Ааигәа абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҟны имҩаԥысит ҿыц иҭыҵыз аԥсуа бызшәа аҵара иазку ашәҟәқәа хәба рӡыргара. Арахь иааԥхьан ашәҟәқәа реиқәыршәара иазааԥсаз аҵарауаа, абызшәадырҩцәа.Ашәҟәқәа рӡыргарахь ииасаанӡа минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит ааигәа здунеи зыԥсахыз абызшәадырҩы, апрофессор Сариа Алеқсандр-иԥҳа Амҷба.Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашәҟәқәа рӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы. Идлырбеит иҭрыжьыз ашәҟәқәа. Уи илҳәеит: «Раԥхьа ихадоу аԥсуа бызшәа дырҵара, иҷыдоу…
Аҧсуа телехәаҧшра ажурналистцәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аинтервиу анимырхуаз актәи зҵаараны ишьҭырхит аҧсуа бызшәа азҵаара - абызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарра иарбан усқәоу имҩаҧнаго.Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 30 шықәса рыҩныҵҟа х-комиссиак шеиҿкааз аҧсуа бызшәа арҿиаразы, аха иахьагьы инагӡам аусқәа шыҟоу.«Сани саби еиҭарҳәон: аҧсуаа азин рымаӡамызт Аҧсны ҧсышәала ацәажәара. Уи шықәсык акәӡамызт ус ианыҟаз, кыршықәса иҟан, аха ҳауаажәлар аҧсуа бызшәа еиқәдырхеит. Аҧсышәала џьара унеины…
Аԥсуа ҭҵаарадырреи акультуреи рҿы здаҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыԥхь абеит аа-томк зҵазкуа аԥсуаа рнарҭтә епос. Аредактор-аиқәыршәаҩ – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа. Аиқәыршәаҩ ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс арҭ аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит 2005 шықәсазы. Ари аус рнапы шалакыз иалакын усҟан Зураб Џьапуа…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me