Жәаа шықәса зхыҵуаз аҭыҧҳа дымҩахыҵит агазеҭ аредакциа ашҟа, алаҳәараҿы илбаз аусурҭа ҭыҧ адҵааларазы. Усҟантәи ашықәсқәа рзы агазеҭ «Аԥсны» «Аҧсны-ҟаҧшь» ҳәа иҭыҵуан. Редакторс дыҟан Сергеи Кәыҵниа.

Аамсҭашәара згым

29 Мшаҧы 2024 07:28
Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Валери Џьота-иԥа Амаршьан ааигәа 80 шықәса ихыҵит. «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, акыр шықәса амилаҭтә журналистика амаҵ азызуз, ҷыдала агазеҭ «Аԥсны» зџьабаа аду ииубилеи ашьҭахь игәы ззыбылуа иусура хатәгәаԥхарала иаанижьит, аԥсшьарахь диасит. Аха лассы-лассы аредакциа даҭаалоит, аусзуҩцәеи иареи еибабоит, ажәытә-аҿатә ирылацәажәоит.
Зқьышықәсала ҳажәлар ауадаҩрақәа шырхыргозгьы, ирылиаауан ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш аиқәырхара иазыхиаз, уи зыԥсҭазаараз агәымшәақәа, аиҿамсқәа, аԥызацәа. Урҭ роуп изыбзоуроу иахьа иҳамоу ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқаррагьы.«Ҵәымаӷк-ҽеимаак, ҽеимаак-ҽык, ҽык-фырхаҵак, уи афырхаҵа ижәлар дреиқәырхҩхар алшоит» ҳәа… баша иднамырҳәеит ҳабдуцәагьы ргәы аҟәышра. Ԥшьышықәса шихыҵуаз амҳаџьырра иагаз, аха Ҳазшаз илыԥхала ахынҳәра зқәашьханы, «аҟарма рыҟәных архнышьнақәа, ицәахьаз амца еиқәызҵаз» Гәлиа Иасыф-иԥа Дырмит аԥсуа жәлар рзы илиршаз уаназхәыцлак, иџьаумшьарц залшом.…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me