Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла Гарри Дороф­еи-иԥа Дбар иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы ихыҵуан 65 шықәса. Гарри Дбар, зыуаҩышьа ҳаракыз, иаамысҭашәаз, зус ахаангьы профессионализмла иазнеиуаз, иҵаулан ихәыцуаз уаҩын. Иара абжьаратә ҵара аныхиркәша ашьҭахь, идырра амҩа хацыркын М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны. Анаҩс 1978 шықәса рзы Зураб Аргәыни, Екатерина Бебиеи, иареи ииаган Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет…
Аԥсны аҳәынҭқарра еиҭашьақәыргылан 1921 шықәса март 4 азы, иара убас март 31 аҽны Асоветтә социалисттә Республика ҳәа ирылаҳәан.
Аҧсни аҧсуа жәлари рҭынчра, рҧеиҧш лаша азықәҧаҩ, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала Аҧсадгьыл ахьчара иааз фырхаҵаралагьы зхы ақәызҵаз Ефқан Цыба диижьҭеи 55 шықәса ҵит.
Аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы, Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Нелли Золотинск-иҧҳа Ҭарԥҳа диижьҭеи 90 ш. ҵит.
Уаҵәтәи зԥеиԥш иазхәыцуа ажәлар, заԥхьаҟа аизҳара мҩас илызхуа аҳәынҭқарраҿ зегь раԥхьа игылоуп ахәыҷқәа рыԥсҭазаара, урҭ рыхьчара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me