Аԥсуа милаҭтә хаа-мыхаақәа иреиуоу ахәырмарҩа аҟаҵара иамоуп ахатә ҷыдарақәа. Уи арҩашьа ибзианы уақәшәароуп, хыхь ацәа кьакьаны, аҩныҵҟа ацха еиԥш агәы хааӡа иарҭны иҟаларцаз. Иаҵоузеи маӡас, ишԥарҩатәу ахәырма ииашаны, абри аилкааразы ҳарҭааит Оҭҳара ақыҭан инхо Аииаа рҭаацәара.