Угәы шьҭнахуеит

БРИКС ахәмаррақәа рҟны амацара акәӡам арҭ амшқәа рзы Аԥсны абираҟ гәадурала иахьыҳараку.


Ҟабарда-Балкариатәи ашьхеибыркыра иахәҭакуп Ельбрустәи араион иаҵанакуа, заҳаракыра 3800 метра инаӡо ашьхахыҵырҭа Тресколак. Ааигәа, уаҟа аԥсуа бираҟ ықәдыргылеит, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу Арратә баҩрҵәыра аинститут акурсантцәа – аԥсуа ҵеицәа Владислав Матуеи Алмас Оҭырбеи.
Урҭ Урыстәыла аԥшьгарала зеимабзиара ҳәаақәҵоу аҳәынҭқаррақәа рырбџьар мчқәа рыбжьара имҩаԥысуа аиндаҭларақәа ирыхәҭа хадоу. «Саиансктәи аҵҟьара» ҳәа хьӡыс измоу, ашьхаҟны акаҵәара ахаларазы аҽазыҟаҵара – аҳәаақәа ирҭагӡаны, 18 километр инаӡоз ашьхаҿҟьара мҩабааԥс 11 сааҭ рыла иахысны ашьхахыҵырҭаҟны аԥсуа бираҟ шьҭырхит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me