Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр асценаҿ идырбан И.Тургенев иҩымҭа «Отцы и дети» иалху аспектакль. Ахәаԥшцәа есымша изгым ари атеатр актиорцәа ҟазацәа лассы-лассы узеигәырӷьаша дунеи ҭбаак уаздырхынҳәуеит, ус акәхеит аурыс классика иалху аспектакльгьы шымҩаԥысыз.
Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа 1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа» аԥҵаразы ақәҵара.
Сынтәа апионерлагер «Артек» иахыҵуеит шәышықәса. Абри акрызҵазкуа арыцхә инамаданы Аԥсны, акультуратә центр «Гәыма» иаԥшьган ацәыргақәҵа «Артек».
Ноиабр 2 рзы, XXII амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» аҳәаақәа ирҭагӡаны Китаи, ақалақь Чэнду, еицырдыруа аконцерттә зал Чэнду Сити аҟны дықәгылеит зыхьӡ ахара инаҩхьоу аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмаа.
Жәынгьы-ҿангьы абеиеи аӷари, малла мацарагьы акәымкәан, уаҩралагьы хәыки-шьхаки рыбжьан. Алакәқәа, асахьаркыратә фильмқәа рҿы акәзаргьы, шамахамзар малла ибеиоу ауаҩы дқьианы дуԥылаӡом. Ажәа иалаҵаны ирҳәоит: «Мыцхәы аԥара ауаҩы дыбжьнахуеит».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me