Амилаҭтә журналистика арҿиараҿы рлагаламҭазы, акьыԥхь аганахьала рылшамҭақәа рзы агазеҭ «Аԥсны» 105шықәса ахыҵра инамаданы «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит: Ахра Анқәаб, Борис Қаџьиа, Кристина Инаԥшьба, Наира Сабекиа, Стелла Сақаниа, Хьыбла Ҳашба. Аԥсуа журналистикаҿы шықәсы рацәала, лҵшәа бзиала русуразы агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит: Алиса Гәажәба, Шарида Торчуа,…
Сынтәа ишдыру еиԥш агазеҭ «Аԥсны» 105-шықәса ахыҵит. Убри инамаданы иахьа, мшаԥы 24 рзы инарҭбаан иазгәарҭоит аиубилеи. Ари амш аҽны, ашьыжь асааҭ жәаба рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа анышә иахьамадоу «Ахьӡ-аԥша» апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц уахь инеит ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиа» анапхгара, агазеҭ «Аԥсны», «Республика Абхазия» русзуаҩцәа. Иара убас аиубилеи азгәаҭара ашҟа ааԥхьара змаз Ҭаҭарсҭанынтә, Ҟарачы-Черқьесынтә, Москвантә, Адыгеиантә…

Аҭыжьымҭа ҷыда

23 Мшаҧы 2024 12:33
Иҭыҵит агазеҭ «Аԥсны» 105-шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә ҭыжьымҭа ҷыда. Уи адаҟьақәа рҟны иаарԥшуп шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа агазеҭ аҭоурых. Иануп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы агазеҭ напхгара азҭоз аредакторцәа рфотосахьақәа. Актәи адаҟьаҿы Дырмит Гәлиеи Самсон Ҷанбеи агазеҭ раԥхьатәи аномер ианылаз рыстатиақәа кьыԥхьуп. Акыр шықәса инеиԥынкыланы агазеҭ амаҵ азызуаз, иахьагьы уи иазааԥсо аусзуҩцәа Борис Қаџьиа, Ҭина Аҳашԥҳа, убасгьы атәанчарахьы ииасхьоу, ҳауаажәларра иалагылоу Валера Маршьан,…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me