Араӡны даԥсахеит

29 Нанҳәа 2024 09:25
Аԥсны ииз Едишер Конџьариа Тиумен ақалақь аҟны, август 23-25 рзы Урыстәыла арегионқәа 22 рахьтә, 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа злахәыз аӡиудо азы Урыстәыла ачемпионат аҟны, зыкапан 73 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара аиндаҭлараҿы араӡны медаль даԥсахеит. Едишер дықәгылон Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала.

Нанҳәа

29 Нанҳәа 2024 09:06
Есышықәса, нанҳәа 28 рзы адунеи ақьырсиан жәлар иазгәарҭоит Анцәа иан лылацәаеиқәыԥсара амш. Аԥсуаа уи Нанҳәа ҳәа иашьҭоуп. Шьыжьнаҵы ақьырсианцәа ауахәамақәа ирҭаауеит, Анцәа имҵахырхәоит, ацәашьқәа адыркуеит. Нанҳәа ныҳәа азкуп Анцәа иан Мариа данԥсы ашьҭахь лыҷкәын Иисуси лареи рыԥсқәа реиқәшәара. Ари амш аҽны ақьырсианцәа рџьынџь ҩнаҭақәа рҿы еиқәшәоит, аишәа фатәыла идырхиоит, иргәаладыршәоит здунеи зыԥсаххьоу рыуацәа, рҭынхцәа, ацәымза адыркуеит. Нанҳәа аныҳәа аназгәарҭо ақәшәоит…
Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, 1992-1993 шықәсақәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рмемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент ахантәаҩы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев,…
Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 16 шықәса аҵра, ихҭыс дууп ҳауаажәларра рыҧсҭазаараҿы аиҧш, ҳҭоурых адаҟьақәа рзгьы. 2008 шықәса август 26 - ари амш иахьагьы зегь ҳабла ихгылоуп, изакәытә гәырҕьараз иаҳзацыз - аҧсуаа ироуит шәышықәсала иззықәҧоз Ахьыҧшымра. Аҧсуаа рхьыҧшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа. Уи азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Урыстәыла усҟантәи Апрезидент Дмитри Медведев. Хыхь ишаҳҳәахьоу еиҧш, ари амш акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә…
Апоет, апрозаик Иван Миқаиа 75 шықәса ихыҵит. Иван Ирод-иԥа Миқаиа диит (29.07.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.Очамчыра араион И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит (1967). Иреиҳау аҵара иоуит А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиут афилологиатә факультет аҟны (1972).

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me