Иалыршоу аихаҳара амҩа

Март 23 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи  30 шықәса аҵра.

Ари аҽны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуҩцәеи, иара убас Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа уҳәа рҟнытә иааз асасцәеи ақалақь ауаажәларреи еицны Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада имемориали Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарки рҟны, насгьы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟаҿы ашәҭ шьыҵә­рақәа шьҭарҵеит.

Анаҩс арыцхә азгәаҭара иазкыз аилатәара мҩаԥысуан С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Уахь инеит Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Аԥыза-министр Александр Анқәаб уҳәа егьырҭгьы. Аиубилеитә рыцхә амҩаԥгара аҽалархәразы иааит Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, насгьы Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟны иҟоу ахеидкылақәа рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 ш. ахыҵра инамаданы иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба. 

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҟнытә адныҳәалара даԥхьеит Жәлар Реизара аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы адныҳәаларақәа рыла иқәгылеит иара убас Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Диана Ԥилиа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Маҳариа, Ливантәи Ачерқьес культуратә хеидкылақәа рхеилак ахантәаҩы Риад Цыба, Иорданиа иҟоу аԥсуа культуратә хеидкыла «Диуан абаза» анапхгаҩы Рамиз Гечба, Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә еиҿкаара «Абаза» ахантәаҩы Владимир Ԥшеноҟов, Ҟарачы Черқьестәыла ахеилак «Абаза» анагӡком ахантәаҩы Белла Џьемакулова уҳәа егьырҭгьы.

Анаҩс Вадим Ҳаразиа иааркьаҿны далацәажәеит аҳәынҭеилакы знысхьоу амҩа – аиҿкаареи ашьақәгылареи.

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба иаԥшьгарала Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан 1993 шықәса март 23 рзы инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, ҳтәылазы еиҳа иануадаҩыз аамҭазы.  Аҳәынҭқарратә еилакы ахықәкы хадақәа иреиуоуп:  Аԥсны Аҳәынҭқарреи аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа (абаза) диаспореи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи, ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь  рырхынҳәра аус аиҿкаара, аҭыԥан раршьцылара, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхара-анҵыразы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара уҳәа.

«Арепатриантцәа рзы» Аԥсны Аконституциатә закәан инақәыршәаны, ХIX ашә. аантәи атрагедиатә хҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл иахгаз ҳџьы­нџьуаа рхылҵшьҭрақәа рахьтә Аԥсныҟа  ихынҳәыз  5-шықәса арепатриант истатус рымоуп.  Ари аҿҳәара иҭагӡаны Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟнытә иахьынӡалшо афинанстә цхыраара рнаҭоит, нхарҭа ҭыԥла еиқәнаршәоит, изҭаху анхарҭа дгьылқәа рзылнахуеит, усурҭала реиқәыршәареи Аԥсны атәылауаҩра рыҭареи еиҿнакаауеит, арепатриантцәа рхәыҷқәа ашколнӡатәи аусбарҭақәеи ашколқәеи рҟны рҵара ахәԥса ашәареи ахәҭак ала, иара убас  Аԥсны иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны рҵара ахә ахшәаареи ирыдгылоит.

1995 шықәсазы Аԥсадгьыл ахь архы­нҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ҩ-еиҿкааракны еихшан: урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аџьынџьуаа рымадаразы Аилаки Аԥсны Адемографиатә фонди ракәны ишьақәгылеит. 1997 шықәсазы ҩаԥхьа хазы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵахеит, рыҩбагьы уи еиднакылеит. Арепатриациа апрограмма финансла аиқәыршәаразы  1998 ш. рзы иаԥҵан абиуџьетнҭыҵтәи Арепатриациа афонд.

 Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩцәас иҟан: Нугзар Ашәба, Фениа Аҩӡба, Гиви Допуа, Аполлон Шьынқәба, Анзор  Мықәба, Зураб Адлеиба, Хьрыԥс Џьопуа, Вадим Ҳаразиа, Беслан Дбар, иахьа аҳәынҭеилакы ҩаԥхьа напхгара аиҭоит Вадим Ҳаразиа.

Азаижәтәи ашәышықәсазы зыԥсадгьыл иахгаз аԥсуаа арыцҳара дуқәа ирықәшәазаргьы, аамҭа хьанҭа шьарда аԥсҭбарақәа рзаанагазаргьы, аӡыблара иацәынхаз еснагь рыԥсадгьыл иазхьуан. Аӡәырҩы рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра рылдыршазаргьы, реиҳараҩӡак атәым дгьыл аҟны иаанхеит. Аԥынгылақәа шыҟазгьы, Аԥсныҟа рхы кыдын, рыԥсадгьыли дареи ҩаԥхьа аимадарақәа рыбжьаҵара иашьҭан. Аҩажәатәи ашықәса алагамҭа нахыс ихацыркыз аимадарақәа шеиԥхьбазгьы, ашықәсқәа ниасзаргьы, маҷ-маҷ аигәныҩра амҩа ианылеит, аимадарақәа рхьышьҭра ылырхитит.

Еиҳаракгьы ԥшьынҩеижәатәи ашықәсқәа инадыркны аиҭанеиааирақәа мариахо иалагеит, урҭқәа рыбзоурала аишьцәа ргәыблра иазҳауан. Абарҭқәа зегьы руасхыр ыҟамызтгьы, Аԥсны ашәарҭара ӷәӷәа ианынҭагыла ҳџьынџьуаа рҟнытә адгылареи ацхыраареи зыҟаларымызт. Аԥсны ахьчара анаҭахха, аҳәаанырцәтәи адиаспорақәа рымч ӷәӷәахеит, иаадырԥшуаз ахаҵгылара ахԥша наҩуан.

Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ианрыб­жьагыла рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара иаауан аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа реиԥш, адыга хылҵшьҭрақәа иреиуазгьы. Урҭ афронтқәа рҟны ажәыларақәа зегьы ирылахәын. Аибашьраан Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит Ҭырқәтәыла еиуаз рахьтә хәҩык: Аԥсны Афырхаҵа Баҳадыр Абаӷба, Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кәаӡба, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Ефқан Цыба, Зафер Аргәын, Ҳанефи Еӷожь (аҟабарда), Шьамтәы­лантә хҩык: Леон иорден занашьоу Фарид Арҩҭаа, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Зиуар Чычба, Гасан Цеи (адыга). Аибашьра ашьҭахь рыԥсҭазаара иалҵит Шьамтәылатәи аҳақьым Аҳмаҭ Кәыџба, аибашьраан медеҳәшьас иҟаз Ҭырқәтәыла еиуаз Леон иорден занашьоу Биргиуль Чуа уҳәа егьырҭгьы.

Ҩеижәижәаба шықәса ирылагӡаны Аԥсадгьыл ахь ҳашьцәа рырхынҳәра аус аҟны макьаназы иалыршоу рацәамзаргьы, иҟәнушьо иҟам, аха инагӡатәу акырӡа еиҳауп. Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуа рҭаацәарақәа ҳтәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟны инхоит, еиҵагылоит абиԥара ҿыцқәа. Урҭ аԥсуа уаажәларра иахәҭакны ишьақәгылоит. Есааира рхыԥхьаӡара иазҳалааит зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәуа.


Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы март 22 рзы аилак аҟны имҩаԥысит аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи еицеиҿыркааит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти аҳәынҭеилаки.

Еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа аиԥылара ааиртит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.

«Амилаҭтә експедициатә проект «Аԥсуаа – Ҭырқәтәылан» иазкны» ажәахә ҟаиҵеит академик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, «Ҳтәы­лауаа Аԥсныҟа рырхын­ҳәреи уи аԥеиԥши» атемала дықәгылеит академик, Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба, «Владислав Арӡынба: ҳдиаспореи ҳԥеиԥши» атема иазкын афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет адоцент, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иқәгылара, «Аҭоурыхтә ԥсадгьыли адиаспореи» ирызкын аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҭоурыхи ртеориеи ркафедра аиҳабы Есма Гәыргәлиа лажәахә, Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩы Алина Ачба дала­цәажәеит «Атәым дгьыли Аԥсадгьыли рыбжьара» атема.

Ажәахәқәа рышьҭахь иҟан ақәгыларақәа, агәаанагарқәа реибыҳәара.

В. Баалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me