Мышқәак роуп иаанхаз, Абзиараз, Агәылшьап иаҵәа ҳәа 2024-тәи ашықәс наскьаган, Бзиала уаабеит 2025-тәи Амаҭ иаҵәа Ашықәс Ҿыц аҭаларазы.2024-тәи Агәылшьап ашықәс, хаҭала, аԥсуа жәлар гәаҟра дук ҳзаанамгазаргьы, ҳаԥсҭазаара хынҭа-ҩынҭарала иҭәын, иуадаҩыз шықәсны имҩаԥысит. Ашықәс анҵәамҭаз, аҵыхәтәа шааигәахаз адырызшәа Агәылшьап даара аҽаҟьеит, ҳтәыла алашьцара аханарԥеит, аполитикатәи аекономикатәи ҭышәынтәалара шьақәнаҟьеит. Аха акызаҵәык – ауаажәлар ачҳара аарԥшреи аҭынчра аиқәырхареи рылыршо иааиуеит. Афымцалашара аҭагылазаашьа еиӷьхеит…
Ааигәа И.Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара Ацентр аҟны Ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» абзоурала имҩаԥган Ажәытә аԥсуа кәашара аҿиареи аҭоурыхи рылацәажәара, ажәытә аԥсуа кәашарақәеи «Аураашьеи» рынагӡареи ирызкыз «Аицгәырӷьара» аусмҩаԥгатә.

Афестиваль -"Амандарин"

29 Ԥхынкәын 2024 18:14
Ишдыру еиԥш, сынтәа раԥхьаӡакәны еиҿкаан афестиваль - "Амандарин". Уи мҩаԥыслоит ажьырныҳәа 3 инаркны 6 - нӡа ҳазҭало 2025 шықәсазы.
Абар мышқәак роуп иагу Ашықәс ҿыц ааира. 2024-тәи ашықәс наскьаго ҳҭалоит гәыҕра шәкы здаҳҳәало 2025-тәи амаҭ ашықәс.Ашықәс ҿыц ааира мызк шагу адәқьанқәа, амҩадуқәа, аҩнқәа, еиуеиҧшым ахыбрақәа ныҳәатә маҭәала еибырҭо иалагоит, уи угәалаҟазаара шьҭнамхуа иҟам. Ақалақьқәа рҿы акәзар имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа. Ԥхынҷкәынмза 27, асааҭ 16:00 рзы Гәдоуҭа араион, Ленин ихьӡ зху апарк аҟны иаадыртит ашықәс ҿыцтәи аиармарка. Сынтәа ацәыргақәҵа рхы…

Ажәлар ирҿахәҳәагахаз

27 Ԥхынкәын 2024 07:31
Сынтәа, 130-ҩык рнапы зҵаҩу «Аҧсуа шәҟәы» - 47 шықәса ахыҵит! Уи ашәҟәы иҩын 1977 шықәса, декабр 10 аҽны!.. «Аҧсуа шәҟәы» 130-ҩык знапы аҵазҩыз рахьтә, иахьанӡа зыҧсы ҭаны иҳамоу 36-ҩык роуп! Урҭ рахьтә, иҟоуп ичмазыҩцәоу, аиарҭа иамоугьы...

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me