Ҳажәлар ззыгәдуу

Дарбанызаалак агәаахәара ҳарак инамҭарц залшом жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аусмҩаԥгатә аҟны утәыла абираҟ ҳаракны ахьыӡрашәа (агимн) абжьы ангауа. Ҵабыргыхаҭаны ҳара аԥсуаа ҳзы уи ҩынтәгьы игәышьҭыхгоуп.

Ҳдоуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иажәақәа «Сара саԥсыуоуп» даҽазныкгьы уаҵаҽырбаны ишьақәурӷәӷәоит ухазы. Уи, ҳәарада, даараӡа акраҵанакуеит аԥсҭазаараҿы.
Ихыркәшахеит ҩымчыбжьа инарзынаԥшуа Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан имҩаԥысуаз 90 ҳәынҭқарра рахьтә 4500-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа, 29 спорт хкы рыла иахьеиндаҭлоз БРИКС жәларбжьаратәи ахәмаррақәа. Урҭ ирылахәын Аԥснытәи еизгоу акомандагьы. Ҳаспортсменцәа рылшарақәа ԥыршәон 13 спорт хкы рҟны.
Урҭ адгылара рыҭара рхықәкны имаҷҩым ҳтәылауаа уахь инеиз. Ахәмаррақәа раартра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын Жәлар Реизара Аиҳабы – Лаша Ашәба, уи ихаҭыԥуаҩ – Асҭамыр Аршба, акультуреи, аспорти аҿар русқәеи рзы аилак ахантәаҩы – Венори Бебиа, аграртә политикеи, аԥсабаратә малқәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Демур Гогиа, аспорт азҵаарақәа рзы атәыла Ахада иабжьгаҩ – Ахра Ашәба уҳәа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратә еилазаареи рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.
2016 ш. раахыс имҩаԥысуа арҭ ахәмаррақәа, раԥхьаӡа акәны ирылахәыз Аԥснытәи аспортсменцәа рзы ишымариамызгьы, иҟан угәы шьҭызхуа алҵшәақәагьы маҷымкәа.
Ииашоуп, раԥхьатәи аиндаҭларақәа ирылахәыз ҳаспортсменцәа рықәгыларақәа рҟны маҷк аиҵахарақәа ҟалазаргьы, «аҽы иақәымтәац иоуп, аҽы иканамыжьыц» ҳәа баша ирымҳәозаап…
Ахәмаррақәа актәи аҩбатәи амшқәа раан ҳаспортсменцәа злахәыз аспорт хкқәа – аиԥхныҩлара, аҵәыршәра, самбо, хә-ҩык рыла ишьақәгылаз аишәатә ԥкьаҭмпыл азы акоманда алахәцәа рықәгыларақәа уҳәа зегьы аҵахарала ихыркәшан. Аха, анаҩс ишиқәымҿиазгьы Давид Амҷба «ушу» азы раԥхьатәи иқәгылараҿтәи ииааирала ихацыркхеит ҳкомандазы ԥхьаҟацара амҩахәасҭа. Урҭ есааира иаадырԥшуан угәы шьҭызхуа аихьӡарақәа. Аԥсуа самбист Раҳман Напиџьев «мышьҭабзиала» ҳәа аџьаз иҽаԥсеитәит. Ари раԥхьатәи медальын Аԥснытәи акомандазы.
Ари амш аҽны зыкапан 61 кьыла инаӡо аштангашьҭыхҩцәа реиндаҭлараҿы аџьаз медаль даԥсахеит, Урыстәыла иеизгоу акомандазы иқәгылаз Аԥсны аҵеи Елҟан Гәазаагьы.

Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа ахәбатәи амш азы зхы иақәиҭу ақәԥаразы зыкапан 65 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара иқәгылоз Даниил Харчлааи, 70 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара еиндаҭлоз Мараҭ Кәакәасқьыри аџьаз медальқәа раԥсахара рылдыршеит. Даҽа ҩымш аабжьысхьаны абырзен-аурым еиқәԥара хкы аҟны араӡны медаль агара илшеит Аԥснытәи аспортсмен Рамазан Арапханов. Иара убри амш азы акәхеит Аԥсны акоманда аизакырҭа аԥшьбатәи аџьаз медаль ала ианазлырҳа, абокс азы, зыкапан 54 кьыла иҟоу аҭыԥҳацәа реиндаҭлараҿы Беата Арышԥҳа..
Ашь­апылампыли амҵәышәмпыли рзы ҩ-хәҭакны еилоу ахәмаррақәа рҟны ҳкоманда ахаҭарнакцәа аҩбатәи аиԥыларақәа раан иаҵахазаргьы, актәиқәа рыҟны алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. Ари аспорт хкы, ишдыру еиԥш, сынтәоуп раԥхьаӡа акәны ианалагалоу, насгьы арҭ ахәмарақәа рҟны ада џьаргьы ицәырымҵыцт. Аспорттә терминологиа ахархәарала – фиџьитал-ашьапылампыл, фиџьитал –амҵәышәмпыл ҳәа хьӡыс измоу арҭ ахкқәа мҩаԥысуеит ишаҳҳәахьоу еиԥш, ҩ-хәҭакны: раԥхьа аинтерактивтә хархәагаҿы ихәмаруеит аиндаҭлаҩцәа иазыԥҵәоу аамҭа кьаҿ иалагӡаны, анаҩс лабҿаба мҵәышәк мамзаргьы амба мацарак ахьгылоу адәҳәыԥш аҟны иацҵахоит реицлабра, аҩ-хкык рҟны идырҳаз акәаталақәа реицҵарала дал­каахоит аԥы­жәара згаз.
­Аԥ­­снытәи аша­х­­ма­­тистцәа ракә­зар атәылақәа Бах­­реини, Аахыҵ Уаԥ­стәылеи, Намибиеи рха­ҭа­рнакцәа ириааины, ари ах­­кы аҟ­ны 13-тәи аҭыԥ ааныркылеит.
Ииун 22 рзы даҽа џьазтә медальк ахыԥхьаӡалахеит Аԥсны акоманда аизакырҭа, аӡиудо азы 100 кьылак иҟоу рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз Инал Гаделиа ибзоураны.

­Алҵшәақәа ир­ылҵшәахеит БР­ИКС ахә­­маррақәа аҵы­хәтәантәи амш азы, уаҟа лабҿаба иа­­лахәыз ргәеизҳара еиҵамыз, згәы хыҭ-хыҭуа Аԥсны ателе­рбагақәа ирыдтәалаз зқьҩыла ахәаԥшцәагьы назлоу, ҳәаа змам агәырӷьара рызҭаз, аԥсуа боксиор Герман Арџьениа 60 кьыла зыкапан наӡо рыбжьара афиналтә еиԥылараҿы, Узбекситантәи аспортсмен диааины ахьтәы медаль дахьаԥсахаз. Ҳәарада, «абри соуп сара» «сара саԥсыуоуп» ажәақәа дрызыгәдуны, Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза, Урыстәыла аԥхьахәгара араӡни аџьази зҽаԥсазтәхьоу, Герман Арџьениа ҳтәыла ахьыӡрашәа ацҳәо аԥхьахә анашьарҭа да­хьықәгылаз даара акырӡа аҵанакуеит ҳа­жәлар ­рыхьӡ-рыԥша адунеи ардырразы.
Инеидкыланы БРИКС ахәмаррақәа рҿы Аԥсны еизгоу акоманда, 387 комплект ирзықәԥоз 90 тәыла рыбжьара 13-тәи аҭыԥ ааннакылеит игоу амедальқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара ала. Урҭ зынӡа 7 медальк ыҟоуп: ахьтәы – 1: араӡны – 1; аџьазтәқәа – 5.
Аԥснытәи аспортсменцәа ргәабзиара хылаԥшра азыруан жәларбжьаратәи ахәмаррақәа рҟны, аҳақьымцәа – Алеқсеи Карчаа, Ҳаџьараҭ Шамба, Ахра Чқәан. Иара убас, арҭ ахәмаррақәа рҿы абокс азы аиндаҭларақәа аӡбаҩцәа ргәыԥ далан аԥсуа ҵеи, ари аспорт хкы азы жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу аӡбаҩ Валериан Арлан.
Ииун 23 рзы жәларбжьаратәи амультиспорттә хәмаррақәа ирылахәыз Аԥсны еизгоу акоманда аҭааит Казан, Приволжтәи араион аҳабла Мирныи имҩаԥысуаз ажәлар ржәытә хәмаррақәеи, аныҳәатә қәгыларақәеи, ҳаамҭазтәи аспорттә еицлабрақәеи рыла еиҿкааз амилаҭтә ныҳәа «Сабантуи». Ахәылбыҽха ари аныҳәа хыркәшан атеатралтә қәыргыламҭа «Азамаҭ иҳәамҭа» ҳәа хьӡыс измаз аусмҩаԥгатә иахәҭакны, ахәмаррақәа ирылахәыз аҳәынҭқаррақәа рбираҟқәа ҳаракны рцәырҵра ала – араҟагьы Аԥсны раԥхьа игылан.
Ҳажәлар зызгәдуу ҳаспортсменцәа хынҳәит ииун 24 рзы, Аԥсны ауаажәларра рхаҭарнакцәа урҭ ирԥылеит шәаҳәарылеи кәашарылеи Гагра ақалақь ашҭа ԥшӡақәа руак аҟны.
Лкаак аҳасабала, мҩашьарада иаҳҳәарц ҳалшоит арҭ аицлабрақәа анаҩс аҽрылархәразы иҵегь аџьабаа зыдбалатәу, ихымԥадатәны ирҽеитәу аусқәа маҷымкәа ҳаԥхьа ишышьҭоу.

Ахра  Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me