Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҩыза изы Ажәа

2023 шықәса декабр 14 азы Абазашҭантәи сҩыза Алеқсандр Малхозов 70 шықәса ихыҵит. Ииубилеи аҽны сҩыза изеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара ӷәӷәа, ашықәсрацәа, иара убас иԥсҭазаараҿы игәырӷьаху амшқәа. 

Сара схаҭагьы, игәакьацәагьы Саша ҳәа заҳҳәо диит Ԥсыж аул аҟны, иахьа Ҟарачы-Черқьестәылатәи Ареспублика Абазатәи араион ҳәа изышьҭоу. Аҵара иҵон Ԥсыжтәи абжьаратә школ аҟны, уи даналга ашьҭахь арра иԥхьеит. Ианихига ашьҭахь иҩныҟа дхынҳәит, аусура далагоит Черқьеск ақалақь акәацтә комбинат аҟны. Уаҟа ҩажәашықәса инареиҳаны аус иуит, еиуеиԥшым аҭыԥқәа дырхагылан. Абри ашьҭахь диаргоит Шахара аул аҭубар цех ахь еиҳабыс.

Уаҟа акыр шықәса аус иуит, аха убасҟан Асовет Еидгыла ахыбгалара иалагеит, иадыркуан азауадқәа, афабрикақәа, ацехқәа уҳәа. Саша аус ахьиуаз ацехгьы адыркит. Аха иара усурҭада даанымхеит, занааҭдырҩы бзиак иаҳасабала усура днарыԥхьеит Черқьеск, Акционертә еилазаара «Меркури» ашҟа. Убраҟа аашықәса инареиҳаны аус иуит.

Иара аус ахьиуазаалак, инапы злакыз ламысцқьала дазнеиуан, ҭакԥхықәрала инеигӡон. Аколлектив рыҩнуҵҟа ҳаҭыр ду иқәын, ирҳаит аҩызцәа, урҭи иареи иахьагьы еибабоит. Иусура бзиазы зныкымкәа далыркаахьан, ианаршьахьан еиуеиԥшым аҳаҭыртә шәҟәқәа, апремиақәа уҳәа убас.

Иирамш аҽны – 1978 шықәса декабр 4 азы Саша аҭаацәара далалоит, ԥҳәысс дааигоит Ламкова Маридаҭ (Мери). Аҩны еицдыргылеит, ҩыџьа аԥацәа – Аслани Беслани, иара убас ҩыџьа амаҭацәеи рааӡеит. Насыԥла еикәаҭәы инхоит-инҵуеит 45 шықәса.

Иахьа исҭахын Алеқсандр Малхозов, уи илшамҭақәа, 1992 – 1993 шықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуаз аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан иҟаиҵоз ацхыраара атәы маҷк салацәажәар. Иара ахӡырхара иашьҭам уаҩуп. Исҭахуп сазааҭгыларц сара издыруа, исаҳаз, исгәалашәо атәы еиҭасҳәарц.

Аԥсны аибашьра ишалагаз Ҟарачы-Черқьестәылатәи Ареспублика ауааԥсыра зегь реиԥш, Саша иаҳаит ателерадиодырраҭарақәа рыла. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны иара иҭахын егьырҭ ареспубликақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала иаауаз дрыцны акаҵәара дхыҵырц. Иаҭахыз маҭәа-ҩыҭәала иҽеибиҭеит. Аха ахәылԥаз Саша иҟны еизеит Аԥсныҟа аибашьрахь амҩа дшықәлоз атәы заҳаз иҩызцәа, иашьцәа. Убасҟан аӡәырҩы уи ихымҩаԥгашьа ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит, иагьидгылеит, аха иашьцәа руаӡәк убас иҳәеит: «Саша, ҳашьа гәакьа, акаҵәара ухыҵырц, ҳашьцәа аԥсуаа абџьарла иухьчарц уӡбеит. Иҭабуп убри азы, ҳара убри ҳаҿагылом, аха узлеибашьуазеи ублақәа алашара маҷӡан ирбозар?»

Абарҭ ажәақәа рышьҭахь, акыр ианеимарк, ианеиҿарк ашьҭахь Саша иашьцәа ргәаанагара дақәшаҳаҭхеит, уа даанхеит. Аблабаразы 2-тәи агәыԥ иман усҟан, уажәы – 1-тәи агәыԥ.

Аха Саша иҿи-инапи еиқәыԥса дтәамызт, илшоз, ииԥшаауаз, еидикылоз зегьы акаҵәарала иааишьҭуан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан апатронақәа, аџьаԥҳаны. Ари Аԥсны аешьаратә жәлар ирзыҟаиҵоз раԥхьатәи цхырааран. Усҟан асеиԥш иҟаз абџьар, аџьаԥҳаны даараӡа иаҭахын. Хыхь еиқәсыԥхьаӡаз Саша џьара иԥшаауан, иахьиԥшаауазгьы аӡәгьы издыруамызт. Уи аӡбахә аҳәара ҟаломызт, ааи иахьагьы – 30 нҭыкәкәа ишцахьоугьы.

Абџьар аҩбатәи апартиа Саша Аԥсныҟа иааишьҭит ҭагалан, 1992 шықәсазы. Уи иаҳа абџьар ӷәӷәан. Ҟарачы-Черқьестәылан Саша иеиԥш иҟаз рацәаҩын. Шьоукы абџьарла, џьоукы фатәыла-жәтәыла, ахәшәқәа рыла, амаҭәа ԥхақәа рыла ацхыраара ҟарҵон.

Ишдыру еиԥш, Аԥсныҟа иаауан Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа зегьи  Алада Урыстәылеи рҟнытә ахьчаҩцәа. Ахатәгәаԥхарауаа, убас Алеқсандр Малхозов иеиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны аԥсуа жәлар аиааит, ртәыла аӷа дықәырцеит, Аԥсынгьы ихьыԥшым ҳәынҭқаррахеит. Ҳара еснагь иаҳгәалашәалоит Аԥсны зхы ақәызҵаз ранацәа, рабацәа. Аԥсуа жәлар урҭ афырхацәа ахаангьы ирхашҭраны иҟаӡам.

1992 шықәса декабр азы Алеқсандр Малхозов дахьынхауа Ԥсыж аҭыԥ рзылырхит Аԥснытәи ахҵәацәа, ахәыҷбаҳчақәа рҟны иныҟәыргон 40-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа, аҳәса. Абри аул аҿы инхоит абазақәа. Урҭ Аԥснытәи ахҵәацәа рыӡбахә анраҳа ахәыҷбаҳчахь инеиуан, афатәқәа, амаҭәа ԥхақәа рызнаргон.

Саша, Мери, лан Фатимаҭ иааиԥмырҟьаӡакәа, ибжьамыжьӡакәа ахәыҷбаҳчахь инеиуан, ахәыҷқәа ирылшоз рызнаргон: афатәқәа, ашәырқәа, аԥара уҳәа. Иара убри абаҳчаҿы аӡәырҩы аҳәсеи ахәыҷқәеи дареи аиҩызара рыбжьалеит. 30 шықәса шыҵхьоугьы, реимадарақәа ирыцырҵоит, ҭаацәаныла рчарақәа рахь имҩахыҵуеит. Асасдкылара злоу Мери еснагь Аԥснынтәи асасцәа дырԥылоит. Рыҩнаҭа уаала иҭәуп…

1996 шықәсазы Ԥсыж аулынтәи даазгеит Аслан Малхозов (Саша иԥеиҳаб). Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет дҭалеит, аҵара иҵон, сара сҟны дынхон. 1998 шықәсазы дшыстудентыз, Аслан бзиа дибеит аԥсуа ҭыԥҳа, Гәынаа рыжәлантә еиуоу, иӡбеит ԥҳәысс дигарц. Сыҩнаҭаҿы ачара рзызуит. Уи акыр шықәса ргәалашәараҿы иҟан ҳара ҳгәакьацәа, ҳгәылацәа аӡәырҩы. Убасҟан абаза ҷкәыни аԥсуа ҭыԥҳаи раԥхьаӡатәи рчара акәзар ҟаларын. Наҟ-ааҟ аҭаацәарақәагьы даара агәалаҟазаара бзиа рыман. Ирызҳауеит Аслан иҷкәынцәа ҩыџьа – Асҭани Мураҭи.

Аибашьра ашьҭахьгьы Саша иашьцәа аԥсуа дышрыцхраац дрыцхраауан. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсныҟа иааигахьан афатәқәа: ашьақар, акартош, ачашыла, аҭубар уҳәа егьырҭгьы. Абарҭқәа зегьы рзишон аинвалидцәа, аибашьраан забацәа ҭахаз ахәыҷқәа, идырцәа.

Ааԥсара зқәым абри ауаҩ хәыцырҭас имоу Аԥсны шәҭыкакаҷларц, аԥсуаа рыжәҩан цқьазарц, инха­ларц-инҵларц ауп. Иҭабуп ҳашьа, аԥсуа жәлар рзы иҟоуҵаз зегьы рганахьала. Ҩаԥхьа иузеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, насыԥла иҭәу ашықәс рацәа, аринахысгьы ақәҿиарақәа! 


Сулико Шәырдлаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me