Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахатәы бызшәа амш

Машәыршақә акәымзар ҟалап Аԥсны жәлар рпоет ду, аԥсуа бызшәа абду, сынтәа диижьҭеи 150 шықәса ахыҵра азгәаҳҭо Дырмит Гәлиа имшира жәабранмза 21 иахьақәшәаз.


2000-тәи ашықәсқәа инадыркны есышықәса жәабранмза 21 азы адунеи зегьы иазгәарҭоит Жәларбжьаратәи ахатәы бызшәа амш, абызшәеи акультуреи реиԥшымзаареи, абызшәарацәареи реиқәырхараз ацхыраара рыҭаразы.
Абызшәа зегь реиҳа иӷәӷәоу мыругоуп адоуҳатә ҭынха ахьчаразы. Излазгәаҭоу ала, адунеи аҟны иҟоуп 7 нызқь инарзынаԥшуа абызшәақәа, урҭ рахьтә 45% аиаӡаара ашәарҭара иҭагылоуп, даҽакала иҳәазар, абызшәа иацәыӡыр алшоит аҵыхәтәантәи аныҟәгаҩцәа. Амилаҭ азы уи еиҳау рыцҳара ыҟам, избанзар, амилаҭтә культура аҿиара хымԥада абызшәа иадҳәалоуп.
Есымчыбжьа адунеи аҟны иӡуеит бызшәак – уи иаанаго иӡуеит милаҭ дуӡӡак рхаҿра, ринтеллектуалтә ҭынха.
Избан абызшәа изаҳҭо ари аҟара хырҩа? Избан акәзар, зегь раԥхьаӡа иргыланы ауаҩы хаҭарак иаҳасабала ишьақәгылараҟны абызшәоуп иаазырԥшуа иара ихаҿра, аԥсҭазаара аганқәа зегьы дышрызнеиуа, ажәытәи аҿатәи реимадара.
Ахатәы бызшәа здаҟам акоуп ажәлар милаҭк аҳасабала рышьақәгылараҿы. Ауаҩы данилак инаркны иԥсҭазаараҿы ихатәы бызшәа ианнаҵаз ашьҭа аанхоит еснагь. Атәым бызшәақәа рҵара хымԥада иумыхәозар ԥырхагара узнауам, аха ухатәы узымдырӡакәан атәым уанашьҭала уи зынӡа рыцҳара духоит. Иарбан бызшәазаалак ауаҩы ииҵалак, иара ихатәы бызшәа зегь раԥхьа игылазароуп, дызлахәыцуа, дызлацәажәо акы акәны иаанхароуп.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me