2026 шықәсазы аинвалидцәа рыхәышәтәразы иазоужьхоит 63 млн мааҭ, иара убасгьы ахәышәтәырҭахь ацара, аара иадҳәалоу ахарџь шәахоит. Араҟа зыӡбахә ҳәоу Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы аинвалидцәа рыхәышәтәра иадҳәалоу аныхтәқәа роуп. Иара убас Аԥсны еиуеиԥшым аныхтәқәагьы рыхә шәахоит (анализқәа,МРТ, КТ уҳәа ирацәаны);
4,5 млн мааҭ - ампутациа зызу ашьапқәеи алақәеи рыпротезҟаҵара иазоужьуп;
28 млн мааҭ – Аԥсны анҭыҵ иҟоу асанаториақәа рҿы аҽыхәышәтәразы;
99,16 млн мааҭ – ахәшәқәа раахәаразы;
6,5 млн мааҭ – иҷыдоу атехникатә хархәагақәа раахәаразы;
26 млн мааҭ – ахаԥыц хәышәтәразы;
36,38 млн мааҭ – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы;
Афонд анапхгараҭара аппарати араионтә хаҭарнакрақәа фбеи рныҟәгаразы иазԥхьагәаҭоуп 34,69 млн мааҭ.


