Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Арҿиареи ауаажәларратә усуреи еилазыгӡоз

Шамиль Ԥлиа диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкны

Арҿиареи ауаажәларратә усуреи еилазыгӡоз апоет, апрозаик, Аҧсуа телехәаҧшра (Ателехәаҧшреи арадиодырраҭареи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә комитет) раҧхьатәи ахантәаҩы Шамиль Хәсеин-иҧа Ҧлиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра инамаданы, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аҧшьгарала, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны еиҿкаан игәаларшәара ахәылҧаз.

Уи игәалашәара аҳаҭыр азы  еиҿкаан инапаҵаҟа аус зуаз иааӡамҭацәа, иахьа ихатәроу гәыҧҩык ажурналистцәа злахәыз «Астол гьежь».

Аиқәшәара аартуа, раҧхьатәи рнапхгаҩы иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи, уи идҳәалоу ахҭысқәеи згәалазыршәарц имҩахыҵыз иҭабуп ҳәа раҳәо, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг ицәажәараҿы иазгәеиҭеит, хаҭала, даара аҧхарра зҵаз ауаҩы, аҧсуа шәҟәыҩҩы, бжьы ҿацала аҧсуа жәлар рыгәҭыхақәа зҳәоз напхгаҩыс дахьимаз насыҧ дуны ишиҧхьаӡо.

«Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылара инаваргыланы, хаҭала, аҧсуа телехәаҧшра анапхгаҩык, хантәаҩык иаҳасабала мацара акәымкәан уи аҿиареи, ашьақәыргылареи, аиҿкаареи рҟны Шамиль Хәсеин-иҧа иџьабаа рацәоуп.

Аҧсҭазаараҿгьы, аусураҿгьы аҭакҧхықәра еснагь зхы иадызҵоз, агәаҕьра дуи ачҳареи злаз, хара ихәыцуаз, зымшьҭагьы даара ибзиаз уаҩны, напхгаҩны хаҭала, сгәалашәараҿы даанхоит ахааназ» – иҳәеит уи.

Анаҩс, «Астол гьежь» ахь имҩахыҵыз ажурналистцәа ргәалашәарақәа рахь ииасын. Урҭ хаҭа-хаҭала гәыблыла иргәаладыршәон зыхьӡ даара иазгәдуу раҧхьатәи рнапхгаҩы идҳәалаз ахҭысқәа, иалацәажәон уи ихаҭареи ирҿиареи.

Акыршықәса Аҧсуа телехәаҧшра аиҳабыс аус зуаз, арежиссиор, ауаажәларратә усзуҩ Гәырам Амқәаб ицәажәараан «ииасхьоу ауаҩы игәалашәара еснагь иҟазароуп» – ҳәа азгәаҭо, Ш.Ҧлиа игәалашәара аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Анаҩс, иажәа иацҵо, дазааҭгылеит, раҧхьатәи  рнапхгаҩы инапаҵаҟа хаҭала уи иусура аамҭа.«10 шықәса инеиҳаны Шамиль Хәсеин-иҧа инапаҵаҟа  аус зуит. Уи аус ицура мариан, иманшәалан. Знымзар зны даҕьны дсацәажәо ҟамлацызт. Уи аҧсуа телехәаҧшра напхгара аиҭон еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, аҧсышәала адырраҭарақәа рыҟаҵареи, аефир ахь ашьҭреи уажәеиҧш имарианы аҭагылазаашьа аныҟамыз. Усҟан, ақырҭцәа «дықәдыргьежьаауан» аха, иара иҽаҵаирхомызт, иарбан уадаҩразаалак хшыҩла алҵшьа, ахацәгашьеи аус арманшәалареи илиршон. Еснагь аҿыц аҧшаара дашьҭан, уи иҭахын аҧсуа телехәаҧшра аҧсышәала мацара иҟазарц. Еснагь ихьчон, аҧсуа жәлар ҳҭоурых, ҳбызшәа, иҿаҧиҽуан уи аицакра иашьҭаз», – иҳәеит уи.

Раҧхьатәи адырраҭара Рауль Лашәриеи иареи Қарҭ амонтаж аныҟарҵоз ахҭыс игәаларшәо, Гә.Амқәаб дазааҭгылеит, усҟан, адырраҭараҿы «Шәнеибац» амузыка ахьалагалаз азы азҵаарақәа рацәаны ишцәырҵыз, амузыка амырхырц рабжьаргеит, аха даргьы ақәшаҳаҭымхеит. Усҟангьы, уи ашьҭахь Қарҭ ҩынтә адырраҭарақәа анааныркылагьы Ш.Ҧлиа «хьаас иҟашәымҵан» ҳәа ҭынч-ҭынч – ирҳәаша, иҟарҵаша, рхы шымҩаҧыргаша шрабжьеигоз, ишымҩақәиҵоз.

«Ш.Ҧлиа аефир аҟны еиҧш аҧсҭазаараҿгьы ихьчон ҳбызшәеи ҳҭоурыхи рҧеиҧш» азгәеиҭеит  Гә.Амқәаб иажәа хыркәшо.

Аҧышәа змоу ажурналист хатәра, акыршықәса Аҧсуа телехәаҧшра аҟны аус   зухьоу Ҭина Қорсаиа-ҧҳа илгәалалыршәеит 1978 шықәсазы Аҧсуа телехәаҧшра анаартха, зус здыруаз, аҧышәа змаз ажурналистцәа  шазымхоз, адырраҭарақәа рыҟаҵара акыр ишыуадаҩыз атехника аҟамзаара иахҟьаны. Аха иага уадаҩра шыҟазгьы, уахгьы-ҽынгьы аус шыруаз.

«Шамиль Хәсеин-иҧа иеиҧш патриот дыҟамызт аиашазы. Уи еиҳа ианыуадаҩыз, акгьы аныҟамыз, дызхыҧшылоз, ма акы иҵазҳәоз аныузымҧшаауаз аамҭазы аҭакҧхықәра ду ихахьы иганы, иҽагьаҵамырхакәан хьыӡла-ҧшала  Аҧсуа телехәаҧшра аҿиара амҩа ианылартә амаҵ азура илшеит. Арҿиаратә коллективгьы рнапхгареи реидкылареи рыхьчареи иара иеиҧш изылшаз даҽа напхгаҩык дысгәалашәом» – лҳәеит уи.

Хаҭала Ш.Ҧлиа ирҿиара  дазааҭгыло, апоет, апублицист Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит:

– Шамиль Хәсеин-иҧа дышқәыҧшӡаз ажәеинраалақәа рыҩра далагахьан, иқәыҧшра аамҭазы акьыҧхь рбеит иажәеинраала ссирқәа. Уи иҧсҭазаараҿы заатәи ипоезиа амҽхак аасҭа аҧыжәара рыманы  иҟалеит ипрозатә рҿиамҭақәа.

Еиҳараӡак ҳаҧсуа прозаҿы ҳлитератураҿы иҿыцу аконкреттә факттә документ шьаҭас измоу, инеиҧынкыланы ашәҟәыҩҩы ақьаад ианиҵоз, хронологиала инеишьҭаргыланы хаҭала иара дызлахәыз, иныруаз, ма шаҳаҭс дызмаз ауаажәларратә, абзазаратә хҭысқәа аазырҧшуа имшынҵақәа роуп. Хаҭала, напҟазарыла иҩу  арҿиамҭа «Аҧсҭазаара ацәқәырҧақәа» иагәылоу

амшынҵақәа зызку, аҧсуа шәҟәыҩҩы иҧсҭазаараҿы ихадаз аҭыҧ аанызкылоз, акыршықәса инеиҧынкыланы, хықәкыла иаҳҳәозар, 9 шықәса мшынуаҩык иаҳасабала ҕбала аҳәаанырцәтәи иныҟәарақәа, зныкымкәа-ҩынтәымкәа адунеи зегьы иакәшарақәа, уаҟа хаҭала дызлаҧшны иибаз, иаҳаз, сахьа-жәала раарҧшра ауп.

Аамҭаказы, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциа аҟны аинформациатә ҟәша аиҳабыс аус шиуаз, иара убас, еиуеиҧшым амаҵурақәа шеидибалахьаз, уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз азгәаҭо, Владимир Занҭариа ҷыдала дазааҭгылеит Шамиль Ҧлиа иаб Хәсеин, Ҵыҕьтыр-иҧа  Хәсин ҳәа ауаа рҿы ирдыруаз, абаҩҧҵәара зыхәшәтәуаз, даара иҟәышыз, зажәа акыр  аҵанакуаз, иҧхылдаз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз дышреиуаз.

«Хәсеин Ҧлиа дызлахәымыз, шамахамзар хҭыск ӡбахәык, еилыргатәык, ақыҭаҿ акәым Бзыҧ имҩаҧысуамызт. Уи иҭаалон абжьыуааи, Самырзаҟанааи Нхыҵааи рҟнытәи асасцәа, дырҭаалон иаргьы. Лассы-лассы изаалон аҵарауаа аетнографцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа. Изаалон ҧыхьатәи ҳтәыла ду – СССР ҳәа  изышьҭаз акәакьқәа рҟнытә аиҧш уи анҭыҵтәиқәагьы. Бзыҧан сас дахьк, ҳәынҭқарк даҭаар  уахь днарҧхьон. Убас, апоет Е.Евтушенко, Кәыбатәи апоет Еберто Падел дицны  Гарҧ сасра Ш.Ҧлиа ианымҩахига, Еберто Падел иибаз-иаҳаз гәахәарала идикылеит.

«Сара сзыргәаҟуа, хадара злоу аказы сшәазҵаарц сҭахуп. Иҟоума инахарҭәаау аиашацқьа, иҟазар ишҧазықәҧатәу иара уи ҟаларцаз?» – ҳәа Хәсеин Ҧлиа азҵаара ииҭеит.

Аҭаҳмада Ҧлиа «ибзиоуп ари уара уахьаргәаҟуа, ахара адгьыл бжьаха аҟнытәи ҳасас. Изласаҳахьоу ала, уаҟа ирҭахуп аиаша азықәҧара. Ааи, арҭ ашьхақәагьы қәыҧшқәоуп ари аҭак ҟаҵахарцаз, сара ашьхақәа раасҭа акырӡа сеиҵоуп. Иага ус акәзаргьы, исҳәап  нас сара сгәаанагара. Аиаша азы иҟоу акы заҵәык ауп, уи аиаша азықәҧара» – ҳәа ииҭаз аҭак даара иҵаулоуп. Аҟәышра, ажәа  азҟазара шьҭрала иаауеит, ҳәарада Ш.Ҧлиагьы уи аганахьала иабшьҭра дықәын»– иҳәеит уи.

Аҧсуа телехәаҧшра раҧхьатәи ахантәаҩы дызгәалазыршәоз аӡәырҩы рцәажәарақәа рҟны иазгәарҭон, Шамиль Хәсеин-иҧа иҿаҧыц шыбзиаз, асамырҟәыл шиҳәоз, иарбан уадаҩарзаалак лафла ахҽра шилшоз, аиумор ахь ишиаигоз.

«Аҧсуа зҵаара еиднакылоз аинтеллигенциа дыруаӡәкын – Шамиль Ҧлиа. Уи малс имаз иуаҩра акәын, дуаҩ хатәран – аусураҿгьы, аҧсҭазаараҿгьы. Иҽеим ҟазшьак, хымҩаҧгашьак, ихаҭара лазырҟәуа хаҭала, сара исмаҳацт, дуаҩы цқьаны, динтеллигент иашаны сгәаҿы дынхоит» – лҳәеит Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшра аиҳабы Ирина Шьоҭа-иҧҳа Агрба лцәажәараан.

Аҧсуа телехәаҧшра амузыкатә редакциа аҟәша аиҳабы Елеонора Барцыц-ҧҳа лцәажәараҿы иазгәалҭеит, Шамиль Ҧлиеи лареи амузыкатә редакциаҿы, ақырҭуа музыкатә дырраҭара еиқәышаҳаҭны ишҿахырҵәаз, аха ақырҭцәа иҟалаз анеилыркаа, иизымдыруазшәа ҟаҵаны, инапаҵаҟа аус зуазгьы лахь рмоуртә агәаҕьреи аҭакҧхықәреи аарҧшны ахҭысқәа риааира, рырманшәалара шилшоз.

«Уи раҧхьатәи напхгаҩык иаҳасабала илихыз амҩахәасҭа, нас иҭбаахо, иахьа мҩадуны иҟалартә арҿиара аҭара илшеит», – лҳәеит лажәа хыркәшо.

«Апоет, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы ажәа дазҟазан, алафгьы иҳәон, иагьинаалон, иҧшра-исахьа, иҭеиҭҧш, ихьӡ-иҧша, ауаҩ хатәра, ауаҩ аамысҭашәа ззырҳәоз иакәын Шамиль Хәсин-иҧа. Хаҭала, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны аус аниуаз, аҧхьаҩцәа еснагь Ш.Ҧлиа ифелетонқәа  анбаҭыҵуеи ҳәа иазыҧшын. Адырцәа аҩызцәа рацәаҩны иман», – иҳәеит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Владимир Аҳашба раҧхьатәи  инапхгаҩы  дигәаларшәо.

Хаҭала, акадр ҿыцқәа рааӡара дшазыҟаз, урҭ дышрыхӡыӡаауаз, адгыларагьы шриҭоз даҩымсит ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа-ҧҳа. Иазгәалҭеит хаҭала, Аҧсни аҧсуа жәлари урҭ рбызшәеи рыхьчара еснагь  дшазықәҧоз. «3-4  мзы дықәҧон, аҧсуа радио, аҧсуа ашьыжь данҿыхо раҧхьа иаҳартә аҟаҵаразы, Ш.Ҧлиа ибзоурала уаанӡа аҧсуа радио асааҭ 11 рзы аҭыҵра аамҭа асааҭ ҵ  рахь иааскьаган», – лҳәеит уи.

Аиашазы, «Астол гьежь» аҟны ирацәан, Аҧсуа телехәаҧшра раҧхьатәи ахантәаҩы  Шамиль Хәсин-иҧа Ҧлиа изкны иҳәаз ажәа ҧхақәа.

Агәалашәарақәа рҿы иазгәарҭон уи Аҧсуа телехәаҧшра аиҿкааҩцәеи  ашьаҭаркҩцәеи дшыруаӡәкыз. Хаҭала, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, арратә корреспондентк иаҳасабала аџьабаа ду шибаз, афронт ацәаҳәахьы дышнеиуаз, ҳаибашьцәа гәымшәақәа, рфырхаҵара атәы зҳәоз ателерепартажқәа  шыҟаиҵоз. Уи имариамыз аамҭазы Аҧсуа телехәаҧшрахь иааира ҭоурыхтә  лахьынҵан. Иааира нахыс, аӡәырҩы уи инапаҵаҟа аус зуаз ажурналистцәа ражәақәа рыла, 9 шықәса адунеи дызлакәшаз, дзықәтәаз аҕба, «Шамиль Хәсеин-иҧа иҕба иҭазшәа иҟалеит. Уи илшеит «иҕба иҭаҵәҟьазшәа» аколлектив рнапхгара, реидкылара, рыхьчара, уахгьы-ҽынгьы арҿиараз ааҧсара, аусура аинтерес аҵаны, игәыҧсыршьаганы аиҿкаара.

Аҭоурыхтә лаҧшҳәаа бзиа змаз ахантәаҩы, аџьбарареи апринципреи ахьахәҭазгьы аарҧшра ицәаҩан. Еиҳарак уи ҧсыцқьала, ҽмыршьыгала, агәаҕьреи  аҭакҧхықәреи илази еснагь мҩанызас ицын.

Уи иахьа цәала-жьыла ижәлар дрылагылам, аха иажәа ҟәышқәеи ихшыҩҵари еицакра зқәым ихаҭареи, ихымҩаҧгашьа бзиеи рыла иҿыҧшуаз, аус ицызуаз, иизааигәаз ргәаҿы игәалашәара наунагӡа иаанхоит.


Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me