Дааирашәа ҳаизыԥшызаауеит

Аԥсуа жәлар  ирылиаауеит зхы аиҳа зыԥсадгьыл еиӷьазшьо, ашьхыц еиԥш ааԥсара рзымдырӡо, зыԥсадгьыли зыжәлари рус  иашьҭоу ауаа. Иахьатәи аамҭазы ус иҟоу маҷҩуп. Убас иҟаз аԥсыцқьақәа дырхыԥхьаӡалоуп Баҭал Гәынба.

Баҭал Владимир-иԥа Гәынба дахьиз аҩнаҭа ашҭа аԥсуа ҭоурых аҿы аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит. 1964 шықәса лаҵарамза 29 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан ииз иабду Даҳаир Гәынба шьҭрала Аҷандаратәын. Иабду  иашьа Ктыти Даҳаири Нестор Лакоба изааигәаз, ицныҟәоз ракәын, ареволиуциатә гәыԥ «Кьараз» иалан. Аменшевикцәа ирҿагыланы иқәԥон.

1918 ш. аменшевикцәа Аԥсны зегьы рнапаҿы ианаарга, еилыркааит Ктыт иашьеи иареи ахьыҟаз. Урҭ тҟәаны иргарц рыӡбеит. Рыҩны иакәшеит. Гәынаа рашҭаҿы наҟ-ааҟ еиҿагыланы иахьеибашьуаз аменшевикцәа иҭахаз рацәаҩхеит, иаанхаз хьаҵит…

1921 шықәса жәабран мзазы Ктыти Даҳаири рыҩны  еиҭа иакәшеит. Ашарԥаз реимаақәа рышьаҵарагьы иахьымӡеит. Ирызшьуаз ршьит. Бнала мацара Хәаԥынӡа шьапыла, ԥсҭбарада инеит. Бебиа Ҷаҷын иҿы рҽырҵәахит. Убраҟа ишыҟаз аилкаанҵа роуит Џьырхәа ақыҭан, 130-ҩык рҟынӡа, ақырҭуа меншевикцәа ацҳаҿы ишгылаз. Еибашьны, аиҩхаа ҭырцәажәаны, аменшевикцәа  рабџьар рымхны, раԥхьа иргыланы, Лыхнашҭа абааҿы иганы иҭаркит. Абас,  хаҵарыла Аԥсназы иқәԥоз Ктыти Даҳаири ргәараҭаҿы ауп Баҭал дахьиз. Иабдуи иабду иашьеи игәы рыладуун. Урҭ рпатреҭқәа еснагь иааигәа иҟан. Дара ирыдҳәалаз ахҭысқәа дрызҿлымҳан, ирацәаны идыруан.

Баҭал Гәынба  Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ даналга, ААУ афилологиатә факультет  (аԥсуа ҟәша) дҭалоит. Ауниверситет ашьҭахь иқыҭахь рҵаҩыс дхынҳәуеит. Ԥшьышықәса Жәандәрыԥшь  аҵаҩцәа Аԥсны аҭоурых дирҵон. Истудентра ашықәсқәа инадыркны аԥсуа амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» анеиҿыркаа, иқыҭаҿы уи аҟәша аиҳабыс даман. Уаанӡа Ҷанба Нодар напхгара зиҭоз «Аԥсны арҿиаратә ҿар»  зыхьӡыз ахеилак далахәылан. Ари ахеилак иалаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡон. Уаҟа ирылацәажәон: аекологиа, адемографиа, абызшәа, аҭоурых… Ахеилак даара ақәҿиарақәа аман. Аԥсны ахы-аҵыхәа еиднакылеит: ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхҩцәа, иара убас аҿар зхатәы гәаанагара змаз, зҿахәы зҳәаратәы иҟаз. Нхыҵ Кавказаа –ҳашьцәа адыгақәеи дареи аиҭанеиааирақәа ирылагеит. Рыгәҭыхақәа рызнаргон, даргьы рзыӡырҩуан.

– Кавказтәи аибашьра, –игәалаиршәон Баҭал Гәынба, – еилгеижьҭеи 125 ш. аҵраан Аҟәа ақалақь аҟны ахәылԥаз дуӡӡа еиҿаҳкааит. Азал унацәа узрыламкуа иҭәын. Уи ахҭыс ажәлар акыраамҭа ирхамышҭуа иаанхеит. Ҳхықәқәкы аиҳараӡак нагӡан. Нодар  Ҷанба афорум ахь аусура даниас  ҳусура аанаҳкылеит.

Баҭал Гәынба уи ашьҭахь Аԥсны еиҿкааз адемократиатә партиаҿы аусура далагеит. Усҟан уи апартиа Занҭариа Даури Гәымба Гурами ахагылан. Гәдоуҭатәи аҿар рхеилак иҟаз зегьы уахь иалалеит. Гагратәи Кьахьыриԥа дызхагылаз «Абраскьыли», Тҟәарчалтәи Вианор Гәарамиа напхгара зиҭоз «Нарҭааи» уахь инеит. Нхыҵ-Кавказгьы адемократиатә партиа ашьақәыргылара  иалагеит: Даӷьсҭан – Денга Халидов, Чечентәыла – Ибрагимова. Аԥснытәи адемократиатә партиа алахәылацәеи Нхыҵ-Кавказааи еиқәшәалон, аиԥыларақәа мҩаԥыргон. Усҟан апартиа ахақәкы хада Ашьхарыуаа  рреспублика аҭоурыхқәа ирӡыз, иҵәахыз рыԥшаара, рышьақәыргылара акәын. Кавказ Ашьхарыуа Республика иҿыцны аидҵара хықәкыс ирыман асовет аамҭазы. Дудаев Чечентәыла Апрезидентс иалхрақәа раан 20-ҩык инарзынаԥшуа уи идгыларазы ицаз аделегациа дрылан  Баҭалгьы. Зны  уи ахҭыс игәаларшәо, ус иҳәеит: –    «Чечниа иҟақәаз рахьтә зааԥсара дуӡӡаз рыхьӡқәа еиқәысыԥхьаӡоит: Гиви Смыр, Бадра  Аиба, Руслан Чамагәуа, Тарас Џьыкырба. Рхатәы еишьцәа реиԥш ҳрыдыркылеит, иҳаигәырӷьеит. Дудаев даналырх адырҩаҽны Аԥснынтә иҟаз аделегациа ҳидикылеит, иҭабуп ҳәа ҳаиҳәеит. Усҟан ацҳақәа ибжьа­ҳҵаз маҷымзар ҟалап …

1989 шықәсазы Светлана Марганиа напхгара зылҭоз ахеидкыла «Аԥсны» ахьӡын. Уи анцәырҵҵәҟьа иӷәӷәаны аус ауан. Аха, нас лахәылацәақәак рхатәы интересқәа рыхьчо ианалага, изгәамԥхауаз рацәаҩхеит. Усҟан уи алахәыла Баҭалгьы далҵуеит.

Аамҭа рацәак мцеит, Гәдоуҭа ақалақь аҟны ахеилак ҿыц еиҿкаан. Уи «Аубла» ахьӡын. Еиқәыршәан аԥҟаԥҵеи апрограммеи. Иара аԥсуаа рҵасқәеи, рқьабзқәеи, рхымҩаԥгашьеи рԥааимбар Аубла ихьӡ аҭан. Ахеилак «Аԥсны» иалаз зегьы арахь ииасит. Раԥхьаӡатәи идемократиатәыз аҿар ргазеҭ «Аубла» ҭыҵуа иалагеит. Редакторс  Саида Делба даман. Длывагылан длыцхраауан Ирина Завиалова. Уамашәа иубаша, аԥҟаԥҵаҿы  ианын раԥхьаӡа акәны ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥҵара ҳәа. Аполитикатә уаажәларратә хеилакқәа зегьы раԥхьа иахьанылаз ара акәын, ашәҟәҭагалара злаиузгьы еилкааӡам. – Акоммунисттә партиеи апартократцәеи ҳарҿагыланы акьыԥхьра ҳазлалагаз газеҭын «Аубла». Усҟантәи  СССР жәлар рдепутатцәа ралхраҿы Владислав  Арӡынбеи Тарас Шамбеи риааиразы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит. Араикомқәа русзуҩцәа ирҭахымызт иҟаҳҵоз, аха иаартны аҳәара рцәыцәгьан. Убри аҟнытә, ҵаҟа-ҵаҟала иаҿагылон. Уи азы аҿагыларақәа рацәаны иҳауит, урҭ зегьы агазеҭ адаҟьақәа рҿы иаҳкьыԥхьит. Ахеидкыла «Аубла» аусгьы бзианы иаиуит, аҭоурых аҿы иаанхартә ахықәкы  нанагӡеит.

Баҭал ԥсабарала дуаҩ ҭынчын. Аха игәамԥхаз иаахтны иҳәон, еиҳараӡак Ҳаԥсадгьыл иадҳәалаз азҵаарақәа еснагь игәы иҵхон. 1989 ш. Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә еибарххарақәа раамҭазы Москва имҩаԥысуан Урыстәыла акомҿареидгыла аизара дуқәеи  аконференциақәеи. Уахь, Москваҟа аконференциахь арзаҳал иҩит. Акомҿареидгыла дшалҵуа, уи агәра шимго ала . Уи шьаҭас иеиҭеит 1921-1931 ш.ш. Аԥсны астатус иамаз дмырхынҳәуазар, аиаша ашьақәыргылара рылымшозар, избан акомҿареидгыла алалара захәҭоу ҳәа иԥхьаӡеит. Аҭак имоуит, аха Аԥсны араикомқәа зегьы еимыкәкәаа ирыманы иқәын. Баҭал ҳаԥсуа қыҭақәа рҭагылазаашьа игәы иҵхон. Уи наҟ-наҟ аԥеиԥш аиуразы аҳәынҭқарра иамаз зегь ҟанаҵароуп, ҳәа иҳәалон. «Ҳқыҭақәа еиқәҳархаразы зегьы раԥхьа амҩақәеи, аӡи, алашареи рыгымхароуп. Урҭ аныҟала ақыҭа маҷк аҽеиҵнахуеит. Ақыҭа аҩнуҵҟа аҿар аус руртә аҭагылазаашьа рыҭатәуп. Иахьа арҵаҩы иуалафахәы дныҟәнаго иҟам. Сара аус анызуаз, альготқәа рацәаны иаман. Ашәахтәқәа акгьы ишәаӡомызт, дыҷкәынзар – арра дыргаӡомызт… Иҟаҵатәуп лкаақәак, ақыҭа иахәо, ақыҭа еиқәзырхо ҳәынҭқарратә  программак, уи  иазхәыцроуп аиҳабыра».

 Баҭал Гәынба Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны аус шиуаз Анаҟәаԥиа аҭоурых-архитектуратә хкаарсҭа ахь аусура диаргоит. Уаҟа аус иуан Гиви Смыр. Баҭал уахь даниас Анаҟәаԥиа ашьақәыргылара, арыцқьара, амҩа аҟаҵара иалагеит. Урҭ Аԥсны аҿар еидкыланы аиҭарҿыцрақәа мҩаԥыргон, Гиви ииареи аус ԥшьа ишаҿыз Аԥсны аибашьра иалагеит. Баҭал Аԥсны аӷа данақәла арезервтә гәыԥ аҟны мызкы дыҟан. Уи  ашьҭахь Ҟабардантә «алазан» ааргеит. Уи артиллериатә гәыԥ ахь даццеит. Аибашьраҿы «алазан» инанагӡаз рацәаӡоуп. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аҟынӡа уа дыҟан. «Алазан» иҭарҵоз аснариадқәа анынҵәа дызлаз агәыԥ  еихыршеит, аиҳараҩык артиллериахь ииасит. Баҭал Гәымсҭатәи афронт акомиссар Лиова Гыцба ихаҭыԥуаҩс дҟарҵеит. Нас абригадатә система еиҿыркаауа иалагеит. Ҩ-бригадак шьақәыргылан, аҩбатәи абригада аиҳабыс Гена Ҷанба дыҟан. Комиссарс  Саша Кетиа, уи  ихаҭыԥуаҩс – Баҭал Гәынба. Ԥхынгәытәи  ажәылара ианалага Уазабаа аганахь аҩбатәи абригада рнапы ианҵан. Аҳаракырақәа Гәыма,  Каман рҭарцәразы аибашьра ӷәӷәа цон. Ԥхынгәымза жәибжь рзы Гәыма Баҭал ӷәӷәала дхәын. Аԥсназы аџьабаа збахьаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы злагала маҷмыз, ихәыз, апатриот ду, ҳаицәажәарақәа руак аан аҳамҭа ҳәа акгьы шимамыз аниҳәа, – избан изумамзеи? – ҳәа санҵаа абас иҳәеит: «Сыхәны санышьҭаз, аибашьраҿы иааурԥшыз агәымшәаразы амедал уаҳҭоит, ҳәа ансарҳәа мап скит. Избанзар аиааира ҳамгацызт, аҳамҭақәа рызхәыцра, ргара  ԥсаҭам ҳәа исыԥхьаӡеит. Иахьа иҟьаны иҳаларыԥсо аҳамҭақәа, сгәы иалоуп иҭахақәаз зегьы  иахьрымам.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, усҟан Аԥсны Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа иахь аҳәара ҟаҵан, ақалақь Гәдоуҭа аҭоурыхтә музеи аартразы. 1980-тәи ашықәсқәа раан Гәдоуҭа араион Администрациа акультура аҟәша еиҳабыс иҟаз Владимир Инал-иԥа  аидеиа изцәырҵит. Уи аидеиа иахаҵгылеит, араион акультура Хан аҟны ауада аартын. Еизган: «Аԥсуаа ашәҩы» рфотосахьақәа, 1921 ш. Асовет мчра аагара иалахәыз рсиақәа, 1937-1940-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны ишьыз ауаа рсиақәеи рнысымҩақәеи, 1941-1945-тәи ашықәсқәа раан иҭахаз рпатреҭқәа. Акультура Ахан аҿы еиҿкааз ауада Аԥсны аибашьра ианалага идәылган. Уаҟа иҭахаз ҳаибашьцәа кҿарҵон, ауадаҿы аштаб ҟаҵан… Иӡыз рацәахеит… 1994 ш. Гәдоуҭа ақалақь аҟны амузеи аартразы ацхыраара ҳаиҭарц, Аԥсны Ахада Арӡынба Владислав Григори-иԥа ҳиҳәеит. Хьаҳәа-ԥаҳәада дадгылеит.

  Баҭал Гәынба аибашьра ашьҭахь иаразнак аҩбатәи абригада аштаб ахь дцеит. Артиллериа Кохора ақыҭаҿы иандыргыла, алеитенант Баҭал Гәынба иабџьар шьҭыхны, иҩызцәа рыгәҭа дгылан.

1994 шықәса абҵарамзазы аибашьра ашьҭахь, Гәдоуҭа Аԥсны раԥхьаӡа иаартыз С.Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи Баҭал Гәынба директорс даман. Дҭаацәарахахьан. Иԥшәма Џьыкырба  Мактинеи иареи ҩыџьа аԥацәа Алани Леони рааӡеит. Рҩыџьагь иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Алан дҭаацәароуп.

Баҭал Гәынба хышықәса раԥхьа адунеи зегьы аҟны иҟаз ачымазараҿкы «ковид» ихьит, иԥсҭазаарагьы ҿахнаҵәеит. 57 шықәса заҵәык роуп Анцәа лахьынҵас ииҭаз. Иаԥхьаҟа иҟаиҵашаз рацәан. Ихәыцшьа, ицәажәашьа, иажәа ҟәышқәа, иччаԥшь хаа, ихшыҩ еснагь иҳагзаауеит. Дындәылҵзар дааирашәа ҳаизыԥшызаауеит… Ҳара ҳазҿыз аус иацаҳҵоит, инаҳагӡоит. Иара иԥсы зыҩноу Ахан дызцеибашьуаз иҩызцәа ирызкуп. Рыԥсқәа ҭынчзааит. Амузеи хьыҵәцараны, ҭоурыхтә баҟаны иаанхоит. Баҭал Владимир-иԥа Гәынба иԥсы ҭазҭгьы лаҵарамза 29, 2024 ш. 60 ш. ихыҵуан. Ипатриотизм, иуаҩра, иламыс, иԥсадгьыл ахь абзиабара имаз ухнахуан, уртәыртәуан. Еснагь ибжьи иҳалалреи ихәыцрақәеи ҳацуп. Хашҭра иқәымзааит. Иҟаиҵашаз рацәан, аха ачымазараҿкы иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Аԥсҭазаараҿы дҳалагылоушәа еснагь дҳацзаауеит… Игәалашәара лашазааит.

Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me