Аешьаратә жәларқәа реигәныҩра

Апоет, аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Владимир Платон-иҧа Анқәаб диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра - практикатә конференциа. Ахатәы бызшәеи, алитературеи, афольклори рҭагылазаашьеи рҧеиҧши ирызкын «Иахьатәи аамҭеи аҧеиҧши» ҳәа хьӡыс измаз аконференциа.

50-тәи ашықәсқәа рзы амилаҭтә сахьаркыратә литература арҿиаҩцәа инарывагылаз дыруаӡәкын Владимир Платон-иҧа. Аҧсадгьыл ахь ибзиабара ҳәаак амамызт. Ижәлар рҧеиҧш еснагь дазҿлымҳан. Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәагьы урҭ атемақәа ирызкуп.

Жәларбжьаратәи аконференциа рхы аладырхәырц иааит Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университети, Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә университети, Адыгатәи аҳәынҭқарратә университети  рхаҭарнакцәа.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны иаартуп В. П. Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа Ацентр. Уи хықәкыс иамоуп аҧсуа-адыга филологиа иаҵанакуа – абызшәа, алитература, афольклор реиқәырхареи рырҿиареи. «Ажәлар еиқәхарц азы раҧхьа иргыланы ражәа, рбызшәа аҧыжәара амазароуп. Аиқәырхара иазку еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа азыӡбалатәуп. Убри аҟнытә уҽеимамдакәа ӡбашьа аиуам. Милаҭк, жәларык, етноск раҳасабала ҳмыӡратәы ҳхеиқәырхаразы дареи ҳареи еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа реицымҩаҧгара азҧхьагәаҭоуп», – ҳәа азгәеиҭеит аҧсуа-адыга филологиа Ацентр аиҳабы Ахра Анқәаб. 

Аусмҩаҧгатә зхы алазырхәыз Владимир Анқәаб иҧҳа Гәында Анқәаб иҭабуп ҳәа ралҳәеит аконференциа еиҿызкаази зхы алазырхәызи зегьы: «Ас еиҧш аҧсшәа зҳәо аҿар ахьынӡаҳамоу ҳбызшәа шмыӡуа агәра згоит», –лҳәеит лара.

Владимир Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа Ацентр аиҳабы, аҧсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Ахра Анқәаб иҭабуп ҳәа ахиҳәааит аконференциа аиҿкаареи Владимир Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа Ацентр аартреи зыбзоуроу Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа иҟаиҵо адгылареи ацхыраареи рзы.

Ҭоурыхла, доуҳала, бызшәала еилахәу аешьаратә жәларқәа реигәныҩра жәытәнатә аахысгьы игәцаракын. Аҧсуа-адыга жәларқәа рлитературақәеи рыҭҵаарадырреи рганахьала аимадара арҕәҕәаразы аҵак ду амоуп арҿиаҩцәа реиҭанеиааира.

                   Милена Акаба


Аҩбатәи амш азы жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара еиҿкаан В. Анқәаб ипое­зиатә рҿиамҭақәа исахьаркны рыԥхьаразы аицлабра. Уи иалахәын: Аҟәа ақалақьи,  Гагреи, Гәдоуҭеи, Гәылрыԥшьи, Очамчыреи рраионқәеи рҟынтәи аҵаҩцәа.

Ахәшьара рыҭаразы иаԥҵаз ажиури излашьақәнаргылаз ала, адиплом актәи аҩаӡара ланашьоуп К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат ажәбатәи акласс аҵаҩы Лана Гамгиа, аҩбатәи аҩаӡара – Гәдоуҭатәи аҩбатәи  абжьаратә школ ажәабатәи акласс аҵаҩы Доминика Папцаа, ахԥатәи аҩаӡара – Бамборатәи абжьаратәи ашкол ажәеизатәи акласс аҵаҩы Никита Чкок.  Аноминациа «Алитература абзиабара азы» аҟны далкаауп Лӡаатәи актәи абжьаратәи ашкол аабатәи акласс аҵаҩы Фераҭ Барцыц.

Араионқәа рҟнытә ашколқәыҷқәа ирыцны инеиз арҵаҩцәа И.Џьугелиа, Л.Ристова, М.Џьапуа, А.Ԥачлиа уҳәа ҭабуп ҳәа ахыр­ҳәааит, ас еиԥш иҟоу аицлаб­рақәа хәарҭара шрылоу азгәаҭаны.

Аҽны В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филолологиа Ацентр аҟны имҩаԥысит иара убас алитература-рҿиаратә еилазаара «Ацәыкәбар» еиднакылои  адыга поет Саниаҭ Ӡыбеи (Ӡыбова) реиԥылара.

Алитература-рҿиаратә хәылԥазы ааиртит аԥсуа-адыга Центр аиҳабы, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы А. Анқәаб. Алите­ратуратә еимадарақәа рырҿиара аганахьала ргәаанагарақәа рыла иқәгылеит, адыга поет ақәҿиарақәа лзеиӷьаршьеит афилологиатә факультет адекан Б. Ҳагәышь, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу.

Астудентцәа ракәзар, ирыҧхьеит хаҭала аԥсшәахь еиҭаргаз апоет Саниаҭ Ӡыба лажәеинраалақәа. Анаҩс Саниаҭ Ӡыба адыга бызшәалеи аурысшәалеи лажәеинраалақәа дрыԥхьеит.

Апоетесса иҭабуп ҳәа ралҳәеит афилологиатә факультет адекан Б. Ҳагәышь,  ҷыдала аиԥылара аиҿкааҩ, аԥсуа-адыга филологиа Ацентр аиҳабы Ахра Анқәаб. Апоет лхаҭа лакәзаргьы, даараӡа иҭабуп ҳәа ахылҳәааит агәалаҟара бзиа лызҭаз аиқәшәара ахьылзеиҿкаахаз.

Аиԥылара рхы аладырхәит Адыгатәылатәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәа - жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа алахәылацәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me