«Шәыгәхьаазгоит…»

30 шықәса зхыҵуа асалам шәҟәы. Иҩеижьхахьоу ақьаад рыҧсы иаҵаҵәахын. Уи аҭоурыхи аҧсадгьыл абзиабареи рахь ухьанарҧшуеит, уархәыцуеит, аҧсҭазаара уагәыланахалоит.

Аҭаацәара зегьы зыхгәыр-ҕьаауаз, уахи-ҽни зымҩа иазыҧшыз, згәалаҟара еснагь ибзиаз, ашкол аҿы иҿырҧшыгаз, абҵара 28, 1969 шықәсазы Омск ақалақь аҟны ииз, Ашәба Рауль Владимир-иҧа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҧхьатәи амш инаркны иҩызцәа рыгәҭа  днагылеит.

Ашәба Владимири Евгениеи хҩык ахшара рыхшеит: Наталиа, Рауль, Анжела. Урҭ Омск инхон. Уаҟа  Наталиеи Раули иит, ашьҭахь Аҧсныҟа ихынҳәит. Араҟа  аиҵбӡа Анжела диит.

Ашәба Рауль Гәдоуҭатәи аҧшьбатәи абжьаратә аурыс школ аҟны ихарҭәаамыз аа-класск дрылгеит. Уи ашьҭахь Аҟәатәи аргыларатә ҵараиурҭа аҟны иҵара иациҵеит. Гәдоуҭатәи абҕанҷтә зауад аҟны операторс аусура далагеит. Иусура иалагӡаны уаҟа жәакласск хиркәшеит, аҵара бзианы ицааиуан, иациҵарц иӡбеит – Одессатәи ааглыхратә институт дҭалоит. Уаантә арра дыргоит. Иуалҧшьа нагӡаны 1989 ш. дхынҳәуеит. Уи аамҭазы Аҧсны имҩаҧысуаз амилаҭтә қәҧарақәа зегьы дрылахәын.

Аҧсны аибашьра ианалагаз иара Гәдоуҭа дыҟан, Ацҳа ҟаҧшь ахь ицоз раҧхьатәи агәыҧ иаргьы дрылан.

Ашәба Рауль иани иаҳәшьцәеи уи аамҭазы Омск ақалақь аҟны иҟан. Иара аҭел асхагьы имоуит. Уи дахьзамысыз игәы ишалаз иҩызцәа иреиҳәеит.

– Аибашьра ишалагаз ансаҳаҵәҟьа, Аҧсныҟа аҭел асра салагеит, - лҳәеит иан Евгениа. – Аха аҭел аӡәгьы иқәихӡомызт. Нас Рауль иаҳәшьаду лыҷкәын Ҵышәба Игор иахь сасит. Иагьеилыскааит «Замостиански» ҳәа изышьҭоу агәыҧ далаланы еибашьра дышцаз.

– Ашәба Рауль, – иҳәеит аибашьҩы Џьумка Ладариа, – зыҧсадгьылаз ажәылара иацәымшәоз, аибашьразы  ихиаз хаҵан. Уи иҿаҧшылара еснагь иҕәҕәара аныҧшуан… Инубаалаӡомызт иқәыҧшра, убасҟак дыцқьан, дҕьеҩын, ҧхьаҟа ацара  есымша дазхиан.

Ашәба  Рауль ҳаруаа Ацҳа ҟаҧшь ахьтә ианхьаҵ, Гәымсҭа ацҳа аҩадатәи ахәҭаҿы итәан. Усҟан Вл.Начач напхгара зиҭоз акомандаҿы дыҟан. Дара ажьырныҳәа 5,1993  ш. иҟаз ажәылара иалахәын. Ари акоманда Гәымсҭа хыхьтәи ацҳала ицеит. Рауль ари ажәылараҿы иибаз, дызлаҧшыз ихамшҭуа ихаҿы иаанхеит. Уахгьы-ҽынгьы ивагылаз, дызцыз, ари ажәылараҿы иҭахаз иҩызцәа Едик Ҭраҧшьи Ачба Баҭали  рхаҿсахьақәа ибла ихгылан. Уи ажәылара  ашьҭахь амцашоура ҕәҕәаны иман. Иибаз, дызлаҧшыз ашьҭахь акыр иҟазшьа аҽаҧсахит. Аҩны иҟамыз иани иаҳәшьцәеи рхьаагара игәы иҵалеит. Омск иҟаз иҭаацәа асалам шәҟәы ирзиҩыз роуит: «Салам шәымоуп сан, саҳәшьцәа Наташеи Анжелеи. Иахьа асы ҕәҕәаны илеит. Сара аибашьрахьынтә схынҳәит. Ҩымш аҩны сыҟазаауеит. Шәсымбеижьҭеи шәыгәхьаазгоит. Сара шәысцәымшәан, сеибашьуеит. Зураб Ҵышәбеи сареи ҳаицуп. Еицу зегьы бзиақәоуп. Уажәааигәа ажәылараҿы сара исывагылаз, исзааигәаз, сҩызцәа ҩыџьа ҭахеит… Аиааира ирласны иаагоит. Нас сызхара шәызбоит Наташа, Анжела, ҳан шәылхылаҧшла. Сара шәысцәымшәан, Анцәа дсыцуп. Лассы ҳаибабоит, схы сыҧсы аиҳа шәара бзиа шәызбоит. Шәара шә-Рауль».

– Аибашьрахьынтә аҩны данааилак, излауаз ала аҭел даҳзасуан, – лҳәеит иан Евгениа. – Аҵыхәтәан хәажәкыра 15-16-тәи  ажәылара мышқәак шагыз, дасит. Сара Аҧсныҟа анеира шысҭахыз иасҳәеит. Ибжьы абыржәгьы слымҳа иҭыҩуеит. – Сан, сбыҳәоит бмааин: Сара цәыббра мзазы снеины баазгоит… Иахьагьы сгәы иалоуп сахьизыӡырҩыз. Усҟан саазҭгьы, иҟалап даҽакала аҭагылазаашьа  ҟаларгьы.

Иааигәахон хәажәкыратәи ажәылара, Рауль дшеимҳәац деимҳәон. Уи агәхьаа мкыкәан иҩызцәа рыгәҭа дгылан дцеит.

– Хәажәкыра 13 рзы аҩны дыҟан. Илахь даара еиқәын, - иҳәеит Леон иорден занашьоу Зураб Ҵышәба, – иажәа иалаҵаны иани иаҳәшьцәеи рыӡбахә иҳәон. – Дымцаразы ҳиҳәеит, аха уи дагьазымӡырҩит.

Ашәба Рауль хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараан дызлаз абаталион командирс Фридон Аҩӡба  даман. Рауль минаҵхҩыс дыҟан. Иара дызлаз арота командирс Цәеиба Витали иакәын иахагылаз. Агәыҧ ҧхьаҟа ицон. Урҭ Гәымсҭа хыхьтәи ацҳа аҵыхәала акәын ишжәылоз. Аха ацхыраара рмоуит. Рџьаҧҳаны нҵәо иалагеит. Уи аамҭазы ихьаҵразы адҵа роуит. Ладагьы-ҩадагьы аҕацәа амацәаз иҭаркит. Аҵыхәтәан Витали Цәеиба идҵала  Цугуровкала ахьаҵра иалагеит.

Усҟан ихынҳәыз, Витали Цәеиба игәалаиршәон: – Ахьҭа ҕәҕәа ыҟан. Рауль агәыҧ аҟны зегьы иҳаиҵбыз, ҳаҧхьа дгыланы, аминақәа ыҵхуа, амҩа ҳарбо ҧхьаҟа ҳаигон. Дбааӡаӡа, артҟәацгақәа ааҵхны даахыҵуан. Уажәы-уажәы ибжьы ҳақәиргон: – Ҧшьшьаала, ари миноуп, ари  шәахысроуп! – ҳәа мацара, амҩабжанӡа ҳнеигахьан, ахы иқәшәеит… Рауль иреиҳаӡоу аҳамҭа даҧсоуп, уи қәрала дқәыҧшын, аха аҧсадгьыл азы илшаз даара ирацәоуп. (Цәеиба Витали 1993 ш. Шрома дҭахеит).

Ашәба Рауль дызгашаз ахы шиқәшәаз ицәа ианырит. Убри аҟнытә, иҩызцәа дрыҳәеит, иааигәара иавтомати апатронақәеи рацәаны иааскьаганы ирҭарц, нас иҧсы аарла еивго, иажәа иациҵеит: – Шәца! Аҕацәа сара сахь ихьаҧшыртә иҟасҵоит. Урҭи сареи  ҳаибашьуанаҵы, шәара ҧхьаҟа ацара шәылшоит… Сара Агрба Хвича ишьа шызуа ала ҭоуба зухьан, изуит. Сара сшьа шәара ижәуп…

– Рауль дҭахеит ҳәа ателеграмма Омск иҳауит. Наташеи сареи Аҧсныҟа ҳааит. Ара сахьааиз исарҳәеит, агәрагьы сдыргеит Рауль хабарда дшыбжьаӡыз. «Агәыҕра сыман сыҷкәын иҧсы ҭоуп ҳәа. Аха, ҳаибашьцәа Аиааира анырга ашьҭахь, абҵара фба, 1993  шықәсазы анышәынҭраҿы дсыҧшааит сгәыҕырҭазаҵә Рауль», – лҳәеит Рауль иан  Евгениа.

Рауль иан Евгениа Сергеи иҧҳа лгәи лылабжыши еилаҵәон. Уи ус лҳәеит: – Рауль сыҧсҭазаара сымызхыз, уажәы-уашьҭан даасҧыларашәа, сгәы иснаҭоит. Изкны аиҧыларақәеи аиқәшәарақәеи ахьымҩаҧырго сызнеиӡом, сгәы  иазычҳауам… Зқәыҧшра зыҧсадгьыл иазҭаз зегьы фырхацәоуп. Урҭ зааӡаз зегьы рыгәқәа кылблаауп, аха иззықәҧоз аус наӡеит, уи гәырҕьароуп. Ари адгьыл ҧшӡа Афырхацәа агымзааит!

Рауль аибашьра данцоз ҭыҧҳак бзиа дибон. Уи  апозициантә данааилак, ашәҭ шьыҵәрақәа иманы длызцон. Диҳәеит. Аҵыхәтәан ианеиҧырҵуаз ус леиҳәеит: – Ажәыларантә сшыхынҳәлак, сангьы  саҳәшьагьы аазгоит. Ҳаргьы  ҳаибагоит… Агәыҕра зиҭаз аҭыҧҳа иахьагьы Рауль дизыҧшуп. Аибашьра иҿахнаҵәаз аҧсҭазаара қәыҧш Раули уи аҭыҧҳаи рзы иаангылеит.

Рауль, – лҳәеит иан Евгениа, – иара аламала ҧхыӡла дызбаӡомызт. Уажәааигәа ӡиас дук ахықә дықәгылан, иара ишҟа снеир сҭаххеит. Аха иара инапы ҟьауа, абзиараз ҳәа аанаго днаскьеит.

Иҩызцәа, класск аҟны аҵара ицызҵоз Гочуа Сергеии Краиниди Сергеии рыҧсқәа еилан. Урҭ Аҧсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит. Рауль анышә дахьамоу  Гәдоуҭатәи аҧсыжырҭаҿы даргьы ицәыхарамкәан рнышәынҭрақәа ыҟоуп. Сыҷкәын инышәынҭра анысрыцқьо, даргьы еснагь ашәҭқәа рзықәысҵоит, исрыцқьоит… Рауль иара ҳшыгәхьааигоз еиҧш, саргьы иаҳәшьцәагьы дыгәхьаагоит…

Ашәба Рауль Владимир-иҧа хәажәкыра 16, 1993 ш. дҭахеит, ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Гугуца Џьыкырба

 

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me