Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Гәарҧ-бжьарак ибжьамхо…»

Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит. Аиубилеи инамаданы, агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵра азгәаҭахоит. Иаҧҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа.


Ишдыру еиҧш, агазеҭ «Аҧсны» раҧхьаӡакәны 1919 шықәса февраль 27 рзы Д. Гәлиа иоуп иҭзыжьыз. Уи иџьабааи иусуреи, агазеҭ «Аҧсны» аҭоурыхи изныкымкәа иазааҭгылахьеит амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа. Убри азы, аҭоурых сагәыламлакәа, агазеҭ «Аҧсны» аиубилеи азгәаҭара аламҭалазы, исыӡбеит слыҿцәажәарц, акыр шықәса агазеҭ акьыҧхьраҿы аџьабаа ду збахьоу, аҧышәа змоу, иахьа уажәраанӡа агазеҭ аҭыжьырҭаҿы аус зуа, Аҧсны анацәа Рхеидкыла Аҟәатәи ақалақьтә ҟәша аиҳабы Фируза Чамагәуа.
Ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит раҧ­хьаӡакәны атипографиаҿы аусура дшалагаз 1966 шықәсазы, агазеҭ «Аҧсны» аҟны – 1978 шықәсазы. Усҟан акьыҧхьыҩцәа, анбанҟәшәаҩцәа ҳәа изышьҭаз азхаӡомызт, убри азы уахь диасуеит. Илгәалалыршәоит акадрқәа усҟантәи аамҭазы ишмаҷыз. Дазааҭгылеит аусура даналагаз, акыр шықәса аус зухьаз ауаа хатәрақәа аус шрыцылуаз, иахьа зыдунеи зыҧсаххьоу: Арзаабеи Багаҧшь, Грышьа Кәыҵниа, Дусиа Бармышьаа-Кәыҵниа, Хәыта Шьанаа. Агазеҭ акьыҧхьраҿы ф-ҩык аус руан ҩ-сменакны: мышкы – х-ҩык, аҩбатәи амш азы – даҽа х-ҩык. Иазгәалҭеит, ҧшьымз ҿҳәарас иаҭаны акьыҧхьра шудырҵоз, анаҩс аусура ушаладыргоз, аха лара аамҭа кьаҿк ала аусура лнапахьы ишаалгаз.

Фируза Чамагәуа ашкол данҭазгьы бзиа илбон астатиа хәыҷқәа агазеҭ ашҟа аашьҭра. Усҟан, «Аҧсны ҟаҧшь» зыхьӡыз агазеҭ аҿы аусура даналагаз, уи редакторс даман Сергеи Михаил-иҧа Кәыҵниа.
Илҳәеит, иахьа акомпиутер аҟны анбанҟәшәараан гхак уцәцаргьы, жәак ааныхны даҽакы бжьаургылар шауа. Аха усҟантәи аамҭазы ишыуадаҩыз агха ариашара. Гхак уцәцар, абзац инаркны анҵәамҭанӡа ианыхны, ҿыцны иҟаҵатәын. Усҟантәи аусуратә мшы даараӡа иуадаҩын. Ашьыжь аусура инеиз, агазеҭ ааҭыҵаанӡа аҩныҟа ацара азин рымамызт. Иуадаҩын иҭаацәараз ауаҩы изы араҟа аусура, аха Фируза лхатә ҩыза Владимир Қапба (зыдунеи зыҧсаххьоу), агазеҭ аҿы аус ахьиуаз азы, еиҭнырыҧсахлон аусура. Ахәыҷқәа рааӡараҿы дарҕьажәҩаны длывагылан, рҳәоу еибаркны аус еицыруан. Убас еиҧш аҭагылазаашьақәа ҟалон аа-даҟьак аныҭрыжьуаз, уигьы уажәтәи агазеҭ аформат еиҧшымызт. Ус аныҭрыжьуаз –ахҭысқәа ирыдырҳәалон, еиҳарак Урыстәыла аизара дуқәа анымҩаҧыргоз адаҟьақәа ирыцҵаны иҭрыжьуан. Иахьатәи ҳаамҭазы, аинтернет аҧыжәара амоуп, аинформациа иуҭаху ҭугоит. Аха усҟан ателетаип ҳәа иҟан, убри иаанагон аофициалтә ҟазшьа змаз аинформациа, анаҩс аиҭагаҩ еиҭеигон. Уи аиҭагареи акьыҧхьреи рнаҩс, еиҭахгьы даҧхьаны ириашон.

Иазгәалҭеит, аџьабаа ду шацызгьы русура, рызегьы гәыкала, такҧхықәрала ишазнеиуаз. Усҟан «Аҧсны ҟаҧшь» адагьы атипографиаҿы иҭыҵуан «Советская Абхазия», анаҩс «Сабҷоҭа Аҧхазеҭи», ҳәа ахьӡын, «Шьрома» ҳәа даҽа газеҭкгьы ҭыҵуан. Лара илҳәеит, аус зуаз ирацәаҩны ишыҟаз. Усҟантәи аамҭаз аиҿагыларақәа ирыхҟьаны ақырҭцәеи аҧсуааи аилибамкаара, ацәымҕра анрыбжьалоз ҟалалон. Иҟалахьан усгьы,1989 шықәсазы атса иалхны алинотип аҟны анбанҟәшәара аан аҧсуаа ирҿагылоз ажәа амхны икалыжьхьан.
Фируза илгәалалыршәеит зкьыҧ­хьымҭақәа рылукаауаз: Гьаргь Жанаа, Гьаргь Нарасқәуа (аибашьра анаҩсгьы аус иуан, аха машәырла дҭахоит); аиҭагаҩцәа рҟынтә дылгәалалыршәеит Володиа Шларба, насгьы ажурналист Шьаликәа Камкиа. Уи агазеҭ аҭыжьраҿы аҷаҧшьара аниқәшәоз, убри аҟынӡа алаф ҳәо угәалаҟазаара шьҭихуан, рааҧсара рхашҭуан, раамҭа ахьцоз рбомызт. Иазгәалҭеит, усҟантәи акорреспондентцәа есымшааира аҧсуа қыҭақәа ишырҭаауаз, урҭ ирызкны аматериалқәа шаздырхиоз, Давид Киут, иара убас Саша Ҭариа уҳәа ирацәаҩны ақыҭа ҧсҭазаара иазкны изыҩуаз. Лара лхаан аус зуаз, агазеҭ аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ, амакетқәа ҟазҵоз, аматериалқәа еиқәзыршәоз Сарион Ҭаркьыл. Уи ахаангьы дгәамҵуамызт, материалк азымхар, мамзаргьы имыцхәны иҟалар, мыцхәы ахы мҳәакәа иус наигӡон. Анаҩс иара иаамышьҭахь иҭыҧ аҟны аусура далагоит Валери Маршьан. Уигьы иара иеиҧшҵәҟьа иус аамысҭашәала дазнеиуан. Иара убас илгәалалыршәеит аус зуаз Едуард Қвираиа, Вахтанг Аҧҳазоу, Нелли Киут, аредактоцәа рахьынтә: Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, аредактор ихаҭыҧуаас иҟаз Владимир Чуаз, Шьалуа Басариа.
Аибашьра анцоз акәзар, Гәдоуҭатәи атипографиаҿы агазеҭқәа «Аҧсны», «Республика Абхазия» рҟны анбанҟәшәаҩыс дыҟан. Зны-зынла агазеҭ авиорстка ҟазҵоз данзымаалоз Фируза илымылдон. Асовет ҳәынҭқарра анеилаҳа ашьҭахь, агазеҭ «Советская Абхазия» ахьӡ ҧсахны «Республика Абхазия» ахьӡырҵеит. «Республика Абхазия» редакторс дҟаҵан Витали Чамагәуа, аҧсуа аус ҳазицуӡом ҳәа русура ааныжьны ицоит. Абасала, анбанҟәшәаҩы аурыс редакциаҿы дҟамлаӡеит. Анаҩс Зина Қаҩ-ҧҳаи, лареи, иахьагьы аус зуа Андреи Михаинџьиани аусура иалагеит. Уажәы аклавиатура мариазшәа иҟоуп, аха усҟан ицәгьан, мчыбжьык аҵара иаҿын уи ахархәашьа. Уи нахыс аҩныҟа иганы иаҧхьон, агхақәа ирыцәцаз гәарҭон. Убас дара рыхҩык ирыбзоуроуп уҳәар алшоит раҧхьаӡатәи агазеҭ аномер «Республика Абхазия» аҭыжьра. Убас ашықәсқәа цон…
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, лгәаанагарала, агазеҭ «Аҧсны» астатус лаҟәызшәа лгәы иабоит. Раҧхьаӡа Дырмит Гәлиа иҭижьыз агазеҭ «Аҧсны», асовет аамҭазы «Аҧсны ҟаҧшь» ҩаҧхьа ахьӡ шьақәыргылахеит «Аҧсны» ҳәа. Усҟан уи апартиа Аҧснытәи, аобкоми анапаҵаҟа иҟан агазеҭ. Убри инамаданы агазеҭ знапы аҵазыҩуаз рхыҧхьаӡара рацәаҩын, зегьы аҧхьон, бзиа ирбон. Афотокорреспондентцәа рматериалқәеи рҭыхымҭақәеи рыла аҧхьаҩцәа аднаҧхьалон.

Иазгәалҭеит иаашар, агазеҭ ҭыҵхьоума ҳәа, иашьҭалан ишаауаз. Аибашьра ҟалаанӡа агазеҭ 16 - нызқь рҟынӡа ҭыҵуан, ишааҭыҵлакь ажьыжь иарбан қыҭазаалакь ауаҩы дахьынхоз иоуртә аҭагылазаашьа аҧҵан. Аха иҳәатәуп, усҟантәи аамҭазы аҧошьҭа даара ибзианы аус шауаз. Агазеҭ «Аҧсны» 100 шықәса анахыҵ лгәыҕрақәа шадылҳәалоз, агәыҕра ҳамоуп еиҳагьы азҿлымҳара аиуп ҳәа. Уи иара ахатәы мзызқәа ирыхҟьоит, ҳәарада, аха, акыр шықәса аџьааба здылбалахьоу, аҧсуаа рҿахәҳәага ҳәа дзышьҭоу, бзиа илбо агазеҭ иахьатәи аҭагылазаашьа лгәы лнархьуеит. Иҵегьы ахылаҧшра амазар лҭахуп.

Фируза иахьагьы лгәы иалоуп, агазеҭ «Аҧсны» 100 шықәса ахыҵра аиубилеи азгәаҭахартә еиҧш аҭагылазаашьа ахьырзаҧҵамыз. Лара агәыҕра лымоуп, сынтәа агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵра, иара ишақәнагоу еиҧш, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра ахаҵгыланы аиубилеитә ныҳәа азгәарҭап ҳәа. Агазеҭ аиубилеи аламҭалаз, аредакциа аусзуҩцәа зегьы дрыдныҳәало ирзеиҕьалшьеит, агазеҭ аҩаӡара ҳаракхо, ирацәаҩны анапаҵаҩра еиҿкаахо, ҩаҧхьа ирызҳауа, аҿар аинтернет ахархәара адагьы агазеҭ иаҧхьауа. Д. Гәлиа ишиҳәахьаз еиҧш, «гәарҧ-бжьарак ибжьамхо», аҧхьаҩ иҟынӡа инеило!

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me