Ииуль 27 азы имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан 2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы аҳасабрба. Абри аӡбамҭа рыбжьы арҭеит 27-ҩык адепутатцәа, ҩыџьа аҿагылеит, аӡәы иҽааникылеит. Жәлар Реизара аилатәараҿы аҳасабрба ҟаиҵеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аҧсны Аҳәынҭқарратә биуџьет иаланагалаз ахашәалақәа рзеиҧш мҽхакы иартәеит 11 миллиарди 571 миллиони 535, 9 нызқь мааҭ, планла иарбаз аҟаҵарбақәа 10 миллиарди 737 миллиони…