҳареи. Агәра згоит, ари афестиваль  аҟны ҳара  еилаҳкаауеит иҵегь аҿар шадгалатәу ари еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара» , – иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Аҳмед  Куртаметов.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me