Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аиформациатә агентра «Спутник Абхазия» аҟны ахҳәаа азыҟаиҵеит В. Зеленски Ҟрым аӡбахә дахьалацәажәоз Аҧснгьы ахьигәалаиршәаз иазкны. «Владимир Зеленски, украинатәи амчрақәа Ҟрым архынҳәразы, дара ртәала, ирымоу агәҭакы иазкны игәаанагара ахьиҳәоз Аҧснгьы игәалаиршәеит. Украина Апрезидент даҽазныкгьы аҭоурых ҽеила ишизымдыруа ааирҧшит, насгьы иаартны апровокациа ҟаиҵоит», иҳәеит И. Арӡынба.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аурыс поет, ажурналист Александр Бардодым есышықәса Афон Ҿыц анышә дахьамадоу игылоу ибаҟа иаҭаауеит ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩцәа, иҩызцәа, инышәынҭраҿы ашәҭқәа ықәырҵоит. Сынтәагьы, Аиааира – 29 шықәса ахыҵра аныҳәа азгәаҭараан еиҧш, уи даниз амш октиабр жәаф рзы ибаҟа иаҭааит, хатәгәаҧхарала Аҧсны ахьчара иааз апоет дыргәаладыршәеит.

Ахылаҧшра агмыжьразы

28 Жьҭаара 2022 14:28
Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа атәылауаа аррамаҵзура ашҟа ааҧхьара рыҭареи аруаа ҧхьатәара рышьҭреи иазку аусмҩагатәқәа ишахәҭоу ала рымҩаҧгара ахылаҧшра аҭаразы анапынҵақәа рыҭоуп.
Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аилатәараҿы уи ахантәаҩы Иракли Харчлаа инапынҵақәа рынагӡара аҿҳәара ииасаанӡа имаҵура ааныжьразы арзаҳал рыдигалеит. Иколлегацәа – ақалақьтә Еизара адепутатцәа аусураҿы ирҭоз адгылара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Исыдыскылаз аӡбамҭа ишәа-иза сазнеит, уи акыр зҵазкуа ҭагылазаашьоуп сара сзы, амала сдепутаттә уалҧшьа анагӡара иацысҵоит, агәра згоит Аҟәаа ирыхәаша ала аусура сылсыршап ҳәа», – иазгәеиҭеит Иракли Харчлаа.
Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәьынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа ауааҧсыра ачарақәа аныруа аамҭазы амҩатә ҧҟарақәа рықәныҟәара ахылаҧшра ҷыда анаҭалоит. Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иазгәарҭеит ҷыдала аусмҩаҧгатәқәа аҭахны ишыҟалаз ачарақәа раан амҩан еишьҭагыланы ииасуа амашьынақәа рыҧсҟы зку иҽеим рхымҩаҧгашьа афактқәа аҭыҧ ахьрымоу иахҟьаны, насгьы абџьар ахархәарала ишабалак иахьхысуа азы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me