Амза анҵәамҭазы атәыла Анапхгара иҳаҩсыз ашықәс аҳасабырба ҟарҵоит. Делба иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада идҵақәа ианаамҭо рынагӡара иамо аҵак ду.
«Ишәгәаласыршәоит, еиуеиԥшым аусхкқәа рынагӡара шаҭаху 2026 шықәса аҽеиҩшамҭазы, иҟоуп уи аԥхьа ихыркәшатәқәоугьы»,– иҳәеит аԥыза-министр.
Атәыла Анапхгара аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ақыҭанхамҩа арҿиара, ҿыц иаԥҵо аҭаацәарқәа адгылара рыҭара, ахәыҷқәа рираан аԥаратә цхыраара аҟаҵара. Аҳәынҭқарра Ахада иқәиргылаз адҵа инақәыршәаны атәыла Анапхгара ргәы иҭоуп ахәыҷы даниуа 50 000 мааҭ рҟынӡа ашәара.
Иара убас, ауааԥсыра иҭышәынтәаланы фымцалашарала реиқәыршәареи акурорттә сезон аҽазыҟаҵареи хшыҩзышьҭра ду арҭоит. Иалацәажәан акультуреи, аспорти, аҿартә политикеи рызҵаарақәа.


