Шамиль Ԥлиа диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкны Арҿиареи ауаажәларратә усуреи еилазыгӡоз апоет, апрозаик, Аҧсуа телехәаҧшра (Ателехәаҧшреи арадиодырраҭареи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә комитет) раҧхьатәи ахантәаҩы Шамиль Хәсеин-иҧа Ҧлиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра инамаданы, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аҧшьгарала, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны еиҿкаан игәаларшәара ахәылҧаз.
Ноиабр 15 рзы Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысыз азыӡырҩра азкын «Иахьатәи ҳаамҭазы Аҧсны ҭыҧс иааныркыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа».
Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова. Аиҧылараҿы ирылацәажәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа реикәыршарала атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рышьақәыргылара азҵаарақәа. Џьопуа иаликааит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рекспорт арҿиара ахырхарҭа хадақәа.

Гәыԥҩык адепутатцәа

25 Абҵара 2022 09:24
Ааигәа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык усуратә визитла ирҭааит Урыстәылатәи рколлегацәа. Аиҧылара хықәкыс иаман Пицундатәи Аҳәынҭқарратә дача азҵаара алацәажәара. Абри азҵаара инамаданы аделегациа иалахәыз ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧыргеит.
Ноиабр 21. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Шәачатәи аҳәынҭқарратә университети Аԥсны атуристтә усхк азы астудентцәа реицазыҟаҵара напы адыркуеит. Ноиабр 21 азы Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны имҩаԥысит аректор Алеко Гәарамиеи зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Мантера – Групп» адиректор хада Џьамбулаҭ Хатуови реиԥылара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me