«Ишьаарҵәырахаз ачара» аԥсуа сценаҿы

Ааигәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбан аиспан поет, адраматург Федерико Гарсиа Лорка ипиеса иалхыз «Ишьаарҵәырахаз ачара». Уи ахәаԥшцәа даара ибзианы иахьрыдыркылаз аҟнытә, ҩаԥхьа аиҭарбара еиҿкаан.


Апиеса «Ишьаарҵәырахаз ачара» қәҿиара бзиала, асовет аамҭазы иқәиргылахьан Аԥсны жәлар рартист Хәыта Аџьапуа. Ари ахҭыс мшаҽнеиԥш изгәалашәо ахәаԥшцәа рацәаҩуп иахьагьы.
Уажәы Нхыҵ-Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист, арежиссиор Гиви Валиев иқәиргылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәа алархәны.
Аиспан пиеса аҟны иаарԥшу атема ашьаура ауп, араҟа иаарԥшуп абзиабарагьы, аха апиеса ахы инаркны аҵыхәанӡа трагедиала еибаркуп, иагьхыркәшахоит трагедиала.
Аиспан жәлар рхәыцшьа, рдунеихәаԥшшьа, рцәаныррақәа, ргәыжәла аԥсуаа излаҳаиԥшу, излаҳашьашәалоу рацәоуп, иуҳәар алшоит хымҩаԥгашьала ҳаизааигәоуп, ҷыдала, аешьара шҳабжьамгьы. Убри аҟнытә Гарсиа Лорка ирҿиамҭа аԥсуа хәаԥшцәа даара ибзианы ирыдыркылеит, аԥсуа менталитет иақәшәо иахьеиҿкаау азы.

Ҩ-сааҭк иназынаԥшуа ицоз аспектакаль аҟны ихадоу арольқәа нарыгӡон: Аахыҵ-Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Фрида Леи-ԥҳа, актиорцәа: Диана Абыхә-ԥҳа, Альдона Адлеи-ԥҳа, Иана Қаҷараа-ԥҳа, Вадим Абыхәба, Мдар Сақаниа, Ахра Кәарҷиа уҳәа убас егьырҭгьы.
XX ашәышықәсазы Испаниа аҭыԥ змаз ахҭысқәа зныԥшуа Гарсиа Лорка ипиеса иалхыз аспектакль «Ишьаарҵәырахаз ачара» аҟны иаарԥшыз абзиабареи, аиӷареи, ахьӡи-ахьмыӡӷи, ҵыхәаԥҵәара змам ашьоуреи гәылҭәааны, ахәаԥшҩы игәаҵаҿы инеиртә апиеса иалаз ауаа рхаҿсахьақәа қәҿиарала анагӡара рылшеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәа, ҷыдала иаарылукаартә ароль хадақәа назыгӡоз, ахәаԥшцәагьы еицгәарҭаз ируаӡәкуп: Фрида Леи-ԥҳеи Вадим Абыхәбеи.
Аиашазы, уаҩы игәы изырхьуа аспектакльгьы, трагедиала ишынҵәогьы, актиорцәа рҟазара иабзоураны, ахәаԥшцәа лассы ирхамышҭуа, иргәалашәо хҭысны иаанхоит.

А.Хәырбыц-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me