Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ииун аҽеиҩшамҭазы Краснодартәи атәылаҿацә Дагомыс аҳаблан имҩаԥысыз «пауерлифтинг» аспорт хкы азы «Олимпиа – 2024» ҳәа хьӡыс измоу аҟны Аԥсны ахаҭарнак Давид Шанаа зықәра 15 ш. еиҵам, зыкапантә категориа 100 кг. рҟнынӡа инаӡо рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит.
Х-хәҭаклатәи аиндаҭлараҟны анаҩстәи аихшьалатә лҵшәақәа ааирԥшит: аихатәы гьежь хьанҭақәа наҟ-ааҟ изхоу аихатәы «уӷәа» иҟәаҟәа иқәҵаны атәара-агыларала ишьҭихит – 195 кг., адгьыл аҟны ибӷа дықәианы уи «ауӷәа» ашьҭыхраҟны – 110 кг. инаӡеит, ихьанҭоу иаханы агарала (становая тяга) – 200 кг. имч ақәхеит уадаҩрада. Инеизакны аԥеиԥш лаша ззыԥшу «аидарашьҭыхҩы» қәыԥш 505 кг ашьҭыхра илшеит. Иазыҟаҵаҩ – Анна Пардисиани (ақ.Москва).
Убасгьы ари атурнир аҟны аҭыԥҳацәа рыбжьара лықәреи лыкапантә категориеи иаҵанакуаз рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит аԥсуа ԥҳәызба Алина Қьышьмариа.