Аԥеиԥш бзиа агәра игон

Сынтәа Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку Ирфан Аргәын диижьҭеи 90 ш. ҵит. Абизнес знапы алакыз, аха зыԥсҭазаара зегьы ижәлар рмилаҭтә интересқәа рыхьчара иазызкыз ҳџьынџьуаҩ, ауаажәларратә усзуҩы  илиршаз рацәоуп.

Ҭырқәтәылан, Диузџье иаҵанакуа Анхәа ақыҭан ииз Ирфан Аргәын иҭоурыхтә ԥсадгьыл еснагь дазҿлымҳан. Ииашьара еиднакылоз Аԥснытәи ижәлантәқәеи иареи аимадарақәа рыбжьан. Ианаамҭаз адырра бзиа зырҳаз Ирфан занааҭла декономистын, абизнес аус напхгара аҭара даманшәалан, егьицааиуан.  Инапы алакын ахәаахәҭра, нас атуристтә бизнес. Ишдыру еиԥш, Ирфан Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә компаниа Turkish Airlines иаҵанакуаз аиҿкаарақәа руак ахашәалахәы ахәҭак иара инапаҿы иҟан.

Аԥсни Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи реимадарақәа ҿиауа ианалага аԥсуа-адыга бизнесменцәа еидкыланы афирма ду “Нарҭашь” еиҿикааит. Ирфан дналаҵаны афирма анапхгаҩцәа Аԥсны 1990 ш. иаахьан,  аинвестициақәа ралагалара иазхәыцуан. Аха, рыцҳарас иҟалаз хара имгакәа Аԥсны аибашьра ҵысит. Аиааира ашьҭахьгьы ҳтәыла аекономикатә блокада иҭаркит, русура иацырҵартә аҭагылазаашьа маншәала ҟамлеит. Аха уи азы игәы каижьуамызт, еснагь иԥсадгьыл дызлахәарҭахаша аусқәа еиҿикаауан, агәаҳәарагьы иман.

Ирфан аԥсуа диаспора рыҩнуҵҟа ҳаҭыр иқәын, ихыԥша ыҟан, зажәа ԥхылнадоз дыруаӡәкын. Аԥсны аибашьра иалагаанӡагьы Ирфан усҟан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз Владислав Арӡынба дизааигәаны дидыруан, аимадара бзиа рыбжьан. 

 1992 ш. август 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны иахьақәлаз инамаданы, август 24 рзы Сҭампыл имҩаԥысыз аизара ду ахь инеит Ҭырқәтәыла иҟаз акультуратә дернеқьқәа 42 рхаҭарнакцәа. Зҵаара хаданы иқәгылан Аԥсны ацхрааразы Кавказтәи акомитет аԥҵара. Иалырхит 14-ҩык еидызкылаз анапхгаратә гәыԥ: Аҭаи Ацәышба, Ирфан Аргәын, Гиундуз Гьечба, Иурдаер Амаршьан, Раҳми Ҭуна (аҟабарда), Ҳиқмеҭ Албаираҟ (аҟабарда), Муҭедир Ильҳан (ачечен), Абдураҳман Оздиль (ачечен), Ардашьан Абганба, Џьенгиз Гогәуа, Ерҳан Шьаҳин (адыга), Сезан Папба, Фааҭиҳ Атәанба, Ремзи Илдырым (ауаԥс).  Акомитет аԥҵара зааԥсара адыз дыруаӡәкын Ирфан Аргәын.

Акомитет иалалаз рыҩнуҵҟа еиҳабыс далырхит Аҭаи Ацәышба, ихаҭыԥуаҩыс – Ирфан Аргәын. Ахеидкыла анапхгараҿы досу рнапынҵақәа еихшан, иаԥҵаз агәыԥқәа реиҳабацәагьы алхын: агәыҳалалратә зҵаатәқәа – Ирфан Аргәын, аекономикатә – Ерол Қәҭалыиа, амассатә-информациатә хархәагақәа аҽрымадаразы – Сезаи Папба уҳәа егьырҭгьы.

Аԥсны ацхраара хықәкыс иаманы ишьақәгылаз акомитет аусура напы анаркит. Ирызҿлымҳан аекономика, аполитика, адемографиа, агәыҳалалратә усқәа реиҿкаара уҳәа хкы-хкыла. Аус зуаз агәыԥқәа рҟынтә есуаха ажәабжь иазыԥшын,

акомитет аҿы иҟаҵоу, апхьаҟа иҟаҵатәу иалацәажәон. Абасала, аусура ду мҩаԥнагон Аԥсадгьыл ацхрааразы иаԥшьзгаз ахеидкыла.42 дернеқь рхыԥхьаӡараҿы иҟан, хазы аԥсуаа еиҿкааны ирымоу рҟнытә еиԥш, азахәқәеи аԥсуааиеилахәныирымоу адернеқьқәа рҟынтәгьы. Адернеқьқәа рнапхгарала аҭыԥанқәа рҟны еизыргоз агәыҳалалратә цхыраара, Сҭампыл еиҿкааз акомитет ахь иргон, уа еизыргон зегьы: ахәшәқәа, амаҭәа, афатә уҳәа хкы-хкыла еихшаны.

Аԥсны ацхрааразы акомитет аусура иамадахеит егьырҭ атәылақәа рҟны инхо аԥсуааи азахәқәеи.

 2000 ш. Аԥсны Аиҳабыра рахаҵгыларала Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә еилакы аҟнытә Ҭырқәтәылаҟа сцара азкын аԥсуа диаспора еиуаны  ҳаԥсадгьыл ахьчараан иҭахаз ҳџьынџьуаа рҭаацәарақәеи аԥсуа культуратә хеидкылақәеи рҭаара. (Сныҟәарақәа раан еидыскылаз аматериалқәа шьаҭас ироуит 2002 ш. Аҟәа иҭыҵыз сышәҟәы “Амцахара аамҭа”). Ҭырқәтәыла сыҟазаара аан, нанҳәа мзазы хәылԥазык Сҭампыл ақалақь аҿы Аԥсны ацхрааразы акомитет иалоу рԥылара сзеиҿылкааит Сҭампылтәи акультуратә дернеқь аиҳабы Қьамуран Ацәеи-ԥҳа. Ҳаиқәшәара иҽалаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла иҟаз Владимир Аҩӡба. Акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ирфан Аргәын, иара убас акомитет иалаз Ерол Қәҭалыиа, Иурдаер Амаршьан, Гиундуз Гьечба, Биульенҭ Аҩӡба, Асым Берзег (аубых) уҳәа сзацәажәаз ргәаанагарала, Аԥсны аибашьра ашьҭахь акомитет аусура еиҧҟьатәым ҳәа иахәаԥшуан, иҟаҵатәу аусқәа еиҳагьы ирацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Абас ихәыцуан Аԥсны аибашьра анеилгаз уи аилазаараҿы иҟаз.  Ирфани сареи раԥхьаӡа абра ҳаибадырит. Агәы ҭбаа зызҭаз иакәны дагьгәныскылеит. Убри нахыс, Ҭырқәтәылан еиԥш, Аԥсынгьы зныкымкәа ҳаиқәшәахьан. Уанынаиҿцәажәалак еиҭаҳәашьа змамыз ԥхарак узынижьуан, уахӡыӡаауа угәаҵа иҭаҵәахны иумамзаргьы амуа.

Акомитет анеиҿыркаа инаркны хантәаҩыс иамаз Аҭаи Ацәышба 1993 ш. апрель мзазы иҭыԥ аанижьит, ҿыц далхын Џьемалеҭҭин Арӡынба, актәи ихаҭыԥуаҩс – Ирфан Аргәын. 2001 ш. инаркны акәзар, акомитет ахантәаҩыс далхын Ирфан Аргәын. Убри нахыс жәаф шықәса инеиԥынкыланы напхгарагьы аиҭон. Аханатә еиԥш, ари ауаажәларратә хеилак Аԥсны имҩаԥнагоз  адәахьтәи аҩнуҵҟатәи аполитика иадгылан, егьацхраауан. Араҟа илшаз шьардоуп Ирфан.

Иуаажәларратә усура инамаданы Ирфан лассы-лассы Аԥсныҟа даауан, дрылахәын еиуеиԥшым аизарақәа, Аԥсны апроблемақәа ирымадаз аконференциақәа, астол гьежьқәа. Ирфан ивагылаз иҩызцәа ишазгәарҭоз еиԥш, ахеилак имҩаԥнагоз аусура аӷьырак иара ижәҩа иқәихуан, насгьы ҟәрышьлагьы ацхыраара ҟаиҵон. Ҳџьынџьуаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиара иадҳәалаз аусқәа рыӡбараан еснагь итәылахь дмаар иуӡомызт, Аԥсны аԥеиԥш иахьалацәажәоз иалахәра ахәҭоуп ҳәа дахәаԥшуан. Изӡатәузеи, ари зегьы аамҭа рацәаны имнахуан, аха, абжьааԥнеиԥш, зегьы дрыхьӡалар акәын. Ус ҟазшьас иман, ижәлар рус аԥхьа иргылон. Ианакәзаалакгьы, уи зегьы иара ихәҭаны дахәаԥшуан, аганахь агылара иҟазшьамызт. Аԥсни аԥсуа жәлари рзинқәа атәым ҳәынҭқарраҿы – Ҭырқәтәылангьы ахьчара  иуалԥшьаны иԥхьаӡон, ижәлар рызҵаарақәа рзы атәыла анапхгара рҟны зныкымкәа анеира илиршахьан, абжьааԥны рыхьӡала еиуеиԥшым ашәҟәқәа иҩуан, азҵаара аӡбра аҵыхәтәанынӡа инамгакәагьы  иаанижьуамызт. Абас еиԥш, апринципра илан.

 2002 ш. акәзар, Аиааира жә-шықәса ахыҵра азгәаҭараан Ирфан ҩаԥхьа Аԥсныҟа дааит. Уи дицын Гиундуз Гьечба. Иареи сареи ҳаиқәшәара иабзоураны агазеҭ “Аԥсны” аҟны искьыԥхьыз иҿцәажәараҿы инаимҩатәны иазгәеиҭеит: “Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иаабаз-иҳаҳаз рацәоуп. Аԥсны Ахада, уи ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Аиҳабыра рнапхгара уҳәа рҟны аиԥыларақәа ҳаман. Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рыԥсадгьыл еиҳа изламадахаша азҵаатәқәа ҳрылацәажәеит.  Хәышықәса раԥхьа аҵкыс акыр аиҭакрақәа ыҟоуп. Иубарҭоуп аекономика есааира ишышьҭыҵуа... Зегь реиҳа ҳразҟы лаша иацхраауа ҳәа избо – Аԥсни Ҭырқәтәылеи инхо ҳажәла ререигәныҩра, реибабара, реидгылара ауп. Зегьы шмашәалахо агәра аагоит... Хара имгакәа ахьԥшымра азхаҵара амш  еицазгәаҳҭо аамҭа Ҳазшаз иаҳирбааит, ҳажәлар зегьы алагәырӷьо иҟалааит”.

Абарҭ иажәақәа рыла ишьақәдырӷәӷәоит аибашьраҿы ҳажәлар иргаз Аиааира рԥеиԥш бзиа агәра шигоз, Аԥсуа Ҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аамҭа ааира дшақәгәыӷуаз. Хара имгакәа уи амш ихаҭагьы дахаанхеит.

2016 ш. август 27 рзы иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит зыжәлар рыцәгьеи рыбзиеи рыцеиҩызшоз ауаҩ қьиа, ахатәрақәа ируаӡәкыз Ирфан Аргәын. Анышә дамардеит Диузџье. Егьа ус акәзаргьы, ижәлар ргәаҵаҿы даанхеит ԥсра иқәӡамкәа. Ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа илшамҭақәа ахәшьара рыҭауа, Аԥсны Ахада Иусԥҟала уи ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа “Ахьӡ-Аԥша” аорден аҩбатәи аҩаӡара.

Вахтанг Аԥҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me