Аԥсуа ҵеи, Европеи, Карибтәи арегиони, адунеии рчемпион, убасгьы Урыстәыла ачемпионат ҩынтәны (2017, 2019 ш.ш.) араӡнытә аԥхьахә иаԥсахахьоу, 2019 ш. рзы хатәгәаԥхаралатәи абокс азы Европатәи ахәмаррақәа рҟнгьы араӡны раԥызгаз Харитон Агрба, абокс Жәларбжьаратәи афедерациеи (WBA), адунеизегьтәи Ассоциациеи рыӡбарала дахыԥхьаӡалоуп, зыкапан агәҭабжанӡа инаӡо, ари аспорт хкы азҟазацәа рыбжьара, адунеиаҿы алыҵшәа ҳаракқәа аазырԥшуа ҳаамҭазтәи аспортсменцәа 15-ҩык рсиа.